2022-12-26
Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы имҩаҧган аҳәаанырцә аус зуа Қырҭтәыла адипломатиатә миссиақәа есышықәсатәи реизара - Ацҳаражәҳәаҩцәа рконференциа 2022.
Ақырҭуа дипломатцәа рҿаҧхьа иқәгылеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвилии.
Ацҳаражәҳәаҩцәа рконференциа аартра ашьҭахь, аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвилии ирку аформатаҿ адипломатцәа ирҧылеит. Аиҳабыра рнапхгаҩы ацҳаражәҳәаҩцәа драцәажәеит атәыла адәныҟатәи аполитика ахадаратә хырхарҭақәеи аҧыжәарақәеи рзы, анеҩс, аконкреттә адҵақәа риҭеит.
Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура