Қырҭтәылa aиҳaбырa – Қырҭтәылa aиҳaбырa 2024 шықәсaзтәи реилaтәaрaқәa

2024 шықәсa жәабран 12 рзы имҩaҧгaз aиҳaбырa реилaтәaрa

2024-02-12

Актәи авице-аҧыза изинмчқәа ианашьоуп аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр - Леван Давиҭашвили; акультуреи аспорти рзы аминистр Ҭеа Ҵулукиани Қырҭтәыла авице-аҧыза изинмчқәа налыгӡоит; иара убас, атәылахьчара аминистр Иракли Чиқовани Қырҭтәыла авице-аҧыза изинмчқәа ианашьазаауеит, - иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе аиҳабыра реилатәараҿы.

Аҧыза-министр иҳәамҭала, аиҳабыра рстратегиатә коммуникациақәа рзы адепартамент аиҳабыс дҟарҵоит Михаил Ҧеиқришвили.

Иракли Кобахиӡе Иракли Ҕарибашвили хышықәса аиҳабыра анапхгара рыҭаразы ҭабуп ҳәа иеиҳәеит, нас, аиҳабыра аилазаара ҿыц ақәҿиарақәа рзеиҕьеишьеит.

„Мшыбзиақәа, иахьа аиҳабыра аилазаара ҿыц раҧхьатәи аилатәара мҩаҧысуеит. Шәызынтәгьы ақәҿиарақәа шәзеиҕьасшьар сҭахуп. Иҳаҩсыз ашықәсқәа рзы шәара шәызынтәгьы ҳтәылеи, ҳтәыла аҿиареи азы иҟашәҵаз рацәоуп, уи азыҳәан даҽазнык ҭабуп ҳәа шәасҳәоит. Иара убас, ҳаҭыр зқәу Иракли Ҕарибашвили даҽазнык ҭабуп ҳәа иасҳәар сҭахуп хышықәса рыҩныҵҟа аиҳабыра анапхгара рыҭареи ҳтәыла аҿиаразы аус дуқәа рыҟаҵареи азыҳәан.

Ҳуааҧсыра акадртә ҧсахрақәа идсырдырыр сҭахуп.

Ишыжәдыруа еиҧш, актәи авице-аҧыза изинмчқәа ианашьоуп аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр - Леван Давиҭашвили, ақәҿиарақәа изеиҕьасшьар сҭахуп. Акультуреи аспорти рзы аминистр Ҭеа Ҵулукиани Қырҭтәыла авице-аҧыза изинмчқәа налыгӡоит; иара убас, атәылахьчара аминистр Иракли Чиқовани Қырҭтәыла авице-аҧыза изинмчқәа ианашьазаауеит. Иара убас, аиҳабыра радминистрациаҿгьы аиҭакрақәа ҟалеит. Аиҳабыра рстратегиатә коммуникациақәа рзы адепартамент дахагылоит ҳаҭыр зқәу Михаил Ҧеиқришвили. Рызынтәгьы ақәҿиарақәа рзеиҕьасшьар сҭахуп",- иҳәеит аҧыза-министр.

Аиҳабыра реилатәараҿы аҧыза-министр аҧсабаратә рыцҳареи амашәыри раан иҭахаз ауаа руацәа даҽазнык дрыдашшылеит.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, аҧсабаратә рыцҳара амшала 400 раҟара аҩнқәа аӡы рҭалеит, урҭ рҟынтә 300 иреиҳаны аҩнқәа аӡы рҭыргахьеит, аҵыхәтәантәи аихшьаала дырмазеиаанӡа 296 ҭаацәарақәа ишәарҭам аҭыҧашҟа ииагоуп.

„Иҳаҩсыз амчыбжь ҳара хзы даараӡа ихьанҭан. Аҧсабаратә рыцҳара иалаӡит 14-ҩык ауааҧсыра. Рҭаацәеи руацәеи даҽазнык срыдашшылоит. Аҭыҧашҟа снеины, аҧсабаратә рыцҳара алҵшәақәа раҧыхратә усурақәа шымҩаҧысуа гәасҭеит. Иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи, иара убас, аҭыҧантәи анапхгареи иҟарҵаз шырацәоу, ирласӡаны аусура иалагеит, аҧсабаратә рыцҳара амшала апроблемақәа ахьыҟаз ақыҭақәа уажәшьҭа афымцеи аҧсабаратә гази рымоуп, автомобилтә мҩаәа ирласӡаны ирыцқьаны, амашьынақәа рыла аиҭаҵра еиҭашьақәдыргылеит. 400 раҟара аҩнқәа аӡы рҭалеит, 300 раҟара аҩнықәа аӡы рҭыргахьеит.

Аҵыхәтәантәи аихшьаала дырмазеиаанӡа 296 ҭаацәарақәа ишәарҭам аҭыҧашҟа ииагоуп. Иара убас, азарал иҧхьаӡоуп, ауаа акомпенсациа рыҭаразы иахәҭоу адокументациа аиқәыршәара иаҿуп. Иаҭаххар, ацентртә биуџьет аҟынтәгьы аҧара рзоуҳашьҭуеит. Аҧсабаратә рыцҳара алҵшәақәа раҧыхратә усурақәа активла ирылахәыз, иашьашәалоу аминистррақәа зегьы ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп. Урҭ иреиуп Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра, Арегионалтә аҿиареи аинфраструктуреи рзы аминистрра, Аҧсабара ахьчара аминистрра, иара убас, иара убас, ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп аиҳабыра радминистрациаҿы иҟоу Арегионқәа рҟны аизыҟазаашьақәа рзы адепартаменти, аҭыҧантәи анапхгара ахаҭарнакцәеи, аиқәырхаҩцәеи, арҭ аусурақәа ирылахәыз ауааҧсыреи", - иҳәеит аҧыза-министр.

Аҧыза-министр аиҳабыра наҟ-наҟтәи русура дазааҭгылан, ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла аиҳабыра, аартызаареи аҳасабырбареи аганахьала зегьы рзы иҿырҧшыгазароуп.

„Инеизакны иуҳәозар, ҳтәылаҿы исериозу аҳасабтәқәа иҟоуп. Ҳекономика ирласӡаны иҿиаатәуп, ҳазлагаз аинфраструктуратә проект дуқәа аҵыхәанӡа инагатәуп, атәыла ахыхьчаралшареи ашәарҭадареи иаҳа ирҕәҕәатәуп; аҵареи, агәабзиарахьчареи, асоциалтә аиқәыршәареи асистемақәа иаҳа ирҕәҕәатәуп; акультуреи, аспорти, аҿари иаҳа ҳреиҷаҳароуп, насгьы, жәаҳәарада, ҳтәыла адәныҟатәи аполитикатә позициақәа иаҳа ирҕәҕәатәуп.
Излауа ала алҵшәа бзиа аиуразы, ҳусура, аиҳабыра русура мҩаҧгатәуп иҕәҕәаӡоу апринципқәа рышьаҭала. Раҧхьа иргыланы, Қырҭтәыла аиҳабыра аартызаареи аҳасабырбареи аганахала зегьы рзы иҿырҧшыгазароуп ҳәа сгәы иаанагоит. Иҳадаҳкыло аӡбара цыҧхьаӡа ҳуааҧсыра рзы иаартызароуп, егьырҭ аҳәынҭқарратә усбарҭақәа зегьы рҟынтәгьы абри аҩыза азнеишьа ҳаҳәоит.

Иара убас, ҳара инаҳагӡо аусура ахаҭабзиара аиҕьтәра еснагь ҳаиҷаҳароуп, излауа ала агхақәа рырмаҷразы ахаҭабзиара ахылаҧшра амеханизмқәа зегьы ҳарҕәҕәароуп, ауаажәларратә маҵзура ахаҭабзиарагьы абасҵәҟьа ҳаиҷаҳароуп, ауааҧсыра амаҵзура ахаҭабзиара иадҳәаланы ирымоу апретензиақәа излауа ала имаҷхароуп.

Ажәлари, аспециалистцәеи, аусхкы ахаҭарнакцәеи рҟны аконсультациақәа мҩаҧганы атемақәа зегьы ирыдҳәаланы аӡбарақәа ҳадаҳкылароуп. Аконкреттә аӡбарак анҳадаҳкыло, ажәлар еилыкка идҳардырроуп ари аӡбара ҵакыс иамоу, уи зҳадаҳкыло. Ҳусураҿы абри апринцип напхгагас иҳамазароуп.
Актуалтә ҵакы змоу азҵаарақәа иреиуп аклиникатә хәышәтәырҭа ахаҭабзиара. Ари аус аҿы иахәҭоу аӡбара ҳадаҳкыларц азыҳәан, иашьашәалоу аусхкы аспециалистцәа, аҳақьымцәа, ахәышәтәырҭа аколлектив рҟны активла аконсультациақәа мҩаҧгатәуп", - иҳәеит аҧыза-министр.
Аиҳабыра рнапхгаҩы иҳәамҭала, акоррупциа аҿагылара аганахьала атәылаҿы алҵшәа бзиа иҟоуп.

„Ҳара акоррупциа аҿагылара аганахьала алҵшәа бзиақәа ҳамоуп, уи шьақәырҕәҕәоуп жәларбжьаратәи аҭҵаарақәа рацәа рыла, аха, араагьы, араагьы иаҳа идуу амбициақәа ҳамазароуп ҳәа сгәы иаанагоит, ари аганахьала адунеи иреиҕьу атәылақәа рыгәҭа ҳгылазароуп, уи ареалтә ҳасабтәуп. Абарҭ ахырхарҭақәа рыла активла аус ҳуроуп, уи ауп ихадоу. Аиҳабыратә гәыҧ ҕәҕәоуп, агәра ганы сыҟоуп ҳара, ҳаидгыланы, алҵшәа бзиа ҳшауа, уи азыҳәан ахықәки, апринципреи ҳамазароуп, аусура ҳазҿлымҳазароуп, шәара шәызынтәгьы абарҭ аҟазшьақәа шәылоуп. Даҽазнык ақәҿиарақәа шәзеиҕьасшьар сҭахуп, иҭабуп, аусуратә режимахь ҳаиасыр ҳалшоит", - иҳәеит аҧыза-министр.


Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура