Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2024 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Қырҭтәыла аҧыза-министр Швециа жәларбжьаратәи аҿиареи, аусеицуреи, адәныҟатәи ахәаахәҭреи рзы аминистр диҧылеит Print Version

2024-05-07

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Швециа жәларбжьаратәи аҿиареи, аусеицуреи, адәныҟатәи ахәаахәҭреи рзы аминистр Иоҳан Форсел диҧылеит.

Аиҧылараҿы аганқәа рхаҭарнакцәа ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа ирылацәажәеит, ишазгәаҭаз ала, арҭ аизыҟазаашьақәа аполитикеи, иара убас, ахәаахәҭреи аекономикеи, атәылахьчареи, ашәарҭадареи, аҵареи, акультуреи аусхкқәа рҿы алҵшәа бзиа рхылҵит.

Излацәажәаз атемақәа иреиун „Атәым анырра аартызаара иазку" азакәанпроект. Аҧыза-министр ишазгәеиҭаз ала, азакәанпроект хықәкык ауп иамоу, иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәеи иашьашәалоу амедиахархәагақәеи шықәсыкахь знык афинанстә декларациа цәырыргароуп, уи Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә хьыҧшымра арҕәҕәара иацхраауеит.

Аиҧылараҿы хшыҩзышьҭра рызун ашәарҭадара аганахьала арегионаҿ иҟоу апроблемақәеи Қырҭтәыла евроинтеграциа апроцесси. Аҧыза-министр иаҵшьны иазгәеиҭеит ари апроцессаҿ Қырҭтәыла аиҳабыра рҽазышәареи мраҭашәаратә партниорцәа рҟынтә адгылареи аҵакы.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура