2024-04-25
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Венгриа аҧыза-министр Виктор Орбан диҧылеит.
Аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәылеи Венгриеи реиҩызаратә еизыҟазааашьақәа ирылацәажәан, иаҵшьны иазгәарҭеит аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы апартниорра аҿиара аганахьала алҵшәа бзиақәа шыҟоу.
Хшыҩзышьҭра азун наҟ-наҟ асектортә аимадарақәа рырҭбаара аҵаки, иара убас, ҩ-тәылак реиҳабырабжьаратә комиссиа аҳәаақәа ирҭагӡаны аганқәа ари ахырхарҭала ирыдыркылаз адокументқәа рроли.
Иаҵшьны иазгәаҭан Венгриа Қырҭтәыла европатәи евроатлантикатәи интеграциа ҕәҕәала ишадгыло. Ишазгәаҭаз ала, Евроеидгыла анеҩстәи ахантәаҩы-тәыла аҳасабала Венгриа аҟынтә атәыла иаиуа адгылара аҵакы ҷыда амоуп, иара убас, ишазгәаҭаз ала, Қырҭтәыла аиҳабыра иаҭаху зегьы ҟарҵоит атәыла евроинтеграциа апроцессаҿ анеҩстәи аетапахь иасырц азыҳәан.
Аганқәа рхаҭарнакцәа ҩ-тәылак рыбжьара ахәаахәҭра-економикатә аизыҟазаашьақәа иаҳа рырҭбааразы иҟоу аперспективақәеи, иара убас, - аҵареи акультуреи аусхкқәа рҿы қәҿиарала аусеицуреи иалацәажәеит.
Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура