2023-10-10
Аофициалтә визитла Қырҭтәыла даҭааит Венгриа аҧыза-министр - Виктор Орбан.
Венгриа аҧыза-министр дицуп иҧҳәыс - Анико Леваи.
Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазаҿ Венгриа аҧыза-министр иҧылеит Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр - Илиа Дарчиашвилии, Венгриа иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ - Ҭамар Лилуашвилии, Қырҭтәыла иҟоу Венгриа ацҳаражәҳәаҩ - Ана Мариа Шикои.
Виктор Орбан Қырҭтәыла даҭааит аделегациа иманы.
Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Виктор Орбани Иракли Ҕарибашвили ишиашо аформатаҿ еиҧылоит. Иара убас, имҩаҧысуеит Қырҭтәыла-Венгриатәи аиҳабырабжьаратә комиссиа аилатәара, уи анеҩс, аганқәа рхаҭарнакцәа амеморанадум рыбжьарҵоит.
Қырҭтәылеи Венгриеи рҧыза-министрцәа амедиазы аҳәамҭақәа ҟарҵоит.
Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура