Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2024 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Қырҭтәыла аҧыза-министр Адунеи абанк анагӡаратә директор диҧылеит Print Version

2024-05-02

Аиҧылараҿы ахадаратә ҵакы аман аҵыхәтәантәи ҩажәеижәаба шықәса рыҩныҵҟа Қырҭтәылеи Адунеи абанки рыбжьара қәҿиарала имҩаҧысуаз аусеицуреи атәыла аекономикатә азҳареи аҿиареи апроцессаҿ абанк Қырҭтәыла иазоунашьҭыз ацхыраара аҵаки.

Ишазгәаҭаз ала, Адунеи абанк афинанстә цхыраарала, амҩатә инфратсруктуреи, аенергетикеи, аҵареи, ақыҭанхамҩеи уҳәа, еиуеиҧшым аекономикатә усхкқәа рҿы, иара убас, - арегионалтәи, амуниципалтәи, атехнологиатәи аҿиара ахырхарҭалагьы акрызҵазкәа апроектқәа мҩаҧган. Зынӡа арҭ апроектқәа ирзоушьҭын 4 миллиард адоллар. Уажәазы абанк Қырҭтәылаҿ 15 проектқәа нанагӡоит, зынӡа урҭ ирылаҵоуп 1,5 миллиард адоллар.

Аиҧылараҿы иаҵшьны иазгәаҭан амакроекономикатә ҭышәынтәалара ахьчара азҵаара Қырҭтәыла аиҳабыра рзы иамоу аҧыжәареи, иара убас, аструктуратә реформақәеи, ауаҩытәыҩсатә капитал ареформеи, ари ахырхарҭала Адунеи абанк атәыла иазоунашьҭыз ацхыраареи, аҧыза министр уи азыҳәан абанк анапхгара ҭабуп ҳәа реиҳәеит.

 

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура