Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2021 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Қырҭтәыла аҧыза-министр иҟаиҵаз аҳәамҭа Print Version

Ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара жәларбжьаратәи амш инамаданы

Ҧхынҷкәын 10, 2021 шықәса

Аҩбатәи адунеитә еибашьра ашьҭахь ацивилизациатә дунеи зегьы ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчаразы азеиҧш ҽазышәара арҕәҕәаразы еиқәшаҳаҭхеит. Абри ахықәкы анагӡара азоуп изаҧҵаз „Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы зегьирзеиҧшу адекларациа", ЕАР Ассамблеиа хада ари адокумент аднакылеит 1948 шықәса ҧхынҷкәын 10 рзы. Адекларациа аҧҵоуп азинтә принципқәа рышьаҭала, ауааҧсыра зегьы раҳаҭыри рзинеиҟарареи азханаҵоит.

„Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы зегьирзеиҧшу адекларациа" ашьаҭала аҧҵоуп Қырҭтәыла иреиҳаӡоу азакәан - Қырҭтәыла Аконституциа. Аконституциаҿы еилыккаа аарҧшуп ақырҭуа жәлар рҭаххара - ауааҧсыра зегьы ирзеиҧшу азинқәеи ахақәиҭрақәеи рыхьчара ашьаҭала зхы иақәиҭу, асоциалтәи азинтәи демократиатә ҳәынҭқарра аргылара.

2012 шықәса жьҭаара 1 азы имҩаҧгаз апарламенттә алхрақәа раан Қырҭтәыла ауааҧсыра аадырҧшит атәылаҿы арадикалтә аиҭакрақәа шырҭаху. Ҿыц иалхыз аиҳабыра аҧхықәра рхы адырҵеит ахырхарҭақәа зегьы рыла зымҽхак дуу ареформақәа рымҩаҧгаразы.

Аҳәынҭқарратә программақәа ирышьашәаланы, иҳаҩсыз аамҭазы крызҵазкәа ашьаҿақәа ҟаҵан атәылауаа рконституциатә зинқәа рыламкьысра апринцип ашьақәырҕәҕәареи адемократиатә принципқәа рышьаҭала аҳәынҭқарратә институтқәа рыргылареи азыҳәан.

Ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара ҳаиҳабыра рзы ахадаратә ҵакы змоу апринципқәа иреиуп. Атәыла аиҳабыра, Қырҭтәыла ауааҧсыра зегьы, еилых рымҭакәа, ирзеиҟароу, зхы иақәиҭу, иахәҭоу аҭагылазаашьақәа рзеиқәыршәара иазҿлымҳауп, избанзар, адемократиатә ҳәынҭқарра аргыларазы зда ҧсыхәа иҟам аҭагылазаашьақәа иреиуп агәыҧқәа зегьы ринтересқәа реиҷаҳареи рзинтә статус ахьчареи.

Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп ҳуааҧсыреи жәларбжьаратәи ҳпартниорцәеи рыцхыраарала апроблемақәа зегьы рҭыҧқәҵареи, атәыла адемократиатә аҿиара арласреи, евроатлантикатә структурақәа рахь аинтеграциеи шҳалшо

Ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара аганахьала аҳәынҭқарра имҩаҧнаго аполитика жәларбжьаратәи аҩаӡараҟны ишьақәырҕәҕәоу астандартқәа ирышьашәалазароуп, уи ҳара ҳзы ахадаратә ҵакы амоуп. Убри азыҳәан, 2013 шықәсазы, Қырҭтәыла аҭоурых аҿы раҧхьаӡа акәны, ҳара Ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара амилаҭтә стратегиа аус адулара ҳалагеит. 2014-2020 шықәсқәа рзтәи Ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара амилаҭтә стратегиа хықәкыс иамоуп ауаа есымшатәи рыҧсаҭазаараҿы ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара, иара убас, астратегиа ала иҳәаақәҵоуп абри аусхкы аҿы аусбарҭабжьаратә, асекторцәаратә, иаку аполитика ашьақәыргылара апроцесс аҿы Қырҭтәыла аиҳабыра рзы ахадаратә ҵакы змоу кыраамҭатәи аҧыжәарақәеи аҳасабтәқәеи.

Уажәазы, атәыла аиҳабыра, Ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара аҩбатәи амилаҭтә стратегиа аус адулара иаҿуп, уи азинқәа рспектр наӡа иазкуп, азинқәа рыхьчара аганахьала жәларбжьаратәи апрогресс иашьашәалоуп.

Қырҭтәыла анапхгара, атәыла ауааҧсыра ртәылауаҩратә ҭаххара аарҧшреи, аҿиареи апрогресси рзы алшареи еиқәдыршәоит. Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп ҳуааҧсыреи жәларбжьаратәи ҳпартниорцәеи рыцхыраарала апроблемақәа зегьы рҭыҧқәҵареи, атәыла адемократиатә аҿиара арласреи, евроатлантикатә структурақәа рахь аинтеграциеи шҳалшо.

Азеиҧш ҽазышәарала хымҧада ақәҿиара ҳауеит!

Иракли Ҕарибашвили

Қырҭтәыла аҧыза-министр