Қырҭтәылa aиҳaбырa – Қырҭтәылa aиҳaбырa 2024 шықәсaзтәи реилaтәaрaқәa

2024 шықәсa хәажәкыра 27 рзы имҩaҧгaз aиҳaбырa реилaтәaрa Print Version

2024-03-27

30 шықәса раҧхьа ҳмилаҭтә аизга аҭоурых иалагеит, 30 шықәса рыҩныҵҟала раҧхьаӡа акәны, зранг ҳараку атурнир ашҟа - Европа ачемпионат ашҟа аиасра ҳалшеит, ҳәарада, ҳара ари ахҭыс ҷыдала ҳгәы аздууп, - иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе аиҳабыра реилатәараҿы.

Аҧыза-министр рызынтәгьы аҭоурыхтә аиааиреи ақәҿиара дуи рыдиныҳәалеит.

„Иахьа иалкаау мшуп, ацәанырра ду зцу мшуп, убри аҟынтә, иахьатәи аилатәарагьы ҷыдоуп. Шәызынтәгьы - ҳтәылауаа зегьы, аемигрантцәагьы, насгьы, зегьы реиҳа ихадоу, ҳшьапылампыласҩцәа, шәызынтәгьы иацтәи аҭоурыхтә аиааира, ақәҿиара ду шәыдысныҳәалар сҭахуп. 30 шықәса раҧхьа ҳмилаҭтә аизга аҭоурых иалагеит, 30 шықәса рыҩныҵҟала раҧхьаӡа акәны, зранг ҳараку атурнир ашҟа - Европа ачемпионат ашҟа аиасра ҳалшеит, жәаҳәарада, ҳара ари ахҭыс ҷыдала ҳгәы аздууп. Ажәала исызшәаҳәом иацтәи амш изакәытә цәаныррақәоу, гәырҕьароу, агәдуроу иаҳзаанагаз, иацтәи амш ҳтәыла зегьы еиднакылеит ҳәа уҳәар ҟалоит.

Ҳәарада, раҧхьа иргыланы, ашьапылампыласҩцәа, ҳмилаҭтә аизга алахәылацәа ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп. Дара иацтәи аиааира ргәыи рыҧси аларҵеит; ҳгәы зыздуу афранцыз азыҟаҵаҩ Вили Саниоли анапхгара ззиуа азыҟаҵаратә штаб, ахада, амаӡаныҟәгаҩ хада, авице-ахадацәа, - рызынтәгьы ҷыдала ҭабуп ҳәа расҳәоит. Иацы иаабаз ақәҿиаразы акыршықәса рыҩныҵҟа ҳҽазыҟаҳҵон. Иара убас, аветеран ашьапылампыласҩцәагьы иацтәи аҭоурыхтә ақәҿиара рыдысныҳәалар сҭахуп, дара жәашықәсақәа рыҩныҵҟа абри ақәҿиара аҧырҵон; ҳветеранцәа, лаҵара 13 афырхацәа ирыдысныҳәалоит, дара ҷыдала ирыдысныҳәалар сҭахуп; иара убас - амилаҭтә аизга иалахәыз абиҧарақәа зегьы рхаҭарнакцәа ирыдысныҳәалоит, дара абри аиааираҿы алагала ҷыда ҟарҵеит. Иацы ҳаҷкәынцәа иаҳзааргаз абри аиааира даргьы ирыбзоуроуп", - иҳәеит аҧыза-министр.

Аиҳабыра рнапхгаҩы иажәақәа рыла, Аҳаҭыртә орден роуеит 26-ҩык ашьапылампыласҩцәеи, азыҟаҵаратә штаби, афедерациа анапхгареи.

„Иацы апарламент ахантәаҩи Шьалуа Папуашвилии сареи аӡбара ҳадаҳкылеит ҳгәы зыздуу ҳаизга алахәылацәа зегьы Аҳаҭыртә орден ранашьара иазкны. Аилыркаарақәа ҟасҵар сҭахуп, Аҳаҭыртә орден роуеит афиналтә матчқәа ирылахәы 26-ҩык ахәмарҩцәа. Рызынтәгьы Аҳаҭыртә орден аиура рыдысныҳәалоит. Иара убас, Аҳаҭыртә орден аиуразы иқәҳаргылоит азыҟаҵаратә штаби афедерациа анапхгареи. Аиашаз, арҭ ауаа изыҧсоу рацәоуп. Уи атәылантә, аҳәынҭқаррантә ироур ирылшо аминималтә аҭабуроуп. Ҳшьапылампыласҩцәа, ҳмилаҭтә аизга, афедерациа даҽазнык ишәыдысныҳәалоит. Ҳаҧхьаҟа ақәҿиара дуқәа ҳзыҧшуп. Ҳмилаҭтә аизга Европа ачемпионатаҿ ақәҿиара азеиҕьасшьоит", - иҳәеит аҧыза-министр.

 

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура