Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2024 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Иракли Кобахиӡе - Ишәыдысныҳәалоит Зестафони иакәшаны ицо амҩа аартра, уи ашәышықәса апроект - Рикоҭтәи амагистральтә мҩа аргылара иаҵанакәа хәҭоуп Print Version

2024-04-26

.  ..

Зестафони иакәшаны ицо амҩа аартра шәыдысныҳәалар сҭахуп. Уи ашәышықәса апроект ду - Рикоттәи амагистральтә мҩа аргылара апроект иаҵанакәа зҵакы дуу хәҭоуп, - иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Зестафони иакәшаны ицо, 9 километртәи амҩа аартра инамаданы имҩаҧгаз ауснагӡатә аҿы данықәгылоз.


Иара иажәақәа рыла, ари апроект аҧсабарахьчаратә стандартқәа ирышьашәаланы имҩаҧгоуп, ашәарҭадара ахаҭабзиара ҳаракы ала иалкаауп. Ари апроект абзоурала, зыӡбахәы ҳәоу амҩатә цыҧҵәаха ахысразы сааҭки бжаки рыла иаҳа имаҷны аамҭа аҭаххоит.


Аиҳабыра рнапхгаҩы иажәақәа рыла, Мрагылареи мраҭашәареи еимыздо амагистральтә мҩа атәыла атранзиттә функциа аҿиара иацхраауеит, атәыла аекономикатә аҿиара аиқәыршәаразы аҵакы ду амоуп.


„Ҵыҧх, ҭагалан, Рикоҭтәи амагистраль 27 километртәи ацыҧҵәаха аартын, ҳуааҧсыреи ҳтәыла иаҭаауа асасцәеи ари амҩа рхы иадырхәоит, зыӡбахәы ҳәоу амҩа абзоурала, аныҟәара аамҭа акырӡа имаҷхеит. Иахьа иааҳартуеит Зестафони иакәшаны ицо, 9 километртәи 4-цәаҳәактәи амҩа.
Абри ацыҧҵәаха мацараҿ иргылоуп 4 аҳаҧкылҵәаки 11 ацҳақәеи, уаҟа зымҽхак дуу аусурақәа мҩаҧгоуп. Уи, ҳаамҭазтәи атехнологиақәа рышьаҭала иаҧҵоу аинфраструктура ҿыц ауп. Ари апроект мҩаҧгоуп аҧсабарахьчаратә стандартқәа зегьы ирышьашәаланы, апроект иалкаауп ашәарҭадара иҳаракӡоу аҩаӡарала. Зыӡбахәы ҳәоу апроект абзоурала, ари ацыҧҵәаха ахысразы сааҭки бжаки рыла иаҳа имаҷны аамҭа аҭахуп. Ҳәарада, абри ахырҳагара рхы иадырхәоит ҳуааҧсырагьы, иара убас, ҳтәыла иаҭаауа асасцәагьы. Ари ажәабжь ҿыц ҳтәылазы аҵакы ду амоуп.
Иара убас, ари амҩа абзоурала, Зестафони ақалақьаҿ амашьынақәа маҷхоит, ари ақалақь аҿиара алшара ҿыцқәа аиуеит. Ари аганахьала аҵакы ду амоуп ацыҧҵәаха ҿыц аргылара. Абри амҩа ахыркәшара ашьҭахь, мрагылара-мраҭашәаратә амагистральтә мҩаҿы 276 километртәи ацыҧҵәаха ахархәарзы имазеихоит. Иара убас, иргылоуп Рикоҭтәи апроектла иазҧхьагәаҭоу 52 километртәи ацыҧҵәаха аҟынтә 36 километр. Егьырҭ ацыҧҵәахақәа рыргылара инагӡоит, аплан иарбоу апроектқәа зегьы етапла ихыркәшахоит.

Мрагылара-мраҭашәаратә амагистральтә мҩа Қырҭтәыла иалсны ицо атрансевропатәи аҳа - Абжьаратә корридор иаҵанакуеит; ҳаамҭазтәи апроцессқәа рфонаҿ ари амҩа иаҳа-иаҳа аҵакы аиуеит. Зыӡбахәы ҳәоу амҩа арҿиаразы иахьа аамҭакала иакымкәа зымҽхак дуу аинфраструктуратә проектқәа мҩаҧысуеит, абри зегьы ҳтәыла атранзиттә функциа аҿиареи, иара убас, ҳтәыла аекономикатә аҿиара аиқәыршәареи аекономикатә потенциал максималла ахархәареи иацхраауеит,"- иҳәеит аҧыза-министр.

Иракли Ҕарибашвили иажәақәа рыла, абарҭ апроектқәа зегьы арегионқәа рҿиареи ауааҧсыра рыҧсҭазаашьа аиҕьтәреи иацхраауеит.

„Абарҭ апроектқәа рыбзоурала, арегионқәа рҿы аҧсҭазаара ҿыц иалагоит, уи аныҟәара аамҭеи абжьазаареи рырмаҷра мацара акәӡам иаанаго, раҧхьа иргыланы, ауааҧсыра комфортла, шәарҭада аиҭаҵра рылшоит; насгьы, ҳрегионқәа ирықәынхо ауааҧсыра абарҭ апроектқәа рҟынтә ахырҳагара ду роуеит. Абарҭ апроектқәа зегьы ҳрегионқәа рҿиареи ауааҧсыра рыҧсҭазаашьа аиҕьтәреи иацхраауеит.

Жәларбжьаратәи амагистраль аҿиара аганахьала Рикоҭтәи ахыҵхырҭа зегьы реиҳа иуадаҩыз ацыҧҵәаханы иҧхьаӡан. Ари апроект аҵаки, аинџьныртә аӡбареи, амҽхаки иазҧхьагәаҭаны, згәыдурала иаҳҳәар ҳалшоит зеиҧшҟамлац аргыларатә усурақәа шымҩаҧгоу. Қырҭтәыла алабҿабараҿ абри аҩыза апроект ахаангьы имҩаҧгамызт, убри азоуп ари апроект ашәышықәса апроект ҳәа изахьӡаҳҵаз,"- иҳәеит аҧыза-министр.


Аҧыза-министр ари апроект қәҿиарала анагӡаразы ааҧсарак рымамкәа аус зуаз ауааҧсыреи апроект анагӡара иацхрааз аиҿкаарақәеи ҭабуп ҳәа реиҳәеит, урҭ иреиуп жәларбжьаратәи апартниорцәеи, Азиатәи аҿиара абанки, Аинфраструктура аминистрреи, хаҭала аминистр Иракли Қарселаӡеи, Автомобилтә мҩақәа рдепартамент аусзуҩцәеи.


„Иара убас, ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп абарҭ аусурақәа ирылахәыз ақырҭуеи аҳәаанырцәтәи аспециалистцәа рацәа - аинџьнырцәа, аргылаҩцәа, агеологцәа, агидрологцәа, агеотехнологцәа, урҭ рызынтәгьы ари апроект қәҿиарала анагаӡараҿы алагала ҷыда ҟарҵеит. Даҽазнык ишәыдысныҳәалар сҭахуп зҵакы дуу абри апроект қәҿиарала анагӡара, наҟ-наҟгьы ақәҿиарақәа шәзеиҕьасшьоит,"- иҳәеит Иракли Кобахиӡе.

Ауснагӡатә рхы аладырхәит Қырҭтәыла анагӡаратәи азакәанҧҵаратәи мчра алахәылацәеи, аҭыҧантәи анапхгареи жәларбжьаратәи афинанстә институтқәеи рхаҭарнакцәеи.

Рикоҭтәи амагистральтә мҩа аргылара апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, Шорапани-Аргвеҭи ацыҧҵәахаҿы Зестафони иакәшаны ицо 9 километртәи амагистральтә мҩа автотранспорт азы иахьа иаадыртит.

Мрагылара-мраҭашәаратә жәларбжьаратәи амагистраль (E60) ала иеиҭаҵуа автотранспорт Зестафони ақалақь аҭалара аҭаххом, ари атранспорт Зестафони иакәшаны ицо амҩа ҿыц ала еиҭаҵуеит, Аргвеҭи аҿы ари амҩа Мрагылара-мраҭашәаратә амагистраль лас иадлоит.

Амҩа ҿыц абзоурала, Зестафони аҩныҵҟа атранспорти аныҟәара аамҭеи маҷхоит. Иакәшаны ицо амҩа ахысразы 6 минуҭк мацара аҭаххоит.

Рикоҭи ахыҵхырҭатә цыҧҵәаха аргыларатә усурақәа 2.6 миллиард лари иаҧсоуп. Апроект хыркәшахоит 2024 шықәса анҵәамҭаз.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура