Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2021 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили инапхгарала, Амилаҭтә шәарҭадара ахеилак аилатәара мҩаҧган Print Version

2021-12-13

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили инапхгарала, Амилаҭтә шәарҭадара ахеилак аилатәара мҩаҧган.

Аилатәараҿы амилаҭтә аҩаӡараҟны иҟоу аконцептуалтә документқәа рыхиаалареи рырҿыцреи, иара убас, Амилаҭтә шәарҭадара аконцепциа арҿыцреи иалацәажәеит.

Иара убас, аилатәара алахәылацәа, акритикатә ҵакы змоу аинфраструктура ахьчареи акибершәарҭадареи аусхкқәа рҿы ареформақәа шымҩаҧысуа иалацәажәеит.

Убри адагьы, аилатәараҿы иазааҭгылеит арегионалтә шәарҭадара аганахьала аҭагылазаашьеи уажәазы имҩаҧысуа апроцессқәеи.

„Амилаҭтә шәарҭаадара аконцепциа, ашьаҭатә документ ҳасабала, аҵыхәтантәи аверсиа апарламент ашҟа ашьақәырҕәҕәаразы идәықәырҵоит 2022 шықәса жәабран азы. Иара убас, 2022 шықәса актәи аквартал азы, Қырҭтәыла аиҳабыра, ашәарҭарақәа ахәшьараҭаратә документ иахәаҧшуеит, убри адагьы, Амилаҭтә хыхьчара астратегиа шьақәдырҕәҕәоит. Аплан иарбоуп акритикатә ҵакы змоу аинфраструктура ахьчара аусхкы аҿы азакәанпроект Қырҭтәыла апарламент аҿы ацәыргара. Зыӡбахәы ҳәоу ахырхарҭақәа аҵакы ҷыда рымоуп, избанзар, ахеилак аппарат азы аҧыжәара змоу ауснагӡатәқәа иреиуп. Акритикатә ҵакы змоу аинфраструктура ахьчара аусхкы аҿы ареформа аҳәынҭқарразгьы амилаҭтә шәарҭаразгьы ахадаратә ҵакы змоу азҵаарақәа иреиуп", - иҳәеит Амилаҭтә шәарҭадара ахеилак аппарат аиҳабыра инапынҵақәа назыгӡо Серго Ҭурманиӡе.

Аҧыза-министр инапхгарала имҩаҧгаз амилаҭтә шәарҭадара ахеилак аилатәара рхы аладырхәит: ахеилак амаӡаныҟәгаҩ, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вахтанг Гомелаурии ахеилак еснагьтәи алахәылацәеи: авице-аҧыза, адәныҟатәи аусқәа рминистр Давиҭ Залкалиани, атәылахьчара аминистр Джуаншер Бурҷулаӡе, афинансқәа рминистр Лаша Хуцишвили, Аҳәынҭарратә шәарҭадара амаҵзура аиҳабы Григол Лилуашвили, Аҧшыхәаратә маҵзура аиҳабы Шьалуа Ломиӡе, Атәылахьчаратә мчқәа рҧыза Гьаргь Матиашвили.

Иара убас, ахеилак иахьатәи аилатәарашҟа аарыҧхьеит апарламент аҿы иҟоу атәылахьчареи ашәарҭадареи рзы акомитет ахантәаҩы Иракли Бераиеи Атәылахьчаратә мчқәа ирыҵанакәа Арратә аҧшыхәара адепартамент аиҳабы Гьаргь Блиаӡеи.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура