Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2021 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Аԥыза-министр иҟаиҵаз адныҳәалара Print Version

2021-12-19

Намысла зус назыгӡо, еснагь аҿиара иазхәыцуа, ҳаамҭазтәи мраҭашәаратә принципқәа рышьҭала аҳәынҭқарратә институтқәа рыргылара апроцесс аҿы ароль ду назыгӡо аҳәынҭқарратә маҵзуҩцәа рзанааҭтә амш рыдысныҳәалар сҭахуп.

Аҳәынҭқарратә маҵзуҩцәа зегьы ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп. Абарҭ ауаа рыбзоуралоуп ҳҳәынҭқарра иаҧмырҟьакәа аусура шынанагӡо, убри аҟынтә, урҭ рыдгылара ҳаиҳабыра рзы аҧыжәара змоу азҵаарақәа иреиуп.

2022 шықәса инаркны аҳәынҭқарратә маҵзуҩцәа рџьаусҧса 10 наӡынак ацҵара иазкны аӡбара ҳадаҳкылахьеит, аха, зегьы реиҳа ихадоу, уи знызаҵәык акәӡам ишыҟало, ҳаҧхьаҟа, есышықәса аулафахәы рзацаҳҵоит.

Абри аганахьала ҳполитикатә гәыҧ хықәкык ауп ирымоу, апрофессионалтә аҳәынҭқарратә маҵзуҩы, аинститут ҳасабала, ҳаҧхьаҟа иаҳа адыҧхьалара имазароуп, иаҳа аконкуренциа илшароуп.

Аҳәынҭқарратә маҵзуҩцәа зегьы даҽазнык рзанааҭтә амш рыдысныҳәалоит, шәусураҿы ҧхьаҟацареи ақәҿиарақәеи шәзеиҕьасшьоит.

Қырҭтәыла аҧыза-министр

Иракли Ҕарибашвили