Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2021 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили инапхгарала аиҳабыра реилатәара мҩаҧган Print Version

2021-12-20

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили инапхгарала, аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы аиҳабыра реилатәара мҩаҧган. Аминистрцәа амш аусхәаҧштә ала иазҧхьагәаҭаз 14 зҵаара ирыхәаҧшит.

Қырҭтәыла аиҳабыра рыӡбарала, Мцхеҭа амуниципалитет хәҭак, лымкаала, Ҵеровани ақыҭан иҟоу 232635.00 м2 аҵакыра аиҿкааратә зона ҷыда астатуси ааглыхра-економикатә статуси анашьоуп. Абри аҵакырадгьыл зыӡбахәы ҳәоу астатус анашьоуп жәларбжьаратәи астандартқәа ,,б'' акатегориа иаҵанакәа алогистикатә парк аргылара ацхрааразы. Аилахәыра ,,Туши колекшен" инанагӡо апроект инақәыршәаны, алогистикатә парк дыргылоит 60 000 м2 аҵакыраҿы. Апроект ала иазҧхьагәаҭоуп ашьҭаҵарҭатә хыбрақәа фбеи, аофистә қәыҧшыларақәеи, асасааирҭеи, автостанциақәеи рзы аинфраструктуреи аиҿкаара.

Иара убас, ачаиҭрақәа реиҭашьақәыргылара аҳәынҭқарратә программа „Ақырҭуа ачаи" аҳәаақәа ирҭагӡаны, аилахәыра, Хони амуниципалитет иаҵанакәа Дедалаури ақыҭан иҟоу 2 гектарк ақыҭанхамҩатә дгьыл, инеизакны - 108,07 гектар аҵакырадгьыл аҿы есышықәса ачаи аадрыхуеит. Убри азыҳәан, аиҳабыра рыӡбарала, зыӡбахәы ҳәоу аилахәыра абри адгьылҭыҧ арҭеит ақьырала, 25 шықәса аҿҳәарала, ахархәара азин ала.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура