Қырҭтәылa aиҳaбырa – Қырҭтәылa Аҧызa-министр 2023 шықәсaзтәи ивизитқәеи иеиҧыларақәеи

Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Европатәи ахеилак ахада Шарль Мишель диҧылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Европатәи ахеилак ахада Шарль Мишель диҧылеит.

Иеиду Араҧтәи Емиратқәа рҿы, Дубаи ақалақьаҿ имҩаҧгаз аиҧылараҿы, аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәыла евроинтеграциа апроцесси ареформақәа русхәаҧштәи иалацәажәеит.

Хшыҩзышьҭра азун Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус анашьара иазкны Еврокомиссиа иҟанаҵаз абжьагара.

Аҧыза-министр Европатәи ахеилак ахада изеиҭеиҳәеит Қырҭтәыла имҩаҧгоу ареформақәа ирызкны. Иракли Ҕарибашвили ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла қәҿиарала излагаз Евроеидгыла абжьагарақәа рынагӡара апроцесс нагӡахоит. Атәыла аиҳабыра ареформа цыҧхьаӡазы аконкреттә хәыҧшырақәа рымоуп, иашьашәалоу ауснагӡатәқәа рплан еиқәыршәоуп, уи анагӡара аҿҳарақәа ҳәаақәҵоуп, ари апроцессаҿ атәыла аиҳабыра Евроеидгыла ахаҭарнакцәа рҟны еиқәшаҳаҭрала аус руеит.

Аиҳабыра рнапхгаҩы иҳәамҭала, Еврокомиссиа Қырҭтәыла апрогресс шыҟоу шьақәнарҕәҕәеит, уажәы ҳтәыла акандидат астатус анашьара иазку Европатәи ахеилак аӡбара иазыҧшуп.

Иракли Ҕарибашвили Евроеидгыла абжьагарақәа рынагӡара апроцесс ацхраареи адгылареи азыҳәан Шарль Мишель ҭабуп ҳәа иаҳәаны, иаҵшьны иазгәеиҭеит евроинтеграциа апроцессаҿ ҳаҧхьаҟагьы Европатәи ахеилак ахада иҟынтә адгылара аҵакы ду шамоу.


Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура