Қырҭтәылa aиҳaбырa – Қырҭтәылa aиҳaбырa 2024 шықәсaзтәи реилaтәaрaқәa

2024 шықәсa хәажәкыра 11 рзы имҩaҧгaз aиҳaбырa реилaтәaрa Print Version

2024-03-11

  ..

Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҟынтә ахҵәацәеи, аџьауси, агәабзиарахьчареи, асоциалтә ахьчареи рзы министрс дҟаҵоуп Михаил Сарџьвелаӡе, уи ибзианы дыжәдыруеит. Иара ҳполитикатә гәыҧ далахәижьҭеи акрыҵуеит, ззанааҭ здыруа, аламыс змоу уаҩуп, даҽазнык ақәҿиарақәа изеиҕьасшьар сҭахуп, - иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы.

Аиҳабыра радминистрациа напхгаҩыс дҟаҵоуп Леван Жоржолиани, иара акыршықәса рыҩныҵҟа Қарҭтәи Сакребуло далахәын, аиуристтә комиссиа дахантәаҩын.

„Иара зквалификациа ҳараку диуриступ. Ҳаҭыр зқәу Левангьы ақәҿиарақәа изеиҕьасшьар сҭахуп. Ника Тҟемалаӡе аиҳабыра радминистрациаҿы иҟоу Арегионқәа рҟны аизыҟазаашьақәа рзы адепартамент анапхгаҩыс дҟаҳҵеит. Иара аквалификаициа бзиа имоуп. Арегионқәа рҿы имҩаҧысуа аусура ахаҭабзиара ҳаракызароуп, уи аҵакы ду амоуп. Ари ахырхарҭа адепартамент аҟынтә хшыҩзышьҭра ду амазароуп, агәра ганы сыҟоуп ҳаҭыр зқәу Ника зыӡбахәы ҳәоу адепартамент анапхгаҩцәа зегы дышреиҕьхо", - иҳәеит аҧыза-министр.

Аиҳабыра рнапхгаҩы Зураб Абашиӡе инаигӡаз аусуразы ҭабуп ҳәа иеиҳәеит, Абашиӡе аҧыза-министр ибжьагаҩс дҟарҵеит.

„Ҳаҭыр зқәу Зураб Абашиӡе иара ихаҭа инапынҵақәа шьҭеиҵарц иӡбеит. Ишыжәдыруа еиҧш, иара акыршықәса рыҩныҵҟа Урыстәылаҟны аизыҟазаашьақәа рызҵаарақәа рзы аҧыза-министр ихаҭарнак ҷыдас дыҟан, 10 шықәса инареиҳаны қәҿиарала ари аус наигӡон. Иара ибзоурала, еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла ақәҿиара дуқәа ҳаман. Акыршықәса рыҩныҵҟа аҳәынҭқарра амаҵ ауразы ҭабуп ҳәа иасҳәар сҭахуп, амаҵзураҭыҧ ҿыц аҿы ақәҿиарақәа изеиҕьасшьоит. Ҳаҭыр зқәу Зураб Абашиӡе аҧыза-министр ибжьагаҩ иҭыҧ ааникылоит. Ари азҵаара иадҳәаланы сажәалагала ахьидикылаз азыҳәан ҭабуп ҳәа иасҳәоит. Урыстәылаҟны аизыҟазаашьақәа рызҵаарақәа рзы аҧыза-министр ихаҭарнак ҷыдас дҟалоит Гьаргь Қаџьаиа, иара акыршықәса рыҩныҵҟа Швеицариатәи аконфедерациа ацҳаражәҳәарҭаҿы Қырҭтәыла аинтересқәа рсекциа данапхгаҩын, иахьарнахыс иара Урыстәылаҟны аизыҟазаашьақәа рызҵарақәа рзы аҧыза-министр ихаҭарнак ҷыда иҭыҧ ааникылоит", - иҳәеит аҧыза-министр.

Иахьатәи аилатәараҿы аиҳабыра рнапхгаҩы ихьанҭаӡоу ацәгьаурақәа рзы ахара зду ҧасатәи аиустициа аминистри апрокурор хадеи Зураб Адеишвили Бриуссели Берлини ивизитқәа дрыхцәажәан, ишазгәеиҭаз ала, ари афакт агәыҧжәара изнарҵысит. Кобахиӡе иажәақәа рыла, ари ахҭыс хымҧада ақәҿыҭра аҭатәын.

Аиҳабыра рнапхгаҩы Евроеидгылеи Германтәылеи рыцҳаражәҳәаҩцәа рҟны аиҧыларақәа мҩаҧызгаз адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили ҭабуп ҳәа иеиҳәеит.

„Зыӡбахәы ҳәоу ахҭыс агәыҧжәара сызнарҵысит, ари азҵаара иадҳәаланы даҽазнык спозициа аасырҧшыр сҭахуп. Зураб Адеишвили дызусҭоу ҳазынтәгьы ибзиаӡаны иаадыруеит. Иара арепрессиатә режим ахадаратә авторцәа, ахадаратә хаҭарнакцәа, ари арежим алидерцәа дреиун. Ари арежим иалаӡит ауаа рацәа рыҧсҭазаареи, ргәабзиареи, рмышәхыбзазареи. Зураб Адеишвили аконкреттә усқәа рзы иус ӡбоуп, уи адагьы, 2 уск рзы ахара идуп. Ихьанҭаӡоу ацәгьаурақәа роуп ҳазлацәажәо, иаҳҳәап, акоммерциатә обиект, аҩытә зауад закәандарала амхра аус. Шәсықәшаҳаҭхар ҟалап, ари ацәгьаура мариам. Иара ихароу аусқәа иреиуп ателееилахәыра „Ибериа" ампыҵахалара аусгьы, уигьы амедиа иаҿагыло ихьанҭаӡоу ацәгьауроуп; Коба Давиҭашвили имҵарсреи гәымбылџьбарала ипҟареи аус, Зураб Адеишвили ихаҭа ари аус далахәын; абаандаҩцәа рыргәаҟра аус, „Қарҭу банк" акәатәра аус уҳәа, абарҭ ацәгьаурақәа рзы иус рыӡбахьеит. Ихьанҭаӡоу ацәгьаурақәа ҳрылацәажәоит, абри аҩыза ауаҩы Евроеидгылаҿ ихы дақәиҭны данеиҭаҵуа, уи ҳазынтәгьы ҳгәы ҧнажәоит. Иара убас, Зураб Адеишвили ахара идуп абҵара 7 рзы амчылареи Бута Робақиӡе ишьра ацәгьаура аҵәахреи аус азы. Ихьанҭаӡоу аконкреттә ацәгьаурақәа ҳрылацәажәоит. Абри аҩыза ихьанҭаӡоу ацәгьаурақәа рзы ахара зду, зус рыӡбахьоу ауаҩҧсы украинатәи аделегациа аилазаараҿы Европаҿ ихы дақәиҭны дшеиҭаҵуа анаабо, уи ҳгәы ҧнажәоит, ари афакт ақәҿыҭра аҳамҭар ҟаломызт. Абри афакт европатәи абиурократиа азинтә ҳәынҭқарра апринципқәа ирызгәыкуп ҳәа иҟоу агәаанагара иҵнашәаауеит. Убри адагьы, даҽа фактқәакгьы иҟоуп, ашьаусҧшаараҿы иҟоу ахаҿқәа Евроеидгыла ақәыҧшылараҿы рхы иақәиҭны еиҭаҵуеит, аха, арҭ ауаа иахьагьы Евроеидгыла атәылауаа ирҿагыланы ихьанҭаӡоу ацәгьаурақәа шыҟарҵаз азы иҵаҵгәырку агәҩара иҟоуп", - иҳәеит аҧыза-министр.

Аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы аҧыза-министр Украина атемагьы далацәажәеит. Иракли Кобахиӡе ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла аиҳабыра агәыҕра ду рымоуп Украина анапхгара аҵыхәтәантәи аамҭазы ирыдыркылаз абарҭ аӡбарақәа реиҭахәаҧшра рылшап ҳәа.

Ҳара акыраамҭа иалагӡаны аконкреттә аҳәамҭақәа ҟаҳҵомызт, Украина аибашьра иаҿуп, ҳәарада, убри амшалоуп аҳәамҭақәа зыҟаҳамҵоз, - иҳәеит аҧыза-министр, аха, иара ишазгәеиҭаз ала, хҭысқәак хымҧада ақәҿыҭра рыҭатәуп.

„Ишыҟазаалакгьы, ҳара абри арежимаҿ аусура наҳагӡоит, уи ганкахьалатәи аиҩызара арежимоуп иахьӡу, избанзар ҳара аукраин жәлари, украинатәи аҳәынҭқарреи, ҳтәылақәеи ҳажәларқәеи рыбжьара ишьақәгылаз аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа пату рықәаҳҵоит.

Аха, ус ишыҟоугьы, хҭысқәак хымҧада ақәҿыҭра рыҭатәуп. Ҳара ҕәҕәала Украина ҳадгылоит. Уи ажәала мацара акәымкәа, аконкреттә аусқәа рылагьы ишьақәырҕәҕәоуп, иаҳҳәап, ҳара жәларбжьаратәи аплатформақәа рҿы ихиаалаз 600 инареҳаны иашьашәалоу аӡбарақәеи актқәеи ҳрылахәып. Ҳара иахьагьы, агуманитартә ганахьала аукраин жәлар ҳрыцхраауеит. Уи аамҭазы иҟалаз афактқәа шәгәаласыршәар сҭахуп. 2022 шықәса хәажәкыра 1 азы, Украина аибашьра ианалага анеҩс мышқәак рышьҭахьҵәҟьа, Украина анапхгара Қырҭтәыла иҟаз Украина ацҳаражәҳәаҩ ддырхынҳәит, уи ихьанҭаӡоу, иузеилымкааша фактуп. Усҟан ҩ-мзызк рҳәеит: асанкциақәа рышьақәмыргылареи ақәҧаҩцәа - ахалагәаҧхаҩцәа Украинаҟа рдәықәҵаразы мапкреи. Ишәгәаласыршәар сҭахуп Украина имҩаҧысуа аибашьра зынӡаскгьы ҽакала иазныҟәо имаҷымкәа атәылақәа шыҟоу, аха, Украина иахьагьы арҭ атәылақәа рҿы ацҳаражәҳәаҩцәа амоуп. Арҭ атәылақәа рҟынтә ацҳаражәҳәаҩцәа дмырхынҳәит. Усҟан Украина анапхгара абри аҩыза аӡбара зрыдыркылаз ҳзеилкаауам. Иара убас, ишәгәаласыршәар сҭахуп ҵыҧх, рашәара 3 рзы, ҳтәыла ацҳаражәҳәаҩ Украина дшалырцаз", - иҳәеит Иракли Кобахиӡе.

Аҧыза-министр ишазгәеиҭаз ала, аибашьра ианалагаҵәҟьа инаркны Киев иҟаз ацҳаражәҳәаҩ иоуп излацәажәо.

„Ҵыҧх, даӡәымкәа адипломатцәа, европатәи атәылақәеи Америкеи рдипломатцәагьы, ашәарҭара амшала Киев иқәҵит, уи уамашәа иубаратәы иҟам, аха, ишәгәаласыршәар сҭахуп Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ, апринципра аарҧшны, Киев дықәымҵит, аибашьра раҧхьатәи амшқәа индыркны Украина дыҟан, украинаагьы дрыцхраауан, агуманитартәи аполитикатәи зҵаарақәа рҿы, абарҭ азҵаарақәа рҭыҧқәҵара далахәын. Абри аҩыза ауаҩы, амзыз ҧаршеи амшала Украина ақәҵра идарцалеит, Михаил Саакашвили аҧсра даҿушәа ҿыҵгас иҟаҵаны. Иахьа ари аҿыҵга ҳахәаҧшыр, уи иччархуп. Иара убас, убасҟан Украина анапхгара аҳәамҭа аладырҵәеит, ацитата шәзаазгар сҭахуп, Урыстәыла анапхгара Қырҭтәыла анапхгара рнапала „Михаил Саакашвили дыршьуеит" ҳәа. Хықәкыла иҟаҵаз абри ашьаҿа ҩ-жәларык рыбжьара ишьақәгылаз аҭоурыхтә аиҩызара иаҧырхагоуп, ҳара иааҧҵәаны уи ҳақәшаҳаҭым.

Украина анапхгараҿы иахьагьы амаҵзураҭыҧ дуқәа ааныркылоит еиуеиҧшым ацәгьаурақәа рзы ашьаусҧшаараҿы иҟоу, мамзаргьы азыӡба зқәырҵахьоу ахаҿқәа. Ари аганахьала, ҷыдала иалкаатәуп Зураб Адеишвилии, иара убас - Гьаргь Лордқьиҧаниӡеи. Лодқьиҧаниӡе ихьанҭаӡоу амчылратә ацәгьаурақәа инарываргыланы, Михаил Саакашвили закәандарала Қырҭтәыла аҳәаа ахысраҿы ицхрааразы ахара идуп. Уи зыршаҳаҭуа ауаа иҟоуп. Михаил Саакашвили закәандарала Қырҭтәылаҟа иаара ашьҭахь, Лордқьиҧаниӡе Украина Аконтрҧшыхәратә маҵзура аиҳабы ихаҭыҧуаҩс дҟарҵеит, ари афактгьы иадҳәаланы зҵаарақәак ҳазцәырҵит", - иҳәеит аиҳабыра рнапхгаҩы.

Иракли Коабахиӡе иҳәамҭала, абарҭ ашьаҿақәа зыҟарҵаз еилкаам.

„Агәыҕра ду ҳамоуп Украина анапхгара Қырҭтәылеи Украинеи, ақырҭуааи аукраин жәлари реиҩызаратә еизыҟазаашьақәа ирҧырхагоу аӡбарақәа аханатә ирыхәаҧшып ҳәа. Иара убас, агәыҕра ду ҳамоуп ихьанҭаӡоу ацәгьаурақәа рзы ахара зду ахаҿқәа Қырҭтәыла иарҭап ҳәа. Уи ҩ-тәылак реиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рыхьчаразы зда ҧсыхәа иҟам ҭагылазаашьоуп. Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп аполитикцәа ирыдыркыло аӡбарақәа зеиҧшразаалакгьы, аҭоурыхтә ашьаҭа ҕәҕәа змоу ҳаиҩызаратә еизыҟазаашьақәа ҧырхагак шырмоуа. Абри аҭоурыхтә ашьаҭа убас иҕәҕәоуп, уи ахыбгалара зылшаша мчык иҟам, аха, ҳәарада, аполитикцәа рыӡбарақәагьы аҵакы ду рымоуп", - иҳәеит аҧыза-министр.

Иара убас, иахьа аҧыза-министр амчтә структурақәа рахь ааҧхьара ҟаиҵеит анаркоацәгьаура иаҿагыло ақәҧара иаҳа алҵшәа ахылҵыр азыҳәан, иаку аплан ҿыц еиқәдыршәарц.

Анаркополитика ажәлар рзы зҵакы дуу проблемоуп, ҳполитикатә гәыҧ алахәылацәагьы лассы-лассы ари азҵаара иалацәажәоит. Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр, ҳаҭыр зқәу Вахтанг Гомелаури ҭабуп ҳәа иасҳәар сҭахуп аҵыхәтәантәи аамҭазы имҩаҧгаз зҵакы дуу аоперациақәа рзы, анаркотикқәа рыҭиҩцәеи, аҳақәеи аарҧшын, аха, анаркотикқәа рыҭиреи рхархәареи афактқәа уажәгьы иҟоуп, убри аҟынтә, ари ахырхарҭала иҵегьы иҟаҵатәу рацәоуп, - иҳәеит аҧыза-министр.

Иракли Коабахиӡе иҳәамҭала, ари азҵаара лоиалла азныҟәара ҟалом - ахархәаҩцәа ацхыраара рыҭатәуп, аха, анаркотикқәа зҭиуа ауааҧсыра излауа ала иџьбараны ирызныҟәатәуп, аиҳабыра абри ахырхарҭала абри аҩыза аполитика мҩаҧыргароуп.

„Абри азҵаара иадҳәалоу асистематә хҭысқәакгьы иҟоуп. Аларҵәара змоу терминк иҟоуп - алибералтә наркополитика, уи ҳара апсевдолибералтә идеологиа ҳәа ззаҳҳәо аидеологиа анагӡароуп ҳәа сгәы иаанагоит, ҳара ари аидеологиа ҳаҿагылароуп. Уи ҳажәлар ирыхәаша аидеологиам ҳәа сгәы иаанагоит. Анаркотикқәа агәабзиара мацара акәымкәа, ҳпринципқәагьы иқәырхуеит, уи апсевдолибералтә идеологиа аҳасабтәқәа иреиуп, аҿар рыгәҭа амилаҭтә принципқәа рықәхра иазкуп, ҳара уи ҳаҿагылароуп.

Аамҭак иалагӡаны, арҭ ауаа, алибералтә наркополитика аидеологиа апропаганда аганахьала ақәҿиарақәа рыман, аха, ҳара уи ҳҽанраалараны ҳаҟам. Ари азҵаара лоиалла азныҟәара ҟалом. Ҳәарада, сара анаркотикқәа рхархәаҩцәа ракәӡам сызлацәажәо, дара ацхыраара рҭахуп, анаркотикқәа рхархәара иаҟәыҵратәы иҟаҳҵароуп, ари аус аҿы ҳрыцхраароуп. Уи ҳнарпополитикаҿы ахадаратә ҳасабтәзароуп, аха, анаркотикқәа зҭиуа ауаа ирыдҳәаланы ҳполитика излауа ала иҳарџьбароуп.

Иара убас, апсихотроптә апҭекақәа хшыҩзышьҭра ду рзутәуп, уи ҷыдала иазгәаҭатәуп, ҳуааҧсыра ари азҵаарагьы лассы-лассы иалацәажәоит. Иашьашәалоу аминистррақәа зегьы, чыдала амчтә структурақәа срыҳәар сҭахуп анаркоацәгьаура иаҿагыло ақәҧара иаҳа алҵшәа ахылҵырц азыҳәан, иаку, аплан ҿыц еиқәдыршәарц,"- иҳәеит аҧыза-министр.

Иахьатәи аилатәараҿы аиҳабыра рнапхгаҩы абна-ҵла закәандарала ахҵәара азҵаарагьы дазааҭгылан, ишиҳәаз ала, ашьауҕатә закәанеидкыла аҧсахрақәа алагалатәуп, анеҩс, урҭ рышьаҭала, ахьырхәра ирџьбаратәуп.

Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, хара имгакәа зыӡбахәы ҳәоу азакәанпроект аус адулара иалагоит.

„Ҳтәылауаа абна-ҵла закәандарала ахҵәара иадҳәаланы исыдҵаалт. Ари азҵаара конкретла ҳалацәажәеит, аконкреттә регионқәа рҿы аҩхаақәа рҿы абнақәа аҧҟара иаҿын. Сара афактқәеи ашаҳаҭгақәеи сымам, арҭ афактқәа иахьынӡаиашоу сызшәаҳәом, аха, ишыҟазаалакгьы, иҟалар зылшо абри ацәгьаура апревенциа ҳалшарц азыҳәан, ари азҵаара хшыҩзышьҭра ҷыда аҳҭароуп. Ҳаҭыр зқәу Оҭар Шамугиа иахьатәи аилатәараҿы дыҟам, ҧсшьара дыҟоуп, ари азҵаара иадҳәаланы ҧыҭраамҭак ашьҭахь ҳиацәажәоит. Аминистррагьы амчтә структурақәагьы ари азҵаара хшыҩзышьҭра ҷыда азырур сҭахуп. Абна-ҵла закәандарала ахҵәара ихьанҭаӡоу ацәгьауроуп, чыдала, ирацәаны ихырҵәозар. Абри ацәгьаурагьы даараӡа ихьанҭоуп, избанзар, игыло абиҧарақәеи ҳуааҧсыреи рзы астратегиатә ҵакы змоу аресурс иқәыӡӡаауеит. Убри аҟынтә, абраагьы хшыҩзышьҭра ҷыдеи апозициа ҕәҕәеи ҳҭахуп, ашьауҕатә закәанеидкыла аҧсахрақәа алагалатәуп ҳәа сгәы иаанагоит, анеҩс, урҭ рышьаҭала, абна-ҵла рацәаны ахҵәаразы ахьырхәра ирџьбаратәуп, зыҧшра ҟамҵакәа азакәанпроект аус адулара ҳалагоит", - иҳәеит Иракли Кобахиӡе.

Иахьа Иракли Кобахиӡе астудентцәеи аҵара иалгахьоу ауааҧсыреи рзы аулафахәы зқәу аҧышәара азҵаарагьы дазааҭгылеит. Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, ари асистема излауа ала алҵшәа бзиа ахылҵырц азыҳәан, астудентцәеи аҿари рҟны аконсультациақәа иалагоит.

Иааиуа амшқәа рзы астудентцәа рҟны, аҿар рҟны аконсультациақәа рымҩаҧгара ҳалагоит аулафахәы зқәу аҧышәара аконцепциа аҵыхәтәантәи асахьа аиурц азыҳәан, ари асистема алҵшәа бзиа ахылҵырц азыҳәан, - иҳәеит аҧыза-министр аиҳабыра реилатәараҿы.

Аиҳабыра рнапхгаҩы аҵареи, аҵарадырреи, аҿар русқәеи рзы аминистр Гьаргь Амилахвари раҧхьатәи аконцепциа аиқәыршәаразы ҭабуп ҳәа иеиҳәеит.

„Ҳара ҭагалан инаркны ари асистема аус аҳаруроуп. Зқьҩыла астудентцәа аҳәынҭқарратәи, иара убас, хазхаҭалатәи аструктурақәа рҿы мызқәак рыҩныҵҟа аулафахәы зқәу аҧышәара ахысра алшара раҳҭароуп. Ари асистема излауа ала ибзиазар ҳҭахуп. Раҧхьатәи ашықәс аҧышәаратә ҟазшьа амазаауеит, ари асистема аиҕьтәра ҳазхәыцуеит. Ари асистема иаразнакҵәҟьа алҵшәа бзиа ахылҵырц азыҳәан, астудентцәеи аҿари хымҧада ари апроцесс иалахәызароуп, уи аҵыхәтәантәи асахьа аиурц азыҳәан аус еицаауроуп", - иҳәеит аҧыза-министр.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура