Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2021 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили иқәгылара аиҳабыра русура иазку 2021 шықәсатәи аҳасабырба ацәыргара аан Print Version

2021-12-18

Салам шәымаз, аҩызцәа, Қырҭтәыла атәылауаа зегьы, азакәанҧҵаратәи анагӡаратәи мчра алахәылацәеи, Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахантәаҩи, Аконституциатә аӡбарҭа ахантәаҩи, Апатриархиа ахаҭарнакцәеи, ҳаҭыр зқәу ацҳаражәҳәаҩцәеи, Қарҭ ахадеи, апартиа ахантәаҩи салам рысҭоит.

Акыр иаҧсоу аҩызцәа! Иахьа ажәлар ирызцәырызгар сҭахуп 2021 шықәсазы аиҳабыра имҩаҧыргаз аусура иазку аҳасабырба, иара убас, инарҭбаны салацәажәоит аҧыза-министр иҭыҧ анааныскыла ҳусқәа шыҟаз, убри ашьҭахь иҟаҳҵаз, насгьы планқәас иҳамоу.

Раҧхьа иргыланы, ҳажәлар ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп алхрақәа раан иаҳзаадырҧшыз агәрагареи адгылареи азыҳәан. Ажәлар роуп азинмчи алегитимациеи ҳазҭо, ҳара, атәыла анапхгара, иҳауз амандат ҳхы иархәаны, ажәлар абри зегьы азы аҭак раҳҭароуп инаҳагӡо аусқәеи, азгәыкреи, ахамеигӡареи, ахырҳагара рзаагареи ала.

Атәылеи ажәлари рымаҵ аура ҳаҭыр дууп, аха, аамҭакала, ари аусура аҭакҧхықәра ду ацуп. Убри адагьы, ҳажәлари ҳтәылеи рымаҵ аура алшара ҳамоуп, иҳалшо зегьы аҟаҵареи гәыкала ҳтәыла амаҵ ауреи, ҳтәыла аинтересқәеи, ҳдинхаҵареи, ҳуахәамеи, аҭаацәара аинститути рыхьчареи, ажәлар рыҧсҭазаашьеи рыбзазашьеи аиҕьтәреи алшара ҳамоуп. Ҳара ҳзы уи егьлшароуп егьҧхықәроуп!

Сара сзы ҳаҭыр дууп ҳтәыла аҧыза-министрс аҟазаареи абри аполитикатә гәыҧ ду рыгәҭа ҳаиҳабыра анапхгара рыҭареи. Аҳәынҭқарреи ҳажәлари ринтересқәеи, ҳдинхаҵареи, ҳуахәамеи, ҳмилаҭтә принципқәеи зыхьчо аиҳабыра роуп сызлацәажәо. Зегьы реиҳа ихадоу, ҳара ажәлар реиҳабыра ҳауп, ажәлар проблемақәас ирымоу ибзианы аадыруеит. Ҳәарада, апроблемақәеи аҳасабтәқәеи егьырҭ атәылақәа рҿгьы иҟоуп: ампыҵахалареи атәыла аҵакырадгьылтә акзаара аиҭашьақәыргылареи - атәыла аидҵара, аусурҭадареи аҕарреи, адеструктивтә мчқәа иаҧырҵаз аполиаризациа уҳәа, ҳуааҧсыра изыргәамҵуа апроблемақәа рацәоуп, убри аҟынтә, ҳара ҳазынтәгьы, ҳаидгыланы, апроблемақәа зегьы рыӡбара ҳҽазаҳкроуп, абри ахықәкы анагӡара ҟалоит ахәаҧшыра ииашеи, хшыҩкрала, апрогмативтә, аҳәынҭқарратә интересқәа ирышьашәалоу аполитика амҩаҧгареи, ааҧсарада аусуреи, ахмеигӡареи мацарала, абарҭ апроблемақәа зегьы рыӡбареи атәылеи ажәлари аҭынчра рзеиқәыршәареи азыҳәан 24 сааҭ аус аауроуп.

Сықәгылара алагамҭазы иааркьаҿны салацәажәар сҭахуп аҧыза-министрс сҟарҵаанӡа атәылаҿы изакәытә проблемақәаз иҟаз.

Ишыжәдыруа ала, аиҳабыра рнапхгаҩыс саныҟарҵаз атәыла акризис иҭагылан, аполитикатә температура ҳаракын, адеструктивтә мчқәа аҳәынҭқарра ажәылара рҽазыркуан, арадикалтә оппозициа ахаҭарнакцәа апарламент асаботаж азыруан. Ҳазынтәгьы ибзианы еилаҳкаароуп аҳәынҭқарра аҳәынҭқаррас ишьақәгылар аҭахызар, ахадаратә принципқәа ирықәныҟәалароуп, азакәан аиҳаӡара ихьчатәуп, аҧхықәрақәа зегьы нагӡатәуп. Рыцҳарас иҟалаз, атәыла аҩнуҵҟагьы, анҭыҵгьы политикцәақәак абарҭ апринципқәа иазхарҵом, ақырҭуа жәлари аҳәынҭқарратә институтқәеи раҳаҭыр ладырҟәоит. Ҳара аиҳабыра ҳанахагылаҵәҟьа, абарҭ апринципқәа рыхьчара ҳалагеит, атәылаҿы азинеиҿкаара шьақәҳаргылеит, ари апроцесс ҳаҧхьаҟагьы инагӡахоит. Ҳара аӡә иҿаҧхьа ҳхы лаҳарҟәом, аха, аамҭакала, аӡәгьы хыхьынтә ҳихәаҧшуам. Қырҭтәыла ихьыҧшым ҳәынҭқарроуп, уи ахақәиҭра иазгәыку ҳажәлар ҧагьа иртәуп, абри апринцип зегьы пату ақәырҵароуп. Сара аиҳабыра рнапхгаҩыс сыҟанаҵы, дарбанызаалак ҳтәылауаҩ азакәан аасҭа иаҳа иҳаракны, мамзаргьы, азакәан аасҭа длаҟәны дзықәгылом, аха, азакәани Аконституциеи ҳанрылацәажәо, аӡәгьы ҳиазҵаауам, азакәан ауааҧсыра зегьы рзы анагӡара амазаауеит!

Аҵакы ду аман аҭыҧантәи ахаланапхгаратә органқәа рахь алхрақәа рымҩаҧгара, аоппозициаа арҭ алхрақәа ареферендум ахьӡарҵан, алхраҧхьатәи процесс аан амцҳәареи амчылареи азы ирымаз аресурсқәа зегьы рхы иадырхәит. Аҳәынҭқарра иаҿагыло абарҭ амчқәа атәылауаҩратә аиҿагылара аиҿкаарагьы ргәы иҭан, аха, аҳәынҭқарра иахәҭоу аҩаӡараҟны игылан, егьгылазаауеит. Иашьашәалоу аусбарҭақәа апрофессионализм ду аадырҧшын, иҟалар зылшоз аилаҩынтәреи ашьакаҭәареи аҟынтә ҳажәлар рыхьчеит. Ҳгәыҧ аустә аҭынчратә алхраҧхьатәи кампаниа мҩаҧыргеит, ажәлар ирызцәыраагеит зымҽхак дуу, аамҭакала, ареалтә планқәа, убри абзоурала, 63 амуниципалитетқәа рҿы аиааира ҳгеит. Ақырҭуа жәлар даҽазнык рҭаххара аадырҧшын, ирҭахыз алхра ҟарҵеит, атәыла уаҳа хаангьы амчыларатә, аиашамратә, ауаа раҳаҭыр лазырҟәо аҧеиҧ иазыхынҳәуам. „Ақырҭуа гәахәтәы" - иаку агәыҧ ҕәҕәоуп, ззанааҭ здыруа апрофессионалцәа рыла ишьақәгылоуп, дара ахҧатәи аҿҳәарала амчра ранашьоуп, 2012 шықәса инаркны ҳажәлар рыгәрагара рымоуп. Ҳгәыҧ Қырҭтәыла адемократиатә аҿиареи, аҭынчреи, аҭышәынтәалареи еиқәнаршәоит.

Рыцҳарас иҟалаз, аполиткиатә кризис инаваргыланы, сара аекономикатә кризисгьы сықәшәеит. Уи иацлеит аглобалтә пандемиа, убри амшала адунеи зегьы аекономикатә кризис иҭагылеит, ҳәарада, ари апроцесс Қырҭтәылазгьы анырра цәгьа аман. Ауаа рацәа аусурҭеи ахашәалеи рцәыӡит, абизнессубиектқәа рацәа аусура иаҟәыҵит, аусхкқәа рацәа рҟны аекономикатә усура аанкылан. Қырҭтәылаҿ аҩнуҵҟатәи аалыҵ наӡа аҿы иформалым аекономика ахәҭа макьана идууп, абри апроблема амшала атәылаҿы аҭагылазаашьа иаҳа ицәгьахеит, избанзар, иформалымкәа аус зуа ауааҧсыра акризис амшала ироуз азарал арекомпенсациа аиҿкаара аганахьала иацҵаны апроблемақәа цәырҵит. Убри аҟынтә, ҳгәыҧи сареи, аҧкрақәа зегьы ҳаиҭарыхәаҧшны, агәабзиара ахьчареи аекономикатә интересқәеи рыбжьара абаланс иаша шьақәыргыланы, аекономика аиҭашьақәыргылареи астимулиациеи ҳацхрааит, уи алҵшәа бзиа ахылҵит. Мызқәак ҵуеит аекономика ирласны аиҭашьақәыргылара иаҿуижьҭеи, уи абзоурала, лари акурс хәыҷы-хәыҷла аҭышәынтәалахара иаҿуп. Ишыжәдыруа ала, ажьырныҳәеи жәабрани рзы аҩнуҵҟатәи аалыҵ наӡа арбага аминус аҿы иҟан, хәажәкыра инаркны есымзатәи аекономикатә азҳара абзоурала иахьа иҵоуроу арбага ҳамоуп, аҵыхәәтантәи 8 мза рҟынтә ҧшьымз рзы ҩ-цифрак рыла ишьақәгылоу арбага ҳамоуп, ҳгәы ишаанаго ала, ашықәс анҵәамҭазы ҩ-цифрак змоу аекономикатә азҳара арбага ҳамазаауеит, абри арбага арегион аҿгьы Европагьы зеиҧшыҟам арбага дууп, Ирландиа аамышьҭахь. Сгәы ишаанаго ала, ажәлар ибзиаҵәҟьаны ирбоит аекономика анапхгараҭара апроцесс азнеишьеи алҵшәақәеи рыбзоурала аҵыхәтәантәи аамҭазы аекономика апараметрқәа шеиҕьхаз, аха, аҭаацәара цыҧхьаӡа абарҭ атенденциақәа рныҧшырц азыҳәан, ҳәарада, иҵегьы иҟаҵатәу рацәоуп.

2022 шықәсатәи аплан иарбоуп 6% еиҵамкәа аекономикатә азҳара, аекономика азеиҧш аҭаӡара 65 миллион лари иаҟарахоит, атәылауаҩк изы аҩнуҵҟатәи аалыҵ наӡа аҧхьаӡара инақәыршәаны, абри арбага аҭоурыхтә максимум аҟынӡа ишьҭыҵуеит, 5 500 адоллар иаҟарахоит. Аамҭакала, аҳәынҭқарратә ауали абиуџьет адефицити ҳармаҷит. Иааиуа ашықәс абиуџьет аҿы иазҧхьагәаҭоуп аҳәынҭқарратә сектор аҿы 10%-ла аулафахәы ацҵара, ари апроцесс ҳаҧхьаҟагьы есышықәса инагӡахоит.

2022 шықәса ажьырныҳәа инаркны, атәанчуаа ртәанчахә шьҭыҵуеит 260 лари аҟынӡа. Ашьхаҳаракыратә регионқәа ирықәынхо атәанчуаа 20% аҧаратә ацҵатә роуеит. Убри инақәыршәаны, ашьхараҿы аҳәанҭқарратә атәанчахә 312 лари иаҟарахоит, 70 шықәса еиҳаны зхыҵуа атәанчуаа 300 лари роуеит. Ашьхаҳаракыратә регионқәа рҿы абри акатегориа иаҵанакәа ауааҧсыра 360 лари атәанчахә роуеит; иара убас, аибашьра иалахәыз аветеранцәа есымза ироуаз 22 лари ацхыраара 100 лари аҟынӡа иазҳауеит. Убри адагьы, 2021 шықәса ҧхынгәы инаркны ҩынтә иазҳауеит социалла ихьчам аҭаацәарақәа рхылҵ ироуаз ацхыраарагьы, ахәыҷы цыҧхьаӡа 100 лари ацхыраара иоуеит.

Рыцҳарас иҟалаз, аепидемиологиатә ҭагылазаашьа шыцәгьазгьы, атәылаҿы иазхаша авакцинақәа иҟамызт. Аиҳабыра рнапхгаҩы инапынҵамҭақәа рынагӡара саналагаҵәҟьа, авакцинациа апроцесс ацхраара активла салагеит. Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара агенералтә директор иҟны қәҿиарала аиҿцәажәарақәа мҩаҧган, сара, хаҭала, авакцинақәа ҭзыжьуа аилахәыра „Пфаизер" анапхгаҩы сиацәажәон, алҵшәа бзиа ахылҵит Китаи аҧыза-министри сареи ҳаиҿцәажәарагьы. Усҟан адунеи аҿы авакцинақәа рдефицит шыҟазгьы, Қырҭтәыла, иаамҭаны, иазхаша авакцинақәа аиуит. Жәларбжьаратәи апартниорцәа, аиҩызарала иаҳзыҟоу атәылақәа рҟны аимадара ҕәҕәа алҵшәа ахылҵит. Хазхаҭалатәи аилахәырақәеи, Америка аиҳабыреи ахада Баидени, иара убуас, Китаи аҧыза-министри рыцхыраарала, Қырҭтәыла, ҳуааҧсыра ирызхаша авакцинақәа аиуит.

Аиҳабыра атәылашҟа иааргеит авакцина 5 миллион адозақәа. Ауааҧсыра рхы иадырхәар рылшоит 2 миллион адоза „Пфаизери", 1 700 000 адозақәа „Синофарми", 1 100 000 адозақәа „Синоваки", „Астразенекеи" убас егьырҭьы. Ауааҧсыра дара ирҭаху авакцианақәа алырхыр рылшоит. Иара убас, Евроеидгыла ақырҭуа ковид-сертификатқәа азханаҵеит, Қырҭтәыла Евроеидгыла иашьашәалоу иаку арыцхә система иалахәып.

Аиҳабыра активла имҩаҧыргеит аинформациатә камапаниа, ауаа астимул рызҭо ауснагӡатәқәеи ишиашам аҧкрақәа рышьақәыргылареи ала авакцинациа апроцесс ҳацхрааит. Иахьазы 2 миллион еиҳаны алаҵақәа ҟаҵоуп, миллионҩык иреиҳаны авакцинациа иахысит, аха, уи иазхом, убри аҟынтә, алаҵа ҟазымҵац ҳуааҧсыра рахь даҽазнык ааҧхьара ҟасҵар сҭахуп хымҧада алаҵа ҟарҵарц, избанзар, уи ҳхыхьчареи, ҳауацәа рыхьчареи, апандемиа аҵархареи азы мҩа заҵәуп.

Сынтәа имҩаҧаагаз адәныҟатәи аполитикатә алҵшәа бзиа ахылҵит, зыҩаӡара ҳараку еиуеиҧшым афорумқәеи аиҧыларақәеи ҳрылахәын. Ҩымш раҧхьа сара Бриуссельынтә схынҳәит, уаҟа Мрагыларатә партниорра 6-тәи асаммит салахәын, асаммит аҿы Қырҭтәыла ауааҧсыра ирыхәаша аӡбарақәа рыдыркылеит. Асаммит аполитикатә декларациаҿы иарбоуп ҳара ҳзы аҧыжәара змоу азҵаарақәа зегьы, иара убас, европатәи ҳҽазышәарақәеи ҳақәҿиарақәеи иазхаҵоуп.

Бриуссель свизит аҳаақәа ирҭагӡаны, НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада сиҧылеит. Ҳаизыҟазаашьақәа русхәаҧштә ҳалацәажәеит. Ҳуааҧсыра зегьы, еицҿакны, НАТО алалара иақәшаҳаҭуп, ари азҵаара ҳтәыла адәныҟатәи ашәарҭадаратәи политкиаҿы ахадаратә ҵакы амоуп. Даҽазнык еиҭасҳәар сҭахуп - Қырҭтәыла НАТО алаларазы иаҭаху апрактикатә инструментқәа зегьы амоуп, убри аҟынтә, аҵакы ду амоуп НАТО ашҟа Қырҭтәыла алалара иадҳәаланы аполитикатә аӡбара адкылара. НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада ҷыдала иазгәеиҭеит кыршықәса рыҩнуҵҟа Афганистан имҩаҧысуаз жәларбжьаратәи атерроризм иаҿагылоу ақәҧараҿы алагала ду шыҟаҳҵаз. Иара убас, амаӡаныҟәгаҩ хада ҭабуп ҳәа ҳаиҳәеит зқьҩыла ауааҧсыра Афганистанынтә ралгара апроцесс ҳахьалахәыз азыҳәан.

Иара убас, ишиашоу атәым инвестициақәа рыдыҧхьалара иазку азҵаара сазаҭгылар сҭахуп. Аиҳабыра, идуӡӡоу аилахәыра "Rothschild" аҟны аиқәшаҳаҭра рыдыркылан, уи ахаҭарнакцәа Қырҭтәыла арегионалтә финанстә центрс ашьақәыргылара иацхрааша астратегиа арҿиареи, иара убас, аинвестициақәеи иацҵаны афинанстә ресурсқәеи рыдыҧхьалареи ахырхарҭала аус руеит.

Жәларбжьаратәи аусхәаҧштә аҿы Қырҭтәыла крызҵазкәа ароль нанагӡоит, еиуеиҧшым аусхқәа рҿы ҳареи ҳпартниорцәеи иҳабжьоу аизыҟазаашьақәа иаҳа иҕәҕәахеит. Арегион аҿы Қырҭтәыла Америкеи Евроеидгылеи зыгәра ргаша партниоруп. Ари афакт шьақәнарҕәҕәоит Қырҭтәылеи, Америкеи, Евроеидгылеи рылахәызаара ала ҳгәылара иҟоу атәылақәа рҟны қәҿиарала имҩаҧгаз абжьацәажәарагьы. Ишәгәалашәозар ҟалап сара қәҿиарала имҩаҧызгаз амедиациа абзоурала, сынтәа рашәарамзазы, Азербаиџьани Шәамахьтәылеи крызҵазкәа аиқәшаҳаҭра шрыбжьарҵаз - Азербаиџьан аиҳабыра, аибашьраан атҟәара иргаз 15-ҩык Шәамахьтәыла атәылауаа иоурыжьҭит, уи ацынхәрас, шәамахьтәылатәи аган Азербаиџьар иарҭеит аминақәа зҵоу аҵакырадгьылқәа ирызку ахсаалақәа. Абри ауп мраҭашәаратә дунеи аҟны аусеицуреи арегион агеополитикатә процессқәа рылахәызаареи иаанаго.

„Ақырҭуа гәахәтәы" - Европеи Америкеи рҟны Қырҭтәыла зеиҧшҟамлац азааигәахара еиқәзыршәаз мчуп. Сара сзы уи агәызҭаҵага дуун, насыҧ дуны исыҧхьаӡоит хаҭала сара Евроеидгылаҟны ассоциациа иазку аиқәшаҳаҭреи зхы иақәиҭу ахәаахәҭра наӡа иазку аиқәшаҳаҭреи анапаҵаҩра алшара ахьсоуз. „Ақырҭуа гәахәтәы"рхаан ауп Евроеидгылаҟны авизадатә режими зхы иақәиҭу ахәаахәҭреи анышьақәгылаз, уи аҧхьа, раҧхьаӡа акәны аҧыза-министрс саныҟаз, авизалиберализациа ауснагӡатәқәа рплан инақәыршәаны ҳхы иадаҳҵаз аҧхықәрақәа зегьы қәҿиарала инаҳагӡеит.

Ҳара ҳауп Урыстәыла иадҳәалоу ашхыҩдаратә авантиуристтә политика мап ацәызкыз, ҳабжьара иҟоу ахадаратә проблема - ампыҵахалареи, аҵакырадгьылтә акзаареи, адеокупациеи апроблема аҭыҧқәҵаразы мҩа заҵәыс алзхыз аҭынчратә, програтикатә политика, уи ҳпартниорцәа рылахәызаарала, жәларбжьаратәи адиалог аформатқәа рыла имҩаҧаагоит.

Зымҽхак дуу апланқәа рылацәажәара салагаанӡа, аҵыхәтәантәи аамҭазы ҳазлацәажәоз инициативақәак сырзааҭгыланы, ҳуааҧсыра ирасҳәар сҭахуп арҭ аинициативақәа ҵакыс ирымоу.

Раҧхьа иргыланы, аџьауси асоциалтә политикеи салацәажәоит. Рыцҳарас иҟалаз, ахьыҧшымра аиҭашьақәыргылара ашьҭахь атоталтә приватизациеи аҳәынҭқарратә институтқәа рырбгареи амшала, аҳәынҭқарра ахатә амал аиҳара ацәыӡит, аструктурақәа зегьы еилаҳаит, аҵарадырраҭҵааратә институтқәа аусура иаҟәыҵит, адырра аҩаӡареи аалыҵ ааглыхреи каҳаит. Убри ашьҭахь, ирласны имҩаҧгаз ареформақәеи атоталтә регулиациа аполитикеи асоциалтә аиҟарамра ариашара рылымшеит, абжьааҧнытә атәылауаа рҭагылазаашьа еиҕьамхеит, ҳуааҧсыра рпроблема хада - аусурҭадареи аҕарреи ӡбашьак амоуит. 2012 шықәсазы, „Ақырҭуа гәахәтәы" анапхгара анырга ашьҭахь, асоциалтә политикеи, агәабзиарахьчара аусхкы аҿы имҩаҧгаз ареформақәеи, аҳәынҭқарра ароль аизырҳареи, абизнес ацхраареи, абжьааҧнытә атәылауаа рзы агарантқәеи аицфинансыркреи амеханизмқәа раҧҵареи абзоурала, аекономикатә параметрқәа акырӡа еиҕьхеит, аиҟарамра аҩаӡара еиҵхеит. Жәларбжьаратәи ареитингқәа рҿы аҧхьагылара шҳамоугьы, ареалтә ҧсҭазаашьа шеиҕьхазгьы, ҳекономикаҿы уажәгьы аструктуратә проблемақәа иҟоуп. Абарҭ апроблемақәа иреиуп асоциалтә политика. Асоциалтә цхыраара зауа 600 000-ҩык раҟара социалла ихьчам ауааҧсыра рҟынтәи 300 000-ҩык раҟара аусура зылшо роуп, аха, урҭ аусура иаламгаратәы аҭагылазаашьақәа зегьы рзеиқәыршәан. Убри аҟынтә, ҳара ауаажәларратә аусуратә ҭыҧқәа аҧаҳҵароуп, арҭ ауаа атәыла аиҭаргылара апроцесс алахәызара рылшаратәы иҟаҳҵароуп, асоциалтә цхыраара аиура инаваргыланы, аусура иалагаратәы амотивациа раҳҭароуп, рквалицикациа ашьҭыхраҿы ма азанааҭ ҿыц аҭҵаараҿы ҳрыцхраароуп. Аусуратә мчы ду аусурҭала аиқәыршәареи аекономикаҿы алахәызаара алшара рыҭареи ала, етапла, еиҵаҳтәуеит асоциалтә цхыраара зауа ауаа рхыҧхьаӡара, асоциалтә цхыраара ацынхәрас, дара иаҳа еиҕьу аулафахәы роуратәы иҟаҳҵароуп, аусурҭа рыҭаны, атәыла аиҭаргылара апроцесс аҽалархәра алшара раҳҭароуп, аусура зылшо ауааҧсыра амотивациа змоу, аконкуренциа зылшо тәылауаас иҟаҳҵароуп. Аусурҭала аиқәыршәара иазку зымҽхак дуу апроцесс аҿы социалла ихьчам ауааҧсыра аҳәынҭқаррантә ироуаз ацхыраара рымырхуам, уи ацынхәрас, аконкреттә уаажәларратә усуразы аулафахәы роуеит. Асоциалтә цхыраара мацара ақәгәыҕреи, аусурҭадареи, амотивациа аҟамзаареи амшала, ауаҩы алашыҩкратә хәамаррақәеи, анаркотикқәеи дрызҿлымҳауа далагоит, иара ихаҭеи иҭаацәареи арыцҳара иҭаиргылоит. Аҩызцәа, абри апроцесс аанкылатәуп.

Мчыбжьқәак раҧхьа сара онлаин казиноқәеи ахәмарратә бизнеси ашәахтә рықәҵара амеханизм ҿыц аҧҵара иазку аинициативала сықәгылеит. Уи инақәыршәаны, зыӡбахәы ҳәоу асектор азы ашәахтә азҳауеит 65-70%-ла. Иара убас, алашыҩкратә хәмаррақәа рӡыргареи 25 шықәса зхымҵыз ауааҧсыра алашыҩкратә хәамррақәа рҿы рылахәызаареи ақәиҭымтәра иазку аӡбара ҳадаҳкылеит.

Зыӡбахәы ҳәоу аҧкра рыдкьыслоит социалла ихьчам, аҳәынҭқарра аҟынтә ацхыраара зауа ауааҧсыреи, аҳәынҭқарратә маҵзуҩцәеи, ахаанкылара амеханизм ахархәара аҳәарала Ашәахтә маҵзура иадҵаало ауааҧсыреи, иара убас, аӡбарҭа ақәҵара ашьаҭала, аҭаацәара алахәылацәа рыҳәарала „асиа еиқәа" иану ауааҧсыреи. Зынӡа, алашыҩкратә хәмаррақәа рылахәызаара азин рымам зықәра наӡоу 1 миллионҩык раҟара ҳтәылауаа.

Онлаин казиноқәа ирыдҳәалоу аинициатива абри асектор ақәыҕәҕәара акәымкәа, ҳтәылауаа, игыло аҿар реиҷаҳара ауп иаанаго. Асектори „Ленд казиноқәеи" ирыдҳәаланы исҳәар сҭахуп, араҟа даҽа азнеишьак ҳамоуп. Аекономикатә активреи атуризм апотенциали аҿиаразы абри абизнес ҳадгылоит. Иаҳҳәап, сара синициативала, Гонио, ҧасатәи аполигон 300 гектар аҵакыраҿы, аекономикатә зона ҷыда еиҿаҳкаауеит, уаҟа афинанстә центр ҿыц ҳаргылоит, уааҵәҟьа асасааирҭақәеи аказиноқәеи ҳаргылоит. Абри апроект анагаӡара ҳалагоит 2022 шықәса инаркны.

Сара сыдҵала инагӡахо даҽа шьаҿак апсихотроптә ахәшәқәа рыҭиразы ахылаҧшра арҕәҕәара иазкуп. Уи, зыҧшра ҟамҵакәа хымҧада зҭыҧ иқәҵатәу, кырзҵазкәа проблемоуп.

Иара убас, афармацевтикатә џьармыкьа арегулиациа ҳгәы иҭоуп, избанзар, ахәшәқәа рыхәқәа ацлеит, атәылауаа ахәшәқәа раахәаразы иаҳа имаҷны аҧара нырхратәы иҟаҵатәуп. Абри азҵааразы абизнесхаҭарнакцәа рацәажәара ҳалагахьеит, хара имгакәа ҳуааҧсыра ари ахырхарҭалагьы аиҭакрақәа рбоит.
Ҳаиҳабыра рзы ахадаратә ҵакы змоу ахырхарҭақәа иреиуп ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара. Иааиуа ашықәс азы апарламент иадаагалоит ауаҩытәыҩса изинқәа ирызку астратегиа ҿыц, уи хықәкыс иамазаауеит ауаҩытәыҩса изинқәа иреиҳаӡоу астандартқәа рышьақәырҕәҕәара.

Еиуеиҧшым жәларбжьаратәи ареитингқәа рҿы Қырҭтәыла ақәҿиарақәа инагӡоит. Иаҳҳәап, Trace International акоррупциа ашәарҭарақәа рҟынтә ахақәиҭра аиндекс инақәыршәаны, сынтәа Қырҭтәыла иреиҕьу европатәи ҩажәа ҳәынҭқарра реиқәыҧхьаӡа иалалеит, адунеи иреиҕьу 30 ҳәынҭқарра иреиуп, иара убас, аиҳабыра рыгәҭа акоррупциа ашәарҭара аҩаӡара лаҟәы аиндекс аҿы актәи аҭыҧ аанаҳкылеит. Абри зегьы, антикоррупциатә закәанҧҵара, атәылауаҩратә уаажәларра алахәызаара, аиҳабыра русура аартызаара уҳәа, еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла ҳаиҳабыра қәҿиарала имҩаҧыргаз ареформақәа ирыбзоуроуп.

Иара убас, "Аглобалтә коррупциа аиндекс 2021" инақәыршәаны, Қырҭтәыла, 9 ҭыҧк рыла ахатә позициа еиҕьнатәит, уи ҳтәылазы крызҵазкәа фактуп.

Аиҳабыра русура алҵшәара аглобалтә индекс инақәыршәаны, сынтәа Қырҭтәыла, Адунеи абанк иалахәы 20 иреиҕьу аҳәынҭқаррақәа иреиуп. Аиндекс шьақәыргылоуп абарҭ аиндикаторқәа рышьаҭала: абизнеслагылазаара, аинфраструктура, аҳәынҭқарратә сервисқәа, акоррупциа аиндекс, афинанстә ҭышәынтәалара.

Аиҳабыра русура алҵшәара аиндекс ала, Қырҭтәыла, Амшын еиқәа арегиони Кавкази аҧхьагылара амоуп. Ареитинг аҿы Қырҭтәыла имаҷымкәа адунеитә ҳәынҭқарра дуқәа ирҧысит.

Иара убас, сара сырзааҭгылар сҭахуп жәашықәстәи аҿиара аплан иарбоу крызҵазкәа проектқәак, урҭ рынагӡара ҳалагоит иааиуа ашықәс азы. Зыӡбахәы ҳәоу апроектқәа рыбзоурала, Қырҭтәыла аҿиара апроцесс аҿы аетап ҿыц иалагоит, ахырхарҭақәа зегьы иаҳа иҕәҕәахоит. Фактла иуҳәозар, адунеи аҿы тәылакгьы иҟам аконкреттә ареалтә план ада аҿиара зылшаз. Сынтәа, сара сыдҵала, аминистррақәа зегьы, уажәазы иҟоу аҳасабтәқәа ҳәаақәҵаны, ажәлар ирызцәырыргеит жәашықәсатәи аҿиара иазку ауснагӡатәқәа рпланқәа. Сара абарҭ апланқәа даҽазнык срыхцәажәаны, ҳаҧхьаҟа зынагӡара ҳалаго апроектқәа сырзааҭгылар сҭахуп.

Аекономика ахырхарҭала, апроект „Иҟаҵа Қырҭтәылаҿ" аҳәаақәа ирҭагӡаны, анаплакқәеи асасааирҭақәеи ирго аҧсахтә аицфинансыркра апрограмма зынӡа рхы иадырхәахьеит 735 наплакқәа, абарҭ ашықәсқәа рзы 1000 еиҳаны апроектқәа аҧара рзоушьҭын. 2 миллиард лари аинвестициа мҩаҧган, 26 000 аусуратә ҭыҧқәа аҧҵан.

2022 шықәсазы абизнес адгыларатә программақәа иаҳа иҭбаахоит. Апрограмма ианагалаз инаркны иахьанӡа аиндустриатәи акредиттәи агарантиатә схема, инеизакны, 1 400 раҟара анаплакқәа рхы иадырхәазар, анеҩстәи ҩышықәса рыҩнуҵҟала даҽа 1 500 наплакқәа афинанстә ресурсқәа рыҧшаараҿы ҳрыцхраауеит. Анеҩстәи ашықәс абаиуџьет аҿы абри ахырхарҭазы иазҧхьагәаҭоуп 270 миллион лари.

Сынтәа, цәыббра 1 инаркны аус руеит апрограммақәа „Абизнес експорти" „Абизнес универсали". Апрограммақәа рхы иадырхәоит 350 абизнессобиектқәа, дара аҧсахтә азы анаӡынеи акредиттә гарантиеи асхема ахархәара мацара акәымкәа, агрант аиурагьы рылшоит. Аекспорттәи аимпортаҧсахратәи наплакқәа инарываргыланы, адгылара рымазаауеит агротуристтәи аекотуристтәи абизнес-проектқәагьы.

Сынтәа, амикрогрантақәа рпрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны, 689 проектқәа аҧара рзоушьҭын, 2500ҩык ауааҧсыра аусурҭа роуит.

Иара убас, сынтәа, абизнес ацхрааратә ҧсахтә асубсидирра акомпонент аҳәаақәа ирҭагӡаны, 327 проектқәа аҧара рзоушьҭын, уи ала иазҧхьагәаҭоуп инеизакны 520 миллион лари аинвестициа адыҧхьалареи 5200 раҟара аусуратә ҭыҧ ҿыцқәа раҧҵареи. „Иҟаҵа Қырҭтәылаҿ" апрограмма акредит-гарантиатә схема рхы иадырхәахьеит 184-ҩык ахархәаҩцәа, уи абзоурала аҧҵан 2 500 еиҳаны аусуратә ҭыҧқәа.

Иара убас, сынтәа иалагеит аипотекатә ҧсахтә асубсидирра апрограмма ҿыц, уи рхы иадырхәахьеит 900-ҩык раҟара ҳтәылауаа. Апрограмма ахархәаҩцәа роуп ахылҵ рацәа змоу ма ахылҵ дзауз аҭаацәарақәа. Урҭ рызынтәгьы, ҳпрограмма ацхыраарала, рынхарҭатә ҭагылазаашьа аиҕьтәреи абизнес алагареи рылшеит.

Сара сыдҵала, атуристтә проект ҿыцқәа аус рыдулара иаҿуп. Атәыла зехьынџьара, амуниципалитетқәа зегьы рҿы атуристтә локациа ҿыцқәа аҧҵахоит, ашықәс ҿыц инаркны аконкреттә проектқәа рынагӡара ҳалагоит.

Апроектқәа нагӡахоит аинформациатә технологиақәа рхырхарҭалагьы. 2022 шықәса инаркны зымҽхак дуу апроектқәа иалагоит, 5 000-ҩык раҟара ауааҧсыра аханатә иазыҟаҳҵоит, аквалификациа ашьҭыхраҿы ҳрыцхраауеит, дара жәларбжьаратәи аџьармыкьаҿы аконкуренциа рылшаратәы. Ҳаҧхьаҟа инагӡахоит аиновациатә еко-система аҿиара апроцессгьы. Аамҭакала, Қырҭтәыла аиҳабыра, раҧхьаӡа акәны, стартапқәа аҧара рзоушьҭразы аҧсахтә агара рықәшәом, стартапқәа аҧара рзоуҳашьҭуеит аҳәынҭқарратә биуџьет аҟынтә. Иара убас, кыршықәса рыҩнуҵҟа ҳекономикаҿы аҵакы ду змоу абри ахырхарҭа аҧара азоузышьҭуаз адонорцәа зегьы ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп.

Инагӡахоит агазла аиқәыршәара аҳәынҭқарратә программа, уи аҳәаақәа ирҭагӡаны ҳара 107 анхарҭатә пунктқәа рҿы даҽа 17 000 обонентцәа агазла еиқәҳаршәахьеит. Шәантәыла, Зуруҕлда ашьхаҿ ихыркәшоуп ашахамҩатә комплекс ҿыц, уи аҧышәаратә режим аҿы аусура иалагахьеит. Аӡынтә сезон азы аусура иалагоит гондола аҧшра змоу ҳаамҭазтәи ашахамҩатә комплекс. Кохта ашахамҩа инаӡаны аусура иалагоит, уи аиҭашьақәыргылара хыркәшоуп.

Сынтәа, аӡфымцатә станциақәа рыргыларазы аиқәшаҳаҭрақәа ҳадаҳкылеит: урҭ иреиуп 27 аӡфымцатә станциақәа рпроект, дара 152 мегаватт амҽхак рымазаауеит, ари апроект иалаҳҵоит 230 миллион адоллар;
Амратә афымцастанциақәа рҿиара апроектқәагьы аус рыдааулоит, иара убас, аҧшатә проектқәа рзгьы. Иаҳҳәап, сынтәа ҳара ҳалагеит аҧшатә проектқәа, урҭ, инеизакны, 206 мегават амҽхара рымазаауеит, уи абзоурала, шықәсыкала ҳтәыла аиуеит 812 миллион квт/сааҭ афымца.

Иара убас, сынтәа иҵегьы аҧшатә 2 станциак ртехника-економикатә ҭҵаара амҩаҧгаразы аиқәшаҳаҭрақәа ҳадаҳкылеит, ҳаҧхьаҟа урҭ рыргылареи анапхгара рыҭареи амзызла, зыӡбахә ҳәоу апроектқәа рымҽхак 30 мегаватт иаҟарахоит, дара 108 миллион квт/сааҭ афымца аадрыхуеит.

Иҿыцӡоу атехнологиа - аӡри иаҵәа ахархәара ахырхарҭалагьы аҭҵаарақәа хыркәшаны, аҧышәара ҳалагоит. Активла ауснагӡатәқәа мҩаҧаагоит ахархәаҩцәа рыгәҭа аенергоеффектратә азнеишьа аларҵәаразы.

Афинансқәа рминистрра ахырхарҭала, анеҩстәи ашықәсқәа рзы ҳара ҳзы ахадаратә ҳасабтәхоит амакроекономикатә ҭышәынтәалара ахьчареи афискалтә ҭышәынтәалареи. Сынтәа, ашықәс анҵәамҭанӡа, ахашәала иақәу ашәахтә ахынҳәра арбага 1.9 миллиард лари еиҳахоит, абри аицҵалыҵ ҧасатәи асистема аан иҟаз арбага аҵкыс 1.1 миллиард ала еиҳауп.

Ауал ахылаҧшра аганахьала астратегиатә хықәкқәа иреиуп ауал аиҵатәреи, аиҳабыра инеизакны ирымоу ауал аҿы лари ала ауал ахәҭа аизырҳареи, зыхә дуу ақьаадқәа рџьармыкьа аҿиареи, адәныҟатәи аҧсахтәқәа рҿиара ахырхарҭа аизырҳареи. Ҳара есышықәса абиуџьет адефицит ҳармаҷуеит. 2024 шықәсазы аиҳабыра руал 50%-нӡа илаҟәхоит.

Аҳәынҭқарратә наплакқәа рҿы акомплексттә реформа мҩаҧгахоит, убри азоурала, ашәарҭарақәа рызҳара ацынхәрас, аекономикатә азҳара иацхрааша анаплакқәа аҧҵахоит.

Аҵара ахырхарҭалагьы „Ақырҭуа гәахәтәы" рхаан крызҵазкәа ашьаҿақәа ҟаҵоуп. Ҳара 174 ашкол ҿықәа ҳаргылеит, аханатә еиҭашьақәыргылоуп 257 аҳәынҭқарратә школқәа. Сынтәа мацара 64 ашколқәа ҳаргылеит, убри аҟараҵәҟьа ашколқәа еиҭашьақәҳаргылеит.

Қәҭешьтәи жәларбжьаратәи ауниверситет аҿы адронтә терапиа ацентр арҿиаразы аҵыхәтәантәи аамҭазы крызҵазкәа ашьаҿақәа ҟаҵоуп. Ацентр аҧара азоурышьҭит ҳпартиа ашьаҭаркҩы Биӡина Иванишвилии иара ифонд „Қарҭуи" , ауниверситет аҿы ишьақәдыргылоит адунеи иреиҕьу аилахәыра (IBA) ала иҟаҵоу 2 циклотронк, уажәазы урҭ рҧышәара иаҿуп. Циклотронк акьыба ачымазара ахәышәтәра иазкызаауеит, уи акьыба ачымазара змоу ахәыҷқәа рзы аҵакы ҷыда амоуп.

Егьи ациклотрон амедицина-ҭҵааратә процессқәеи атомтә физикеи ирызкызаауеит. Апротонтә терапиа ацентр аҿы раҧхьатәи апациентцәа рыдыркылоит 2024 шықәсазы.

Ҳаҧхьаҟа иҳаҧсахуеит иреиҳаӡоу аҵаратә программақәа ракредитациатә системагьы. Лымкаала, аминистрра аинициативала ихиаалоу акластертә акредитациа аларҵәара ҳгәы иҭоуп, уи аҵаратә программақәа рҿы аҵара ахаҭабзиара аиҕьтәреи Қырҭтәыла аҿар ироуа аклассификациақәа жәларбжьаратәи аҩаӡараҟны рызхаҵареи иацхраауеит.

Ҧхынҷкәын 7 рзы Бриуссель ҳнапы аҵааҩит Қырҭтәыла аларҵәара зауа, аҭҵаареи аиновациақәеи рзы Евроеидгыла программа ҿыц Horizon Europe иазку аиқәшаҳаҭра, ари ахҭыс аҵакы ду амоуп. Иара убас, иазгәасҭар сҭахуп, Евгени Хараӡе ихьӡ зху Қырҭтәыла амилаҭтә астрофизикатә обсерваториа аиҭашьақәыргылара ахыркәшаразы ҳаҧхьаҟа ари аус иҵегьы 10 миллион лари азоуҳажьҭуеит, ари аҧара аобсерваториа аиҿкаареи, ателескопқәа реиҭашьақәыргылареи, ателескоп ҿыц аахәареи иахҭнырҵоит. Иара убас, Абастумани аҧҵахоит ҳаамҭазтәи аҵарадырра амузеи. Хара имгакәа аобсерваториаҿы еиҿкаахоит жәларбжьаратәи ахылаҧшратә хеилак, уи алахәылацәа аобсерваториа аҿиара аетап ҿыц иалагоит. 2022 шықәса жәабран инаркны, раҧхьаӡа акәны, Гарвардтәи ауниверситет аҿы иҟоу Девис ицентр аҿы қарҭвелологиа апрограмма иалагоит, уи анапхгара азиуеит америкатә аҵарауаҩ, қарҭвелолог, апрофессор Стивен Џьонс.

Агәабзиарахьчареи асоциалтә политикеи ахырхарҭала аиҳабыра рықәҿиарақәа сырзааҭгылар сҭахуп. Ҳәарада, аҵакы хада амазаауеит зегьирзеиҧшу агәабзаиарахьчаратә программа, 2022 шықәса инаркны уи афинансыркра азҳауеит 20 миллион лари ала. Қарҭи арегионқәеи рҿы аус зуа амедицинатә цхыраара лас аҳақьымцәеи аперсонали рулафахәы еиҟараҳтәуеит, уигьы агәабзиарахьчара ареформаҿы крызҵазкәа ашьаҿақәа иреиуп.

Ашьақарчымазара змоу ахәыҷқәа зегьы, ҳаҧхьаҟа, ашьаҿы ашьақар еиҧҟьарада агәаҭаразы аҧара рзоуҳажьҭуеит. Иааиуа ашықәс инаркны, ашколқәа рҿы аҳақьымцәеи амедицинатә кабинетқәеи аусура иалагоит Агәабзиарахьчара аминистрра ала ишьақәыргылоу астандартқәа инрықәыршәаны. Иара убас, ишәасҳәар сҭахуп, сынтәа 3000 еиҳаны ихҵәоу аҭаацәарақәа анхарҭақәа роуит, ҳаҧхьаҟагьы убри аҟараҵәҟьа ахҵәацәа анхарҭақәа рыла еиқәҳаршәоит. Атәанчахәқәеи еиуеиҧшым ахархәагақәеи срылацәажәахьеит, урҭ рыбзоурала, ҳаҧхьаҟа ҳуааҧсыра рсоциалтә ҭагылазаашьа еиҕьхоит.

Уажәы атәылахьчара ахырхарҭала ҧыжәарақәас иҳамоу шәасҳәар сҭахуп. Ҳәарада, абри аусхкы ҳара ҳзы ахадаратә ҵакы змоу ахырхарҭақәа иреиуп. Ҳтәыла ахыхьчаралшара аиҕьтәреи, НАТО астандартқәа рзааигәахареи, абри аиҿкаарашҟа аинтеграциеи. Арратә маҵзуҩцәеи рҭаацәарақәеи иахәҭоу асоциалтә ҭагылазаашьақәа рзеиқәыршәара ҳара ҳзы ахадаратә ҵакы змоу ҳасабтәуп.

Арратә маҵзуҩцәа рҭагылазаашьа аиҕьтәра амзызла, ажьырныҳәа инаркны рулафахәы ацҵара ҳгәы иҭоуп - ҵаҟатәи аҩаӡра иаҵанакәа арратә маҵзуҩцәа рзы 20%, иаҳа зчин дуу арратә маҵзуҩцәа рзы 10%.

Аулафахәы ацҵара апроцесс анеҩстәи ашықәсқәа рзгьы инагӡахоит. Ҳара атәылахьчара иазку азакәанеидкыла ашҟа крызҵазкәа аҧсахарақәа алагалара ҳгәы иҭоуп.

Иааиуа ашықәс азы „Ар рықалақь - Army City" аргылара хыркәшахоит. Апроект инақәыршәаны, Махата ашьхаҿ 7 еихагылак зауа 39 корпусқәа ҳаргылеит, мышқәак рыҩнуҵҟала аусурақәа хыркәшахоит, 1090-ҩык раҟара арратә маҵзуҩцәа, зеиҧшҟамлац азинҷыдала ауадақәа роуеит.

Аҵыхәтәантәи ҩышықәса рыла ҳара арратә базақәа зегьы ҳаамҭазтәи астандартқәа рыла еибыҭаны, еиҭашьақәҳыргылеит. Арратә авиациа аиҭашьақәыргылара апроцесс иалагеит, уажәазы иҟоу аҧырратә аппаратқәа реиҭашьақәыргыларатә усурақәагьы қәҿиарала имҩаҧысуеит. Ақырҭуа арратә ааглыхра аҕәҕәахара иаҿуп. Сынтәа ҳара Қырҭтәыла аҟаҵара ҳалагеит НАТО астандартқәа ирышьашәалоу автоматтә бџьар GI-4, уигьы автоматтә амцабџьаргьы „Дельта" абазаҿы иаҧҵоу ақырҭуа-ауриатә ааглыхырҭа „Дельта СиЕиЕи" аҿы иҟарҵоит.

Қырҭтәыла Атәылахьчаратә мчқәа апилотдатә аҧырратә аппаратқәа рыла реиқәыршәара апроцесс иалагеит. Хара имгакәа ақырҭуа-полиактәи ақырҭуа-ауриатәи ааглыхырҭақәа рӡыргара мҩаҧаагараны ҳаҟоуп. „Дельта" аҿы ҳара иҭҳажьхьеит ҳаамҭазтәи астандартқәа ирышьашәалоу, амодернизациа зызу аҧшыхәаратә машьына ҿыц, уи мышқәак раҧхьа ҳуааҧсыра идҳарбеит.

Мызқәак рышьҭахь ҳара апарламент иадаагалоит ирҿыцу Амилаҭтә шәарҭадара аконцепциа аҵыхәтәантәи аверсиа. Иара убас, иҳарҿыцуеит Ашәарҭарақәа ахәшьара рыҭара адоументи Атәылахьчара амилаҭтә стратегиеи, аиҳабыра ари адокумент шьақәдырҕәҕәоит анеҩстәи 3-4 мза рыҩнуҵҟала. Иара убас, жәабран азы, апарламент иадаагалоит акритикатә ҵакы змоу аинфраструктура ахьчара иазку азакәанпроект.

Уажәы аинфраструктуреи ақыҭанхамҩеи салацәажәар сҭахуп. Раҧхьа иргыланы, ақыҭанхамҩа сазааҭгылоит. Ҳәарада, зхаҭабзиара ҳараку, аконкуренциа зылшо аалыҵ ааглыхра амзызла, анаплакҩцәеи афермерцәеи рыцхраара наҳагӡоит.

Абри ахырхарҭала ақәҿиарақәа шҳамоу убарҭоуп астатистикатә дыррақәа рылагьы. „Агрокредит апрограмма" азы, зынӡа абиуџьет аҟынтә иныхын 560 миллион лари, 2022 шықәсазы 121 миллион лари иныхзаауеит.

Иара убас, ишәасҳәар сҭахуп, сынтәа, қьырала аус зуа ауааҧсыра рхыҧхьаӡара ацлеит 20 нызқьҩык, ақыҭан қьырала аус зуа ауааҧсыра рхыҧхьаӡара иазҳаит 40000-ҩык рыла. 23 миллион аҟынтә 96 миллионынӡа иазҳаит аҩы аекспорт, ари аусхкы аҟынтә ахашәала азҳаит 75 миллион аҟынтә 220 миллионынӡа. Аҵыхәтәантәи 8 шықәса рыҩнуҵҟала аӡахәааӡаҩцәа ажь аҭира аҟынтә 1,8 миллиард лари ахашәала роуит.

Ақыҭа аҿиара агентра апрограмма ала, атәыла зехьынџьара, 14 000 гектар аҵакырадгьыл аҿы еиҭаҳауп кыршықәсатәи абаҳчақәа. Аҳәынҭқарра афинанстә цхыраарала, аҧҵоуп 250 еиҳаны аҿыц наклакқәа; аханатә еибыҭаны аусура иалаҳаргеит 1000 еиҳаны анаплакқәа.

Иара убас, сынтәа ҳалагеит ақыҭанхамҩа амеханизациа аицфинансыркра апроект, уи ала иазҧхьагәаҭоуп ақыҭақәа еиуеиҧшым ақыҭанхамҩатә техникала реиқәыршәара, ари аус иазоуҳашьҭуеит 150 миллион лари.

Ҳнапхгара рхаан имҩаҧган амелиорациатә инфраструктура иазку 368 проектқәа. Урҭ рыбзоурала, аӡыла еиқәыршәаз адгьылҭыҧқәа рҵакыра 45 000 гектар аҟынтәи 160 000 гектарнӡа иазҳаит. 20-30 шықәса рыҩнуҵҟа ақыҭанхамҩатә дгьылқәа аӡы ахьрықәрымҭәоз ақыҭақәагьы иахьа аӡыла еиқәыршәоуп.

Крызҵазкәа апроектқәа мҩаҧгоуп аҧсабара ахьчара ахырхарҭалагьы. Ҳаиҳабыра рхаан аҳәырҧсаррақәа рҵакыра зеиҧшҟамлац ала, 280 нызқь гектарнӡа иазҳаит. Иахьазы аҳәырҧсаррақәа атәыла аҵакырадгьыл 11.5% ааныркылоит.

Уажәшьҭа аинфраструктура сазааҭгылоит. Ишәасҳәар сҭахуп араагьы зеиҧшҟамлац ала абиуџьет ду шыҟало. Сынтәа зҵакы дуу апроектқәа ралагара ҳгәы иҭоуп. Ҳара амуниципалитетқәа зегьы рҿы аурбантә арҿыцра апрограммақәа ҳалагеит, раҧхьатәи аетап азы арҭ аусурақәа ирылаҳҵоит 500 миллион лари, ҳара ари апроект ҳхаркәшоит анеҩстәи мызқәак рыҩнуҵҟала. Зынӡа ари апроект иалаҳҵоит 3.3 миллиард лари, уи сынтәа Аинфраструктура аминистрра иамаз абиуџьет аасҭа 16%-ла еиҳауп, 2020 шықәсатәи абиуџьет аасҭа 28%-ла еиҳауп.

Иара убас, ишәасҳәар сҭахуп мрагылара-мраҭашәаратә магистраль даҽа 50 км. ацыҧҵәаха шааҳартуа, уи абзоурала, аиҭаҵразы иаҭаху аамҭа 20 минуҭ рыла имаҷхоит. Мрагылара-мраҭашәаратәә корридор аргылара ҳаналгалак, ацыҧҵәахақәа зегьы анааҳартлак, аиҭаҵразы иаҭаху аамҭа ҩынтә имаҷхоит, Ацҳа ҟаҧшь аҟынтә Сарҧи аҟынӡа анеиразы 8 сааҭк рцынхәрас 4 сааҭк ауп иаҭаххо.

Иара убас, иазгәасҭар сҭахуп сынтәа зҵакы дуу амҩақәа шааҳартыз. Имереҭии Раҷеи еимыздо 51 км. амҩа ҿыц, уи абзоурала, Қарҭынтә Они аҟынӡа анеиразы 3 сааҭк мацароуп иаҭаху, арегион иаҳа ирацәаны ауааҧсыра иаҭаауа иалагеит. Еиҧҟьарада имҩаҧысуеит аӡылеиқәыршәара апроектқәа. Уажәазы 150 анхарҭатә пунктқәа рҿы имҩаҧысуа апроектқәа рыбзоурала, 360 000-ҩык ҳуааҧсыра аӡыла еиқәыршәазаауеит, урҭ рҟынтә 200 000ҩык хаангьы аӡыла еиқәыршәамызт. Анеҩстәи 4 шықәса рыҩнуҵҟала имҩаҧааго аусурақәа рыбзоурала, ақалақьқәа зегьы уахгьы-ҽынгьы аӡыла еиқәыршәазаауеит.

Иара убас, иааркьаҿны сазааҭгылар сҭахуп акультуреи, аспорти, аҿари рхырхарҭақәа. Сынтәа зҵакы дуу ауснагӡатәқәа мҩаҧаагараны ҳаҟоуп. Ишыжәдыруа ала, амҵәышәампыл азы Европа ачемпионат „Евробаскет" мҩаҧаагоит, ҳәарада, уи азы ибзианы ҳазыҟаҵазароуп. 2022 шықәсазы Қырҭтәыла имаҷымкәа атурнирқәа мҩаҧысуеит. Урҭ иреиуп аӡиудо азы „Гранд слем", ақәҧареи, арегби, аӡынтә спортхкқәеи уҳәа, убас егьырҭгьы имаҷымкәа атурнирқәа.

Иара убас, иазгәасҭар сҭахуп акультуратә ҭынха ҳбеиара шакәу. Акультуратә ҭынха ахьчареи ахылаҧшреи аҵакы ҷыда амоуп, ари апроцесс иалахәызароуп зквалификациа ҳараку ауааҧсыра мацара. Ҳаҭыр зқәу Ҭеа ари ахырхарҭала крызҵазкәа ауснагӡатәқәа мҩаҧылгеит.

Адәныҟатәи еизыҟазаашьақәа инарҭбааны срылацәажәахьеит. Имҩаҧаагаз адәныҟатәи политика алҵшәа бзиа ахылҵит, арегион аҿы имаҷымкәа авизитқәа мҩаҧаагеит. Ари ахырхарҭала аусеицура наҳагӡоит, ҳрегион аҿы иаҳа ирацәаны авизитқәа мҩаҧаагоит. Иазгәасҭар сҭахуп Мрагыларатә партниорра асаммит алҵшәақәа римплементациа ахырхарҭала аусура аҵакы ду шамазаауа. Иара убас, 2022 шықәсазы ҳара ҳзы аҵакы ҷыда амазаауеит НАТО асаммит аҿы Қырҭтәыла азҵаара ишахәҭоу ала аарҧшреи Амшын еиқәа арегион аҿы НАТО алахәызаара арҭбаара ацхраареи. Ҳәарада, астратегиатә хартиа аҳәаақәа ирҭагӡаны, Америкаҟны апартниорра ҳарҭбаароуп, уажәазы Америкеи ҳареи иҳабжьоу зыҩаӡара ҳараку аполитикатә диалоги акоординациеи ихьчатәуп. Иара убас, аҵакы ду амазаауеит Қырҭтәыла-Азербаиџьантәи, Қырҭтәыла-Шәамахьтәылатәи, Қырҭтәыла-Ҭырқәтәылатәи аполитикатәи аекономикатәи еизыҟазаашьақәа рырҕәҕәареи уажәазы иҟоу апотенциал инаӡаны ахархәареи, арегионалтә инфраструктуратә проектқәа рырҭбаареи азҵаара.

Аполициеи Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи сырзааҭгылар сҭахуп. Ҳаҭыр зқәу Вахтанг Гомелаурии аполициа аусзуҩцәеи инарыгӡаз аусуразы ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп. Ҳполициа аусушьа бзиа иазгәарҭеит иакымкәа жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа. Ишәгәаласыршәар сҭаахуп америкатә аиҿкаара "Gallup" аиндекс инақәыршәаны, Қырҭтәыла, Германтәылеи Швециеи Мальтеи инрываргыланы, адунеи иреиҕьу ҩажәа ҳәынҭқарра реиқәыҧхьаӡа ишалоу. Ҳәарада, уи ҳполициа иабзоуроуп. Аиндекс шьақәыргылоуп аглобалтә ҭҵаарақәа рышьаҭала, урҭ рҟны ауаа ршәарҭадареи азинхьчаратә органқәа рҟны рҧышәеи ахәшьара аҭоуп. Иара убас, иазгәасҭар сҭахуп сынтәа ацәгьаурақәа раартра арбага 30% аҟынтә 47%-нӡа ишазҳаз. Ҳаҭыр зқәу Вахтанг имаҷымкәа апланқәа имоуп, аинфраструктуратә проект ҿыцқәа рынагӡареи, аполициатә сервисқәа реиҕьтәреи ргәы иҭоуп, ауааҧсыра аелектронтә сервисқәа рхархәара иаҳа ирзыманшәалахоит. Убри адагьы, Баҭыми, Қәҭешьи, Ҭелавии иаку амаҵзуратә центрқәа еиҿыркаауеит. Автопаркгьы дырҿыцуеит.

Аиустициа аминистррагьы крызҵазкәа амбициатә планқәа амоуп. Сынтәа ҳаҭыр зқәу Рати ари ахырхарҭала активла аус иуан. Атәыла зехьынџьара адгьыл ашәҟәы аҭагалара апроцесс иалагахьеит. Ари апроект хышықәса инагӡахоит, 1 200 000 гектар адгьыл ашәҟәы иҭаргалоит. Иара убас, аалыҵ ҿыц аҧҵара аганахьала аинтерес зҵоу аинициативақәа ҳамоуп, иаҳҳәап, хазхаҭалатәи асектор абизнес иадҳәалоу аҳәынҭқарратә сервисқәа зегьы рхархәара алшоит қәыҧшыларак аҿы, ҧенџьырк апринципла. Ҳара „Арыцхәтә Аиустициа аҩны" асистемашҟа аиасразы аусура наҳагӡоит. Арыцхәтә амобилтә аппликациа ахиаалара ҳаҿуп, мызқәак рышьҭахь уи ҳуааҧсыра ирыдаагалоит. Амобилтә аппликациа ала, ауаҩҧсы, аҩны ддәылымҵкәа, иарбанызаалак асервис ахархәара илшоит. Иара убас, аҧшьбатәи абиҧара иаҵанакәа ҳаамҭазтәи абиометриатә паспортқәа рыҟаҵара ҳгәы иҭоуп, урҭгьы мызқәак рышьҭахь ҳуааҧсыра ирыдаагалоит, абиҧара ҿыц иаҵанакәа ахаҭара агәраргагагьы аларҵәара ҳгәы иҭоуп.

Аинаалареи атәылауаҩратә аиҟарареи азҵаарақәа рзы аҳәынҭқарратә министр иаппарат аҟны акоординациа ала, импыҵахалоу арегионқәа ирыдҳәаланы аинаалареи алахәызаареи аҳәынҭқарратә стратегиатә политика аиҭахәаҧшра апроцесс мҩаҧысуеит, уи 2022 шықәсазы ихыркәшахоит. Астратегиаҿы иазҧхьагәаҭазаауеит импыҵахалоу аҵакырадгьылқәеи аиҟәшаратә цәаҳәақәеи ирықәынхо ауааҧсыра рҭахрақәеи ринтересқәеи; аимак амшала азарал зауз ауааҧсыра ахәаҧшыра ҿыцқәеи алшара ҿыцқәа рыдаагалоит.

Импыҵахалоу арегионқәа ирықәынхо ауааҧсыра аҵара бзиеи амедицинатә маҵзуреи рзеиқәыршәареи, апандемиа амшала ирызцәырҵыз апроблемақәа рыӡбараҿы рыцхраареи наҳагӡоит. Ҳара ҳзы аҵакы ду амазаауеит аиҟәшаратә цәаҳәа наҟ-ааҟ инхо ауааҧсыра, "Аҭынчра афонд" аҳәаақәа ирҭагӡаны ахәаахәҭратәи абизнестәи проектқәа рынагӡараҿы рыцхраара. Аиҟәшаратә цәаҳәа наҟ-ааҟ инхо ауааҧсыра ирыхәаша аинфраструктуратәи, асоциал-економикатәи, аҵаратәи программақәа рымҩаҧгара наҳагӡоит.
Аҩызцәа, сара 2022 шықәсазы инаҳагӡараны иҟоу апроектқәа рыхәҭа хәыҷык ауп сызлацәажәаз.

Иахьа, ҳусура алҵшәақәеи ҳаҧхьаҟа ҳтәыла аҿиареи ҳаналацәажәо, ҳтәыла ҧхьаҟацаразы зхы иамеигӡакәа аус зуа ауааҧсыра зегьы ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп. Аҳәынҭқарратә маҵзуҩы цыҧхьаӡа, аминистрра цыҧхьаӡа аусзуҩцәа зегьы, аминистрцәа зегьы ҭабуп ҳәа расҳәоит инарыгӡаз аусуразы, апарламентгьы, адепутатцәагьы, ҳгәыҧ ҕәҕәа алахәыла цыҧхьаӡа, шәызынтәгьы ҭабуп ҳәа шәасҳәоит. Жәларбжьаратәи ҳпартниорцәа, ҳҩызцәаҵәҟьа, ацхыраареи адгылареи азыҳәан ҭабуп ҳәа расҳәоит. Қырҭтәыла ақәҿиара зыбзоуроу ауаажәларра алахәыла цыҧхьаӡа ҭабуп ҳәа иасҳәоит. Ҷыдала ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп ҳгәы зыздуу ҳполициа аусзуҩцәеи, ҳаруаа фырхацәеи, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аусзуҩцәеи анапхгаҩцәеи, ҭабуп ҳәа расҳәоит афырхаҵара ду аазырҧшыз ҳҳақьымцәа, ҭабуп ҳәа расҳәоит ҳуахәамеи ҳпатриархиеи, ҳажәлар сраҭабууп!

Агәра ганы сыҟоуп ҳажәлар аиҳабыра ринициативақәа ишрыдгыло, ҳаидгыланы Қырҭтәыла аҿиара аетап ҿыц ашҟа аиасра шҳалшо. Ҳәарада, ҳара иҳалшо зегьы ҟаҳҵароуп, ҳтәылеи ҳажәлари гәыкала рымаҵ аауроуп. Аусуратә ҭыҧқәа аҧаҳҵароуп, аҕарра еиҵаҳтәроуп, ҳуааҧсыра аҭынчреи мышхәыбзазареи рзеиқәҳаршәароуп. Амуниципалитетқәа зегьы рҿы, ақалақьқәа зегьы рҿы ҳажәлар аҿиареи апрогресси рзааҳгароуп. Анеҩстәи ашықәсқәа аҭынчреи, аҭышәынтәалареи, аҿиареи, аиҭаргылареи шықәсқәаны иҟалароуп! Шәызынтәгьы ҭабуп ҳәа шәасҳәоит, 2022 шықәсазы агәабазиареи, анасыҧи, аҭынчреи, ақәҿиаарақәеи шәзеиҕьасшьоит!

Анцәа илҧха шәыгымзааит!