Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2021 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Қырҭтәыла иҟоу ЕАР аҿиара апрограмма (UNDP) еснагьтәи ахаҭарнак Ник Бересфорд диҧылеит Print Version

2021-12-10

..

Аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы имҩаҧгаз аиҧылара Қырҭтәылеи UNDP-и рыбжьара қәҿиарала имҩаҧысуа аусеицура иаҳа арҭбаареи арҕәҕәареи иазкын. Иаҵшьны иазгәаҭан Қырҭтәыла имҩаҧысуа адемократиатә процессқәеи, аекономикатә аҿиареи, аҧсабаратә лагылазаара аиҕьтәреи, акризисқәа рҭыҧқәҵареи, акоронавирус аҿагылареи аҿы UNDP иҟанаҵо алагала ду. Иара убас, иаҵшьны иазгәаҭан COVID-19 иаҿагылоу ақәҧара апроцесс аҿы UNDP ацхыраара аҵакы.

Аиҧылараҿы иазааҭгылеит Иҭышәынтәалоу аҿиара ахықәкқәа (SDG) рынагӡаразы UNDP аҟны аусеицура арҕәҕәара азҵаарагьы. Иара убас, иаҵшьны иазгәаҭан 2030 шықәсанӡа иҭышәынтәалоу аҿиара аусхәаҧштә анагӡара иазку Қырҭтәыла аҽазышәарақәеи ари адокумент атәылазы иамоу аҵаки.

Аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәыла ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара амеханизм арҕәҕәара аус аҿы ЕАР аҿиара апрограмма иҟанаҵо алагала иазааҭгылеит. Иракли Ҕарибашвили ишиҳәаз ала, атәыла аиҳабыра ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара аҩбатәи амилаҭтә стратегиа аус адулара иаҿуп, уи ауаҩытәыҩса изинқәа рганахьала жәларбжьаратәи апрогресс иашьашәалоуп. Ник Бересфорд иаҵшьны иазгәеиҭеит ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара ахырхарҭала Қырҭтәыла иҟаҵоу апозитивтә шьаҿақәа.

Аиҧылараан хшыҩзышьҭра азун Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы аҭагылазаашьеи аҭынчмҩала аимак аҭыҧқәҵаразы Қырҭтәыла аиҳабыра имҩаҧырго аполитикеи. Аганқәа рхаҭарнакцәа ҷыдала ирзааҭгылеит импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы UNDP ала имҩаҧгоу агуманитартә проектқәа, аҧыза-министр абарҭ апроектқәа рзы UNDP ахаҭарнак ҭабуп ҳәа иеиҳәеит.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура