Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2021 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Қырҭтәыла аҧыза-министр, Бриуссель, естониатәи иколлега дылҧылеит Print Version

2021-12-15

  ..

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили, Бриуссель ивизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Естониатәи ареспублика аҧыза-министр Каиа Калас дылҧылеит.

Аиҧылараҿы иаҵшьны иазгәаҭан ҩ-тәылак реиҩызаратә еизыҟазаашьақәеи, Естониа ала Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи, европатәи евроатлантикатәи интеграциеи адгылареи.

Иара убас, иаҵшьны иазгәаҭан апартниорра ҕәҕәеи, Аҿиаразы аусеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны Естониа Қырҭтәыла иазаанарҧшуа адгылареи, уи ақырҭуа институтқәа европатәи астандартқәа рзааигәахара иацхраауеит. Абри аконтекст аҿы иалкаан уажәааны аганқәа ирыбжьарҵаз Қырҭтәыла - Естониатәи Аҿиразы аусеицура 2021-2024 шықәсқәа рзтәи астратегиа, уи аҿы аҧыжәара амоуп адемократиатә аҳәынҭқарратә структурақәеи асистемақәеи рырҕәҕәареи, аҵара ахаҭабзиара аиҕьтәреи, анаплакра ацхраареи, аҿиара апроектқәа рҿы аклимати аҧсабаратә лагылазаареи хшыҩзышьҭра рзуреи.

Аганқәа рхаҭарнакцәа ҩ-тәылак рыбжьаара қәҿиарала имҩаҧысуа аполитикатә диалоги апандемиа ашьҭахь ҩ-ганктәи аимадарақәа иаҳа рырлахҿыхра аҵаки иалацәажәеит. Ишазгәаҭаз ала, аганқәа қәҿиарала аус еицыруеит аиновациақәеи, арыцхәтә технологиақәеи, аҵареи, атәылахьчареи аусхкқәа рҿы. Иара убас, иаҵшьны иазгәаҭан аекономикатә усеицура иаҳа арҭбаара аҵаки ари ахырхарҭала иҟоу алшарақәа зегьы инаӡаны рхархәара ахымҧадареи.

Аиҧылараҿы хшыҩзышьҭра азун Мрагыларатә партниорра асаммити европатәи евроатлантикатәи интеграциа апроцесс аҿы Қырҭтәыла апрогресси. Аиҳабыра рнапхгаҩы ишазгәеиҭаз ала, ақырҭуа аган агәыҕра ду рымоуп асаммит аполитикатә декларациаҿы Қырҭтәылазы зҵакы дуу азҵаарақәа аадырҧшып ҳәа, абарҭ азҵаарақәа иреиуп Евроеидгыла иаку аџьармыкьашҟа етапла аинтеграциеи, Евроеидгылаҟны атранспорттәи, аенергетикатәи, арыцхәтәи аимадарақәа рырҭбаареи.

Қырҭтәыла аҧыза-министр естониатәи иколлега ҭабуп ҳәа леиҳәеит НАТО ашҟа аинтеграциа апроцесс аҿы адгылара ҕәҕәа азыҳәан, иара ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла Алианс изықәгәыҕша партниорс иаанхоит, евроинтеграциа амҩа ианыланы ҧхьаҟацара нанагӡоит.

Аиҧылара алахәылацәа Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы ашәарҭадареи агуманитартә зҵаарақәеи рганахьала аҭагылазаашьа цәгьеи Қырҭтәыла аиҳабыра имҩаҧырго аҭынчратә политикеи иазааҭгылеит. Каиа Калас ақырҭуа лколлега даҽазнык изышьақәлырҕәҕәеит Естониа Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ишадгыло.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура