Қырҭтәылa aиҳaбырa – Қырҭтәылa Аҧызa-министр 2023 шықәсaзтәи ивизитқәеи иеиҧыларақәеи

Иракли Ҕарибашвили Бақәа Илҳам Алиев диҧылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии Азербаиџьан ахада Илҳам Алиеви реиҧылара мҩаҧган Бақәа, „Ганџьелик" аиҳабыратә резиденциаҿы. Аиҳабыра рнапхгаҩы, Азербаиџьан ахада Илҳам Алиев иааҧхьарала, Бақәа имҩаҧысуа аекономикатә форум SPECA (Ацентртә Азиа аекономика иазку ЕАР апрограмма ҷыда) ихы алаирхәоит асас дахь истатусла.

Аиҧылараҿы хшыҩзышьҭра рызун ашәышықәсақәа рацәа рыҩныҵҟа ҩ-тәылак ирыбжьоу аигәыларатәи аиҩызаратәи еизыҟазаашьақәа, ишазгәаҭаз ала, Азербаиџьан Қырҭтәылазы ахадаратә ҵакы змоу ахәаахәҭратә партниорцәа иреиуп. Аганқәа рхаҭарнакцәа атәылақәа рстратегиатә партниоррра иалацәажәеит - ахәаахәҭра-економикеи, аенергетикеи, атранспорти, алогистикеи ирызку азҵаарақәа ирзааҭгылеит, иара убас, хшыҩзышьҭра ҷыда рызун Қырҭтәылеи Азербаиџьани еицынарыгӡо зҵакы дуу апроектқәа: Абжьаратә корридор аҿиара аперспективақәа, ари апроект ала иазҧхьагәаҭоуп аихамҩа амодернизациеи, абаҕәазақәеи амҩақәеи рырҭбаареи, рыргылареи, рырҿиареи; Мрагылара-Мраҭашәаратә амагистраль лас аргылареи, Бақәа-Қарҭ-Ҟарс аихамҩатә проекти, аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, ари апроект абзоурала, ҩ-тәылак ртранспорттә потенциал иаҳа иҕәҕәахоит. Ишазгәаҭаз ала, наҟ-наҟ Бақәа-Қарҭ-Қарс аихамҩатә магистраль Европеи Кавкази Азиеи еимыздо акорридор хәҭак акәхоит. Хшыҩзышьҭра ҷыда азун Аахыҵ Кавказ аенергиа иаҵәа аресурсқәа Евроеидгыла аџьармыкьанӡа рнагара аиқәыршәара иазку апроект - Амшын еиқәа аӡаҵантәи акабель апроект арҿиара азҵаареи уи иамоу аҵакы ҷыдеи.

Аганқәа рхаҭарнакцәа арегионаҿгьы адунеиаҿгьы ашәарҭадара аҭагылазаашьа иадҳәалоу азҵаарақәагьы ирылацәажәеит. Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, хара имгакәа Азербаиџьани Шәамахьтәылеи аҭынчратә аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵап ҳәа дгәыҕуеит.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура