Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2021 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Қырҭтәылеи Шәамахьтәылеи рҧыза-министрцәа рхантәаҩрала, ҩ-тәылак реиҳабырабжьаратә економикатә комиссиа аилатәара мҩаҧган

2021-12-20

  ..

Қырҭтәылеи Шәамахьтәылеи рҧыза-министрцәа рхантәаҩрала, аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы ҩ-тәылак реиҳабырабжьаратә економикатә комиссиа аилатәара мҩаҧган.

Акомиссиа аилатәара аадыртит Иракли Ҕарибашвилии Никол Ҧашиниани.

Қырҭтәыла аиҳабыра рнапхгаҩы шәамахьтәылатәи иколлега Қырҭтәыла ивизит азы ҭабуп ҳәа иаҳәаны, ҩ-тәылак рыбжьара қәҿиарала имҩаҧысуа аусеицура ҕәҕәа дахцәажәеит.

„Салам шәысҭоит, ҳаҭыр зқәу аҧыза-министри, ҳаҭыр зқәу аделегациа алахәылацәеи, акыр иаҧсоу аҩызцәеи, Қырҭтәыла шәыдкылара сара сзы ҳаҭыр дууп. Сҩыза, аҧыза-министр Никол Ҧашиниан Қарҭ бзиала уаабеит ҳәа иасҳәар сҭахуп. Сынтәа шәара иҩынтәны Қырҭтәыла шәаҭааит. Саргьы ҩынтә аофициалтә визитла Ереван сыҟан, гәахәарыла иазгәасҭар сҭахуп абарҭ авизитқәа рылагьы ишубарҭоу ҳтәылақәа аигәылареи, аизыҟазаашьа бзиақәеи, аусеицура ҕәҕәеи шрыбжьоу. Убри азыҳәан ҭабуп ҳәа шәасҳәар сҭахуп. Иара убас, ҭабуп ҳәа шәасҳәоит ҳинициативала, ҳаиҿцәажәарақәа рыбзоурала, аиҳабырабжьаратә економикатә комиссиа иахьатәи аилатәара ҳара ҳаҩаӡараҟны, аҧыза-министрцәа рыҩаӡараҟны ахьымҩаҧысуа азыҳәан. Хаҭала шәара шәылахәызаара алоуп кыраамҭатәи аангылара ашьҭахь абри акомиссиа еиҭах аусура ишалагаз. Ҳәарада, ҳаиҩызаратә еизаҟазаашьақәа ареалтә усқәа ирныҧшыр ҳҭахуп. Ҳара ахәаахәҭра-економикатә еизыҟазаашьақәа ҳарҭбаароуп, арегионалтә проектқәеи аинфраструктуреи, аҩ-ганк изызҿлымҳау егьырҭ апроектқәеи ҳрылацәажәоит, убри азоуп иахьа абра ҳзеизаз. Ҳаизыҟазашьақәа зеиҧшҟамлац ала иҕәҕәоуп. Згәыдурала иазгәаҳҭар ҳалшоит ҳтәылақәа рыбжьара абри аҩыза аизыҟазаашьақәа хаан ишыҟамыз. Еснагь ҳаизыҟазаашьақәа бзиан, аиҩызара ҳабжьан, аха, ҳара ҳабзоурала, иахьа ҳтәылақәеи ҳаиҳабырақәеи изакәызаалак аилыбамкаарак рыбжьам, иҵабыргны, аидеалтә еизыҟазаашьақәа ҳамоуп. Ҳара арегион аҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи ҳазҿлымҳауп, Қырҭтәыла ари апроцесс аҿы еснагь ахадаратә роль анагӡара иазыхиоуп. Убри ауп изызку синициатива „Аҭынчратә аигәылара аинициатива". Ҳаҭыр зқәу аҧыза-министр, ишәзышьақәсырҕәҕәар сҭахуп ҳара арегион аҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи арҕәҕәара аус аҿы алагала ду аҟаҵара ҳшазыхиоу", - иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.

Шәамахьтәыла аҧыза-министр Қырҭтәыла аиҳабыра рнапхгаҩы шәамахьтәылатәи аделегациа гәыкала рыдкыларазы ҭабуп ҳәа иеиҳәеит.

„Ҳаҭыр зқәу аҧыза-министр, акыр иаҧсоу Иракли, ҳаҭыр зқәу аилатәара алахәылацәа, аҩызцәа, Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии шәамахьтәылатәи ареспубликеи Қырҭтәылеи рыбжьара аекономикатә усеицура аиҳабырабжьаратә комиссиа 11-тәи аилатәара алахәылацәеи гәыкала салам шәысҭар сҭахуп. Раҧхьа иргыланы, ақырҭуа ҳколлегацәа ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп гәыкала ҳахьрыдыркылаз азыҳәан.

Гәахәарыла иазгәасҭар сҭахуп ауадаҩрақәа шырацәоугьы, Қырҭтәылеи Шәамахьтәылеи реизыҟазаашьақәа рҿы аетап ҿыц ишалагаз, еиуеиҧшым аусхкқәа рҿы ақәҿирақәа ҳамоуп. 2019 шықәсазы ҳареи Қырҭтәылеи амбициатә хықәкқәа ҳәаақәаҳҵеит, ҩ-ганктәи ахәаахәҭратә аикәшара аҭаӡара 1 миллиард адоллар аҟынӡа ишьҭыхтәуп ҳәа ҳҳәеит. Аковид-пандемиа амшала ари апроцесс ирласны изымҩаҧымсит, аха, уажәы, аковид ацынхара анаҳҵо, шәара шәахь ажәалагала сымоуп ахырхарҭақәа зегьы рыла иҳамаз ахықәкқәа рынагӡара амзызла аусура ҳалаганы, ҳтәылақәа рхәаахәҭратә еикәшара 1 миллиард адоллар аҟынӡа ишьҭаҳхып. Ҳәарада, ажәалагала ҳамоуп, аха, ари азҵаара амбициатә ҟазшьа амоуп, сара иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп сынтәа 10 мза рыла ҳтәылақәа рыбжьара ахәаахәҭра арбага аҵыхәтәантәи хышықәса рыҩнуҵҟала иҟаз шықәсыктәи арбага аасҭа иаҳа ишдуу. Аиҳабырабжьаратә економикатә комиссиа анапхгара азыруеит аҩ-тәылак рлидерцәа, уи зеиҧшҟамлац фактуп. Акомиссиа аилатәара ҵыҧх имҩаҧаагараны ҳаҟан, аха, апандемиа амшала ихырҧан. Уи аамҭазы, ҳаизыҟазаашьақәа еиҧҟьарада аҿиара иаҿын. Ҩ-тәылак реиҩызаратә еизыҟазаашьақәа ҳрегион аҿы ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи арҕәҕәара иацхраауеит, ҳаҭыр зқәу аҧыза-министр ҳаизыҟазаашьақәа рҵакы далацәажәахьеит.

Қырҭтәылеи Шәамахьтәылеи рыбжьара ахәаахәҭра-економикатә усеицураҿы ишьақәгылеит аконкреттә хырхарҭақәа, урҭ ирыҵанакәеит атранспорти, аенергетикеи, иҳараку атехнологиақәеи, атуризми, егьырҭ аусхкқәеи. Қырҭтәылеи Шәамахьтәылеи рыбжьара аекономикатә еизыҟазаашақәа шьақәгылеит агәреибагареи ҳажәларқәа ҭоурыхла ирыбжьоу аиҩызареи ашьаҭала. Иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп ҳаизыҟазаашьақәа руаҩытәыҩсатәи ремоциатәи аганқәа. Уи сареи ҳаҭыр зқәу Ҕарибашвилии ҳаизыҟазаашьақәа мацара ракәымкәа, ҳаиҳабырақәа рыбжьара аусеицурагьы анубалоит. Ҳажәларқәа аиҩызара рыбжьоуп, аха, уи ҳаиҳабырақәа рофициалтә еизыҟазаашьақәа ракәымкәа, ауаҩытәыҩсатә еизыҟазаашьақәа роуп изыбзоуроу. Ҳара абри агәреибагара иаҳа иҳарҕәҕәароуп. Шәамахьтәылеи Қырҭтәылеи рнапхгаҩцәа аамҭа-аамҭала еиҧылоит. Ҳара ҳаизыҟазаашьақәа ирыҵанакәа аусхкқәа рацәа ҳрылацәажәаратәы алшара ҳамоуп. Сынтәа сареи ҳаҭыр зқәу аҧыза-министри ҩынтә ҳаиҧылахьеит. Ҳтәылақәа рыбжьара абри аҩыза аизыҟазаашьақәа хаан иҟамызт, убри аҟынтә, аекономикатә еизыҟазаашьақәа рыҩаӡара ҿыц аҳәаақәҵареи ҳаизыҟазаашьақәа ртрадициатә аҩаӡара иаҳа ашьҭыхреи ҳалшоит. Қырҭтәыла аиҳабыра даҽазнык ҭабуп ҳәа расҳәоит шәамахьтәылатәи аделегациа иҳаракӡоу аҩаӡараҟны рыдкыларазы", - иҳәеит Никол Ҧашиниан.

Аиҳабырабжьаратә економикатә комиссиа аилатәара ашьҭахь, Қырҭтәылеи Шәамахьтәылеи рҧыза-министрцәа рнапы аҵарҩит Қырҭтәылеи Шәамахьтәылатәи ареспубликеи рыбжьара аекономикатә зҵаарақәа рзы аусеицура иазку аиҳабырабжьаратә комиссиа 11-тәи аилатәара апротокол.

Акомиссиа аилатәара рхы аладырхәит Қырҭтәылеи Шәамахьтәылеи реиҳабырақәа рылахәылацәеи иашьашәалоу аусбарҭақәа рхаҭарнакцәеи.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура