Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2024 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Аҧыза-министр Франциатәи Аҿиара афонд агенералтә директор ихаҭыҧуаҩ диҧылеит Print Version

2024-05-02

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Франциатәи Аҿиара афонд (AFD) агенералтә директор ихаҭыҧуаҩ Бертран Валкенер диҧылеит.

Аиҧылараҿы аҧыза-министр иаҵшьын иазгәеиҭеит ари афонд атәылаҿ астратегиатә проектқәа рынагӡара ишацхраауа, акрызҵазкәа апроектқәа аҧара шырзоунашьҭуа. Аиҳабыра рнапхгаҩы AFD агенералтә директор ихаҭыҧуаҩ уи азыҳәан ҭабуп ҳәа иеиҳәеит.

Аиҧылараҿы иаҵшьны иазгәаҭан Қырҭтәылеи Франциеи ҩ-ганктәи реизыҟазаашьақәеи Қырҭтәыла акандидат астатус анашьара апроцессаҿ Франциа аиҳабыра Қырҭтәыла иазаадырҧшыз адгылара ҕәҕәеи.

Аиҧылараҿы хшыҩзышьҭра рызун наҟ-наҟ аусеицура арҭбааразы иҟоу аперспективақәа. Ишазгәаҭаз ала, Қырҭтәылеи Франциатәи аҿиара афонди апартниорра иазкны ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра аусеицура арҭбаара иацхраауеит. Иара убас, ишазгәаҭаз ала, AFD апроектқәа Қырҭтәыла аиҳабыра рзы аҧыжәара змоу аусхкқәа ирышьашәалоуп, аганқәа наҟ-наҟгьы ари ахырхарҭала активла аусеицура нарыгӡоит.

 

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура