Қырҭтәылa aиҳaбырa – Қырҭтәылa Аҧызa-министр 2023 шықәсaзтәи ивизитқәеи иеиҧыларақәеи

Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили иқәгылара аклимат аҽаҧсахра иазку ЕАР 28-тәи аконференциаҿы

Шәаҳаракыра,

Шәаҳратә аҳаракыра,

Амаӡаныҟәгаҩ хада,

Шәаҳаракыра, ахадацәеи аҧыза-министрцәеи,

Акыр иаҧсоу аҩызцәа,


Қырҭтәыла аиҳабыреи ақырҭуа жәлари жәлари рыхьӡала иахьа абра, шәара шәҿаҧхьа ақәгылара сара сзы ҳаҭыр дууп. Ашеих Моҳамед бин аль Наҳиан, Иеиду Араҧтәи Емиратқәа рхада, идуӡӡаны иҭабуп ҳәа иасҳәар сҭахуп гәыкала ҳадкылареи зҵакы дуу абри асаммит амҩаҧгареи азыҳәан.

Аиашаз, Иеиду Араҧтәи Емиратқәа - аиновациақәеи, амодернизациеи, акреативреи, апрогресси аганахьала адунеи зехьынџьара иҿырҧшыгоуп. Уажәы ари атәыла аклимат аҭагылазаашьа иадҳәалоу аҽазышәарақәа рҿгьы аҧхьагылара амоуп.

Акыр иаҧсоу аколлегацәа, аклимат аҽаҧсахра иахылҵуа алҵшәақәа лабҿаба иубарҭоуп, иаҳа-иаҳа ахьанҭахо абарҭ алҵшәақәа ауааҧсыреи аҧсабареи рзы арбгаратә нырра рымоуп, убри аҟынтә, зыҧшра ҟамҵакәа, аклимат аҽаҧсахра аҭышәынтәалазаара еиқәыршәатәуп. Сара агәра ганы сыҟоуп аклиматтә кризис аҿагылара амзызла адунеи зехьынџьара жәларбжьаратәи ҽазышәарақәак хымҧада ишынагӡатәу. Урҭ роуп:


2030 шықәсанӡа аглобалтә емиссиақәа рырбжатәреи, Парижтәи аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны 1.5°C аҳәаатә хыҧхьаӡараҿ аанкылареи;
азарали аҧырхагеи афонд ашҟа етапла алагаламҭақәа рыҟаҵара;
аклимат ашьцылара иазку аглобалтә хықәкы анагӡаразы иҳәаарку асистема аус адулара.
Иара убас, аклимат аҽаҧсахра аҿагылара иазку аҽазышәара шықәсыкала 100 миллиард адоллар азоушьҭра иазкны иҟаҵаз ақәыргәыҕра нагӡатәуп. Аклимат аҽаҧсахра ашьцылара аҽазышәара афинансыркра ҩынтә аизырҳара иазку аҧхықәрақәагьы нагӡатәуп.


Қырҭтәылаҿ, ҳара аклиматтә кризисқәа рыҿагылара аҵакы хшыҩзышьҭра ду азаауеит, ари ахырхарҭала зҵакы дуу ашьаҿақәа ҟаҳҵеит. Аҧсабаразы анырра армаҷреи ашьцылареи иазку ауснагӡатәқәа Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә биуџьет аҟынтә ирзоушьҭуп 500 миллион адоллар еиҳаны. Уи еиҳангьы, уажәшьҭа Қырҭтәыла амилаҭтә инфраструктура арҿиараан иазҧхьагәаҳҭоит арацәаримаҷтәи адаптациеи аклимат аҽаҧсахра ашьцылареи иазку ауснагӡатәқәа, арҭ ауснагӡатәқәа есышықәса ирзоушьҭуп 300 миллион лари.

Сара анапхгара ззызуа аиҳабыра аидеиа ҿыц иадгылоит, уи инақәыршәаны, Европа - атмосфератә емиссиа анольтә арбага ахьыҟало раҧхьатәи континентхоит. Абри зегьы иазҧхьагәаҭаны, ҳтәылаҿ аемиссиа аиҵатәра аиқәыршәаразы, акыраамҭалатәи астратегиа шьақәҳарҕәҕәеит, иара убас, 2050 шықәсанӡа зҵакы дуу ахықәкытә хырхарҭас иҟаҳҵеит „Арацәаритәи неитралитет" аиқәыршәара. Иара убас, Қырҭтәыла аҭакҧхықәра ахы аднаҵеит аглобалтә ҽазышәараҿы алагала ду аҟаҵара амзызла 2025 шықәсазы иаҳа амбициатә ҟазшьа зауа, амилаҭтә план ҿыц ацәыргаразы.

Иара убас, гәахәарала иазгәасҭар сҭахуп Қырҭтәыла ахархәара змоу афымца аҟынтәи 85% зырҿыцра ҟало ахыҵхырҭақәа рҟынтә ишаауа. Аха, ҳаҧхьаҟа ари арбага аизырҳара ҳстратегиатә ҧыжәарақәа иреиуп, насгьы, гәахәарала иазгәасҭар сҭахуп Қырҭтәыла, зырҿыцра ҟало аресурсқәеи аенергоеффектреи иазкны Аклимат аҽаҧсахра аҿагылара иазку ЕАР 28-тәи аконференциаҿы иҟаҵаз ақәыргәыҕрақәа ишрылахәы.

Акыр иаҧсоу аколлегацәа, Аклимат аҽаҧсахра аҿагылара иазку ЕАР 28-тәи аконференциа ахантәаҩы-тәыла ахәаҧшыра ҕәҕәала садгылоит, уи адгьыл иҵырхуа абылтәы аҧсахра амзызла зырҿыцра ҟало аенергоресурсқәа реизырҳара иазкуп. Сгәы ишаанаго ала, аофициалтә аиҿцәажәарақәа алҵшәак рхылҵроуп - адгьыл иҵырхуа абылтәы аҧсахра иазку апроцесс еиҧҟьарада амҩаҧгара инаваргыланы, 2030 шықәсанӡа зырҿыцра ҟало аенергоресурсқәа хынтә реизырҳареи аенергоеффектра ҩынтә аизырҳареи.

Аҵыхәтәаны иазгәасҭар сҭахуп сара агәыҕра ду сшымоу Аклимат аҽаҧсахра аҿагылара иазку ЕАР 28-тәи аконференциа аҳәаақәа ирҭагӡаны ҳара ауникалтә моментаз ҳҽазыҟаҵаны, иҟаҳҵаз ақәыргәыҕрақәа наҳагӡап ҳәа - игыло абиҧарақәа иаҳа илашоу, иаҳа ихырҳагоу, аҧеиҧш иаҵәа рзеиқәҳаршәароуп.


Даараӡа иҭабуп!