2023-10-25
Қырҭтәыла даҭааит Азербаиџьантәи ареспублика аҧыза-министр Али Асадов.
Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазаҿ Азербаиџьантәи ареспублика аҧыза-министр иҧылеит Қырҭтәыла арегионалтә аҿиареи аинфраструктуреи рзы аминистр - Иракли Қарселаӡеи, Қырҭтәыла иҟоу Азербаиџьантәи ареспублика ацҳаражәҳәаҩ - Фаид Гулиеви, Азербаиџьантәи ареспубликаҿ иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ - Зураб Патариӡеи.
„Қарҭтәи Абырфынтә мҩа афорум" аҽалархәразы Қырҭтәыла иаҭааиз Али Асадов аделегациа ицуп.
Афорум аофициалла уаҵәы аадыртуеит.
Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура