2024-01-18
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Израильтәи аҳәынҭқарра ахада Исаак Ҳерцог диҧылеит.
Аганқәа рхаҭарнакцәа ҩ-тәылак рыбжьара қәҿиарала имҩаҧысуа аусеицура адинамика иалацәажәеит. Аиҳабыра рнапхгаҩы ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәылеи Израильтәи аҳәынҭқарреи рпартниорреи реиҩызареи еснагь рыҩаӡара ҳаракуп.
Аганқәа рхаҭарнакцәа Ааигәатә Мрагылараҿы имҩаҧысуа ахҭысқәагьы ирылацәажәеит. Аҧыза-министр ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла аиҳабыра Израильтәи аҳәынҭқарреи уи атәылауааи ирҿагыланы имҩаҧгаз атеррористтә жәылара иақәыӡбоит. Иракли Ҕарибашвилии Исаак Ҳерцоги ашәарҭадара аганахьала иҟоу апроблемақәа рзы ргәаанагарақәа еибырҳәеит.
Қырҭтәыла аҧыза-министри Израильтәи аҳәынҭқарра ахадеи Давос еиҧылеит.
Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура