Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2021 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили „Дельта“ аҿы иҟаҵоу аҧшыхәаратә машьына ҿыц аӡыргара

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили, атәылахьчара аминистр Джуанашер Бурҷулаӡе дицны, аҳәынҭқарратә арратә аҵарадырра-техникатә центр „Дельта" аҿы иҟаҵоу аҧшыхәаратә машьына ҿыц аӡыргара ихы алаирхәит.

Аиҳабыра рнапхгаҩы аҧшыхәаратә машьына ҿыц ибан, "Дельта" аконструкторцәа рҟынтә аинформациа дазыӡырҩит амашьына атехникатә арбагақәа ирызкны.

„Дельта" аҿы иҟаҵоу аҧшыхәаратә машьына ҿыц атәылахьчаратә мчқәа рҭахрақәеи жәларбжьаратәи астандартқәеи ирышьашәалоуп.

330 аҽытә мчы змоу арныҟәага ала еибыҭоу аҧшыхәаратә акәылӡмашьына еиуеиҧшым абџьар аҟынтә ахьчара еиқәнаршәоит, бжьҩык арратә маҵзуҩцәа рзы иазҧхьагәаҭоуп. Амашьына акәатрантә амҩаҿы сааҭкала 110 километр иахысуеит, атехникатә ганахьала 60 сантиметр иҟоу ажреи, 40 см. аҳаракыра змоу амардуани, 80 см. аҵаулара змоу аӡытә ҧынгылеи ахысра алшоит. Апроект инақәыршәаны, акәылӡмашьына ҿыц аҿы еиуеиҧшым аҧшыхәаратә аибыҭареи анахарала аусура зылшо аибашьратә модули рышьақәыргылара ҟалоит.

"Дельта" аҿы еиуеиҧшым азкызаареи алшарақәеи змоу акәылӡтехника ҟарҵоит, зыӡбахәы ҳәоу аҧшыхәаратә машьына раҧхьаӡа акәны иҟарҵеит. Ҳаҧхьаҟа аҧшыхәаратә акәылӡтехника асериала аҭыжьреи аекспорт ашҟа адәықәҵареи ргәы иҭоуп.

Иара убас, аҧыза-министр ибеит "Дельта" аҿы иҟаҵоу арратә униформақәеи, еиуеиҧшым аминаршәагақәеи, атанкҭархагақәеи.

Иракли Ҕарибашвили ақырҭуа-ауриатә зауад "Дельта СAA" аҿгьы дыҟан, уаҟа, ҳаамҭазтәи аппаратурала абџьар шыҟарҵо ибеит.


Ақырҭуа-ауриатә зауад аҿы ҳаамҭазтәи аппаратуреи иҳаракӡоу ахаҭабзиареи ала еиуеиҧшым абџьар аус адырулоит. Аппаратура аекологиатә ганахьала шәарҭам, жәларбжьаратәи астандартқәа ирышьашәалоуп.

Аҧыза-министр ицны аҧшыхәаратә машьына ҿыц аӡыргараҿы иҟан Атәылахьчаратә мчқәа рҧыза ихаҭыҧуаҩ - аштаб хада аиҳабы, абригада аинрал Џьони Татунашвилии, атәылахьчара аминистр ихаҭыҧуаҩ Зураб Азарашвилии, „Дельта" анапхгаҩи, Атәылахьчаратә мчқәа ахаҭарнакцәеи.