Қырҭтәылa aиҳaбырa – Қырҭтәылa Аҧызa-министр 2023 шықәсaзтәи ивизитқәеи иеиҧыларақәеи

Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Бақәаҟа ддәықәлеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили, Азербаиџьан ахада Ильҳам Алиев иааҧхьарала, Бақәаҟа ддәықәлеит.

Абҵара 24 рзы аиҳабыра рнапхгаҩы, Бақәа имҩаҧысуа аекономикатә форум SPECA (Ацентртә Азиа аекономика иазку ЕАР апрограмма ҷыда) ихы алаирхәоит асас дахь истатусла.

Қырҭтәыла аҧыза-министр афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧысуа аиҳабырақәа рнапхгаҩцәа рсаммитаҿ дықәгылоит. Иара убас, Иракли Ҕарибашвили, Азербаиџьан ахада Ильҳам Алиев диҧылоит.

SPECA 25 шықәса ахыҵра иазку аиубилеитә форум сынтәа имҩаҧысуеит Азербаиџьан ахантәаҩрала.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура