Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2021 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Қырҭтәыла аҧыза-министр шәамахьтәылатәи иколлега диҧылеит Print Version

2021-12-20

  ..

Ҳажәларқәа реимадарақәа аҭоурых ду рымоуп, Қырҭтәылеи Шәамахьтәылеи рполитикатәи рекономикатәи еизыҟазаашьақәа реиҧшҵәҟьа, - иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Шәамахьтәылатәи ареспублика аҧыза-министр Никол Ҧашиниан даниҧылоз.

Аиҳабыра рнапхгаҩы, ҩ-тәылак реиҳабырабжьаратә економикатә комиссиа аилатәара амҩаҧгара амзызла атәыла иаҭааиз иколлега ивизит аҵакы дахцәажәан, ишазгәеиҭаз ала, кыршықәсатәи ааҭгылара анеҩс, зыӡбахәы ҳәоу акомиссиа хаҭала Никол Ҧашиниан иҽалархәралf аусура еиҭалагеит, насгьы, ари акомиссиа иҳаракӡоу аҩаӡаранӡа, аҧыза- министрцәа рыҩаӡаранӡа ишьҭыхуп.

Аиҧылараҿы ишазгәаҭаз ала, аиҳабырабжьаратә комиссиа Қырҭтәылеи Шәамахьтәылеи рыбжьара аекономикатәи аполитикатәи аимадарақәа рырҕәҕәара иацхраауеит.

Аганқәа рхаҭарнакцәа арегион аҿы аҭагылазаашьеи уажәазы иҟоу аҳасабтәқәа рыӡбаразы азеиҧш ҽазышәара аҵаки иазааҭгылеит.

Иракли Ҕарибашвили ишазгәеиҭаз ала, арегион аҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи ахьчароуп изызку иара ЕАР Ассамблеиа хадаҿы дызлацәажәоз аинициатива „Аҭынчратә агәалара аинициатива", избанзар, адемократиатә аҿиареи, иҕәҕәоу аҳәынҭқарратә институтқәеи, иаарту анапхгараҭареи, аекономикатә прогресси аиқәыршәара ҟалоит арегион аҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи аныҟоу мацара.
Қырҭтәылеи Шәамахьтәылеи рҧыза-министрцәа ишиашо реиҧылара мҩаҧган аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы, ҩ-тәылак реиҳабырабжьаратә економикатә комиссиа аилатәара иалагаанӡа.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура