Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2021 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Иракли Ҕарибашвили - Шәызынтәгьы иааиуа Ашықәс Ҿыц шәыдысныҳәалар сҭахуп; ҳазҭагыло ашықәс аҭынчреи, мышхәыбзазареи, агәырҕьареи, абзиабареи, ҳаидгылареи шықәсны иҟалаааит Print Version

2021-12-10

  ..

Шәызынтәгьы иааиуа Ашықәс Ҿыц шәыдысныҳәалар сҭахуп; иахьа шәызынтәгьы иааиуа Ашықәс Ҿыц шәыдысныҳәалар сҭахуп; абри аҭыҧ ҧшӡа аҿы ҳаизеит абри аҧшӡаӡоу аҧсаҵла еицҳарлашарц азыҳәан, - иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Қарҭ ашықәсҿыцтәи аҧсаҵла хада арлашара ауснагӡатә аҿы данықәгылоз, уаҟа аиҳабыра рнапхгаҩы иҭаацәарагьы ицын.

Иракли Ҕарибашвили ишиҳәаз ала, 2021 шықәса даараӡа иуадаҩын, аха, аамҭакала, аҳасабтәқәагьы рацәан.

„Ҳәарада, ишаҧу ала, аҧсаҵла арлашара ала, Ашықәс Ҿыц аҧыларазы ҳҽазыҟаҳҵоит. 2021 шықәса даараӡа иуадаҩын, крызҵазкәа аиҭакрақәа мҩаҧган, имаҷымкәа аусқәа ҟаҳҵеит, атәыла ҳарҭынчит. Уажәы, шәызынтәгьы салам шәыҭаны, раҧхьа иргыланы, шәареи, шәҭаацәарақәеи, шәхылҵи, шәанацәеи шәабацәеи аҭынчреи агәабзиареи шәзеиҕьасшьар сҭахуп. Аҳәаанырцә инхо ҳаицтәылауаа зегьы салам рысҭоит. Аҧсни Уаҧстәылеи ирықәынхо ҳтәылауаагьы ҳдиаспора ахаҭарнакцәагьы салам рысҭоит. Иуадаҩыз ашықәс азы имҩаҧыргаз аусуразы ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп ҳҳәақьымцәа фырхацәа, ҳполициа аусзуҩцәа фырхацәа, ҳаруаа, шәызынтәгьы шәгәыдкыланы ҭабуп ҳәа шәасҳәоит. Иааиуа ашықәс аҭынчреи, мышхәыбзазареи, агәырҕьареи, абзиабареи, аидгылареи шықәсны иҟалааит. Иҭабуп. Анцәа илҧха шәыгымзааит"- иҳәеит аҧыза-министр.
Аиҳабыра рнапхгаҩи Қарҭ ахадеи, рҭаацәарақәа рыманы, аҳҭнықалақь аҧсаҵла хада дырлашеит. Агәырҕьаратә уснагӡатә рхы аладырхәит апарламент ахантәаҩи, адепутатцәеи, Қарҭ Сакребуло ахантәаҩи Сакребуло алахәылацәеи.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура