Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2021 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Иракли Ҕарибашвили ажәлар ирызцәыригеит 2021 шықәсатәи аҳасабырба Print Version

2021-12-18

  ..

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили ажәлар ирызцәыригеит ашықәстәи аҳасабырба.

Аиҳабыра рнапхгаҩы 2021 шықәсазы аиҳабыра имҩаҧыргаз аусура аихшьаала азуны, имҩаҧгоу апроектқәеи наҟ-наҟтәи апланқәеи дрылацәажәеит.

Аҧыза-министр иажәахәы алагамҭазы ауааҧсыра ҭабуп ҳәа реиҳәеит.

„Ҳажәлар ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп алхрақәа раан иаҳзаадырҧшыз агәрагареи адгылареи азыҳәан. Ажәлар роуп азинмчи алегитимациеи ҳазҭо, ҳара, атәыла анапхгара, иҳауз амандат ҳхы иархәаны, ажәлар абри зегьы азы аҭак раҳҭароуп инаҳагӡо аусқәеи, азгәыкреи, ахамеигӡареи, ахырҳагара рзаагареи ала. Ҳгәыҧ аустә аҭынчратә алхраҧхьатәи кампаниа мҩаҧыргеит, ажәлар ирызцәыраагеит зымҽхак дуу, аамҭакала, ареалтә планқәа, убри абзоурала, 63 амуниципалитетқәа рҿы аиааира ҳгеит. Ҳара аӡә иҿаҧхьа ҳхы лаҳарҟәом, аха, аамҭакала, аӡәгьы хыхьынтә ҳихәаҧшуам. Қырҭтәыла ихьыҧшым ҳәынҭқарроуп, уи ахақәиҭра иазгәыку ҳажәлар ҧагьа иртәуп, абри апринцип зегьы пату ақәырҵароуп. Сара аиҳабыра рнапхгаҩыс сыҟанаҵы, дарбанызаалак ҳтәылауаҩ азакәан аасҭа иаҳа иҳаракны, мамзаргьы, азакәан аасҭа длаҟәны дзықәгылом, аха, азакәани Аконституциеи ҳанрылацәажәо, аӡәгьы ҳиазҵаауам, азакәан ауааҧсыра зегьы рзы анагӡара амазаауеит!", - иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.

Аҧыза-министр апандемиа ашьҭахь аекономика аиҭашьақәыргылара апроцесс далацәажәан, ишиҳәаз ала, 2022 шықәсатәи аплан иарбоуп 6% еиҵамкәа аекономикатә азҳара, аекономика азеиҧш аҭаӡара 65 миллион лари иаҟарахоит, атәылауаҩк изы аҩнуҵҟатәи аалыҵ наӡа аҧхьаӡара инақәыршәаны, абри арбага аҭоурыхтә максимум аҟынӡа ишьҭыҵуеит, 5 500 адоллар иаҟарахоит.
Аиҳабыра рнапхагаҩы иҳәамҭала, иааиуа ашықәс абиуџьет аҿы иазҧхьагәаҭоуп аҳәынҭқарратә сектор аҿы 10%-ла аулафахәы ацҵара, ари апроцесс ҳаҧхьаҟагьы есышықәса инагӡахоит.

Иара убас, Иракли Ҕарибашвили апандемиа аҵархараҿы авакцинациа аҵакы дазааҭгылан, ишиҳәаз ала, аиҳабыра атәылашҟа иааргеит авакцина 5 миллион адозақәа, иахьазы 2 миллион еиҳаны алаҵақәа ҟаҵоуп, миллионҩык иреиҳаны авакцинациа иахысит, аха, уи иазхом.

„Евроеидгыла ақырҭуа ковид-сертификатқәа азханаҵеит, Қырҭтәыла Евроеидгыла иашьашәалоу иаку арыцхә система иалахәып", - иҳәеит аҧыза министр.

Иара убас, аҧыза-министр, Бриуссель имҩаҧигаз авизити Мрагыларатә партниорра асаммити аихшьаала рзиуит, иара иажәақәа рыла, асаммит аҿы Қырҭтәыла атәылауаа ирыхәаша аконкреттә аӡбрақәа рыдыркылеит. Убри адагьы, аиҳабыра, идуӡӡоу аилахәыра "Rothschild" аҟны аиқәшаҳаҭра рыдыркылан, уи ахаҭарнакцәа Қырҭтәыла арегионалтә финанстә центрс ашьақәыргылара иацхрааша астратегиа арҿиареи, иара убас, аинвестициақәеи иацҵаны афинанстә ресурсқәеи рыдыҧхьалареи ахырхарҭала аус руеит.

Адәныҟатәи аполитика даналацәажәоз, аҧыза-министр иаҵшьны иазгәеиҭеит Америкаҟны Қырҭтәыла астратегиатә партниорра аҿиареи Евроеидгылаҟны аизыҟазаашьақәа ринтенсификациеи аҵакы, иара убас, арегион аҿы аҭагылазаашьагьы дазааҭгылеит.

„Ҳара қәҿиарала имҩаҧаагаз амедиациа абзоурала, Азербаиџьани Шәамахьтәылеи реиҳабырақәа крызҵазкәа аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит, уи мрҭашәараҟны аусеицура ҕәҕәеи арегион агеополитикатә процесс алахәызаареи аганахьала иҿырҧшыгоуп", - иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.

Аҳасабырба ацәыргараан, аҧыза-министр аҿыц инициативақәагьы дрылацәажәеит, урҭ рыгәҭа, аџьауси асоциалтә политикеи, ахәшәқәа рыхәқәеи, онлаин ахәмарратә бизнес азы ашәахтә механизм ҿыц аҧҵареи аганахьалагьы.

„Аусурҭала аиқәыршәара иазку зымҽхак дуу апроцесс аҿы социалла ихьчам ауааҧсыра аҳәынҭқаррантә ироуаз ацхыраара рымырхуам, уи ацынхәрас, аконкреттә уаажәларратә усуразы аулафахәы роуеит. Ахәшәқәа рыхәқәа шьҭыҵит, абри азнеишьагьы ҧсахтәуп, ауаа ахәшәқәа раахәараан рџьыбантә зшәара рықәшәо аҧаратә аицҵалыҵ ирмаҷтәуп... Онлаин казиноқәа ирыдҳәалоу аинициатива абри асектор ақәыҕәҕәара акәымкәа, ҳтәылауаа, игыло аҿар реиҷаҳара ауп иаанаго", - иҳәеит аҧыза-министр.

Аиҳабыра рнапхгаҩы жәларбжьаратәи ареитингқәа рҿы Қырҭтәыла ақәҿиарақәа дырзааҭгылан, аусбарҭа цыҧхьаӡа аусура аихшьаала азиуит, иара убас, атәыла жәашықәсатәи аҿиара аплан ала иазҧхьгәаҭоу, уажәазы имҩаҧысуагьы ҳаҧхьаҟа излагогьы апроектқәа дрылцәажәеит.

„Иахьа, ҳусура алҵшәақәеи ҳаҧхьаҟа ҳтәыла аҿиареи ҳаналацәажәо, ҳтәыла ҧхьаҟацаразы зхы иамеигӡакәа аус зуа ауааҧсыра зегьы ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп. Аҳәынҭқарратә маҵзуҩы цыҧхьаӡа, аминистрра цыҧхьаӡа аусзуҩцәа зегьы, аминистрцәа зегьы ҭабуп ҳәа расҳәоит инарыгӡаз аусуразы, апарламентгьы, адепутатцәагьы, ҳгәыҧ ҕәҕәа алахәыла цыҧхьаӡа, шәызынтәгьы ҭабуп ҳәа шәасҳәоит. Жәларбжьаратәи ҳпартниорцәа, ҳҩызцәаҵәҟьа, ацхыраареи адгылареи азыҳәан ҭабуп ҳәа расҳәоит. Қырҭтәыла ақәҿиара зыбзоуроу ауаажәларра алахәыла цыҧхьаӡа ҭабуп ҳәа иасҳәоит. Ҷыдала ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп ҳгәы зыздуу ҳполициа аусзуҩцәеи, ҳаруаа фырхацәеи, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аусзуҩцәеи анапхгаҩцәеи, ҭабуп ҳәа расҳәоит афырхаҵара ду аазырҧшыз ҳҳақьымцәа, ҭабуп ҳәа расҳәоит ҳуахәамеи ҳпатриархиеи, ҳажәлар сраҭабууп!

Агәра ганы сыҟоуп ҳажәлар аиҳабыра ринициативақәа ишрыдгыло, ҳаидгыланы Қырҭтәыла аҿиара аетап ҿыц ашҟа аиасра шҳалшо. Ҳәарада, ҳара иҳалшо зегьы ҟаҳҵароуп, ҳтәылеи ҳажәлари гәыкала рымаҵ аауроуп. Аусуратә ҭыҧқәа аҧаҳҵароуп, аҕарра еиҵаҳтәроуп, ҳуааҧсыра аҭынчреи мышхәыбзазареи рзеиқәҳаршәароуп. Амуниципалитетқәа зегьы рҿы, ақалақьқәа зегьы рҿы ҳажәлар аҿиареи апрогресси рзааҳгароуп. Анеҩстәи ашықәсқәа аҭынчреи, аҭышәынтәалареи, аҿиареи, аиҭаргылареи шықәсқәаны иҟалароуп! Шәызынтәгьы ҭабуп ҳәа шәасҳәоит, 2022 шықәсазы агәабазиареи, анасыҧи, аҭынчреи, ақәҿиаарақәеи шәзеиҕьасшьоит! Анцәа илҧха шәыгымзааит", - иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.

Аҧыза-министр иҳасабырба ацәыргараҿы иҟан анагӡаратәи азакәанҧҵаратәи мчреи адипломатиатә корпуси ахаҭарнакцәа.

Аҧыза-министр 2021 шықәсатәи иҳасабырба инагӡаны шәахәаҧш: gov.ge

 

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура