Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2021 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Аҧыза-министр адипломатиатә корпус ахаҭарнакцәа рзы ашықәсҿыцнӡатәи адкылара мҩаҧигеит Print Version

2021-12-19

  ..

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Қырҭтәыла аус зуа ацҳаражәҳәаҩцәеи жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәеи рзы ашықәсҿыцнӡатәи адкылара мҩаҧигеит. Аиҳабыра рнапхгаҩы адипломатиатә корпус ахаҭарнакцәа Қырҭтәылеи ақырҭуа жәлари аиҩызарала рызныҟәаразы ҭабуп ҳәа реиҳәеит.

Иракли Ҕарибашвили ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла аиҳабыра аиҩызаратә ҳәынҭқаррақәеи адипломатцәеи рҟынтә атәыла иамоу адгылара ахә ршьоит, ҷыдала, апандемиа аан.
„Ҳаиҳабыреи ақырҭуа жәлари рыхьӡала ҳтәылеи ҳажәлари ирзыҟашәҵо зегьы азы ҭабуп ҳәа шәасҳәоит", - иҳәеит аиҳабыра рнапхгаҩы.

Аофициалтә адкылараҿы иҟан Қырҭтәыла аиҳабыра алахәылацәагьы.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура