Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2021 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Иракли Ҕарибашвили Еврокомиссиа авице-ахада диҧылеит Print Version

2021-12-16

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили, Бриуссель ивизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Еврокомиссиа авице-ахада Мариш Шевчович диҧылеит.

Еврокомиссиаҿы имҩаҧгаз аиҧылараан хшыҩзышьҭра рызун Мрагыларатә партниорра асаммит алҵшәақәеи евроинтеграциа апроцесс аҿы Қырҭтәыла ақәҿиарақәеи.

Аҧыза-министр даҽазнык ишьақәирҕәҕәеит Қырҭтәыла европатәи аҽазышәарақәа ишрызгәыку, иара ишиҳәаз ала, Евроеидгыла алалара амзызла, атәыла аиҳабыра, 2024 шықәсазы аофициалтә азыҳәамҭа ҟарҵоит. Аиҧылараҿы аиҳабыра рнапхгаҩи Еврокомиссиа авице-ахадеи, Қырҭтәылеи Евроеидгылеи русеицура аусхәаҧштә аҿы ахадаратә ҵакы змоу азҵаарақәеи, Ассоциациа аиқәшаҳаҭреи Зхы иақәиҭу ахәаахәҭратә қәыҧшылара наӡа иазку аиқәшаҳаҭреи рынагӡара апроцесси, уажәазы атәылаҿы имҩаҧысуа ареформақәеи, ҳаҧхьаҟа аусеицура ахырхарҭа ҿыцқәеи ирылацәажәеит. Иара убас, иазааҭгылеит аенергошәарҭадара азҵаареи Қырҭтәылаҿ зырҿыцра ҟало аенергиа ааглыхра аганахьала иҟоу алшарақәеи.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура