Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2021 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Қырҭтәыла аҧыза-министр НАТО Адгылаҩцәа рофис анапхгаҩы Розариа Пуглис дылҧылеит Print Version

2021-12-13

  ..

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили  Қырҭтәыла зусура аҿҳәара нҵәо НАТО Адгылаҩцәа рофис анапхгаҩы Розариа Пуглис дылҧылеит.   

Аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы имҩаҧгаз аиҧылара аан хшыҩзышьҭра азун  НАТО-и Қырҭтәылеи реизааигәахара апроцесс аҿы НАТО Адгылаҩцәа рофис иҟанаҵаз алагла ду.

Ишазгәаҭаз ала,  аглобалтә пандемиа шыҟоугьы, 2021 шықәсазы НАТО-и Қырҭтәылеи қәҿиарала аус еицыруан, НАТО-Қырҭтәылатәи ирҿыцу апакет наӡа анагӡара ахырхарҭалагьы. Аиҿцәажәараан аганқәа рхаҭарнакцәа, евроинтеграциа апроцесс аҿы Қырҭтәыла иҟоу ақәҿиарақәеи, адемократизациеи ахыхьчареи ахырхарҭала имҩаҧгоу ареформақәеи ирылацәажәеит.  Иракли Ҕарибашвили ишазгәеиҭаз ала, НАТО алалара – Қырҭтәыла адәныҟатәии ашәарҭадаратәи политикаҿы ахадаратә ҵакы змоу ҧыжәароуп. Иара убас, ишазгәаҭаз ала, НАТО 2022 шықәсатәи асаммит Қырҭтәыла апрогресс азхаҵаразы алшара бзиоуп.

Хшыҩзышьҭра азун Амшын еиқәа ашәарҭадареи, ари ахырхарҭала аусеицура аҵаки, евроатлантикатә шәарҭадара асистемаҿы арегион ароли.

Аиҧылараҿы ишазгәаҭаз ала, Қырҭтәыла, кыршықәса рыҩнуҵҟа, Афганистан имҩаҧысуаз НАТО амиссиа активла иалахәын, зҵакы дуу ароль нанагӡеит Афганистанынтә аевакуациа апроцесс аҿы.

Аҧыза-министр НАТО Адгылаҩцәа рофис анапхгаҩы ҭабуп ҳәа леиҳәеит НАТО-и Қырҭтәылеи русеицура арҕәҕәара апроцесс аҿы иҟалҵаз алагалеи Қырҭтәыла евроатлантикатә интеграциа адгылареи азыҳәан, анеҩс, Розариа Пуглис ақәҿиарақәа лзеиҕьеишьеит.

 

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура