Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2021 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Иракли Ҕарибашвили Европа Ахеилак Апарламенттә Ассамблеиа амониторингтә комитет Қырҭтәыла азҵаарақәа рзы ажәахәҟаҵаҩцәа дырҧылеит Print Version

2021-12-09

  ..

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили визитла Қырҭтәыла иаҭааиз Европа Ахеилак Апарламенттә Ассамблеиа амониторингтә комитет Қырҭтәыла азҵаарақәа рзы ажәахәҟаҵаҩцәа дырҧылеит. Аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәылеи Европа Ахеилак Апарламенттә Ассамблеиеи русеицура ахадаратә хырхарҭақәа ирылацәажәеит. Иракли Ҕарибашвили Европа Ахеилак амониторингтә комитет ажәахәҟаҵаҩцәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит адемократиатә реформақәа рымҩаҧгара апроцесс аҿы Қырҭтәыла иахьацхраауа азыҳәан. Аганқәа рхаҭарнакцәа 2021 шықәсатәи аҭыҧантәи алхрақәагьы ирылацәажәеит.

Аиҳабыра рнапхгаҩы, Европа Ахеилак ахаҭарнакцәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит апандемиа шыҟоугьы алхрақәа рахь анаҧшцәа ахьаарышьҭыз азыҳәан, иара ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла аиҳабыра аҭыҧантәи ахаланапхгаратә алхрақәа иартны, ииашаны, зхы иақәиҭу алагылазаараҿы рымҩаҧгара еиқәдыршәеит, уи шьақәырҕәҕәоуп жәларбжьаратәи анаҧшцәа алхрақәа ирырҭаз ахәшьара алагьы.

Иракли Ҕарибашвили ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла аиҳабыра Европа Ахеилак иаҭабууп атәылаҿы ауаҩытәыҩса изинқәеи, азинеиҟарареи, атәылауаҩратә интеграциеи апроцессқәа рылахәызааразы, иара иажәақәа рыла, уи Қырҭтәыла адемократиатә аҿиара апроцесс иацхраауеит.

Иара убас, аганқәа рхаҭарнакцәа, Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы аҭагылазаашьа иалацәажәан, ишазгәарҭаз ала, Европа Ахеилак ароль ду нанагӡоит аҭынчмҩала аимак аҭыҧқәҵара апроцесс аҿы. Аҧыза-министр иаҵшьны иазгәеиҭеит Европа Ахеилак Апарламенттә ассамблеиа Қырҭтәыла ахьыҧшымреи жәларбжьаратәи азхаҵара змоу аҳәаақәа ирҭагӡаны аҵакырадгьылтә акзаареи ишадгыло. Иара иажәақәа рыла, Қырҭтәыла аиҳабыра Европа Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ хада иконсолидациатә аҳасабырба - „Аимак Қырҭтәылаҿ"-и, иара убас, Апарламенттә Ассамблеиа Қырҭтәыла адгыларазы иаднакылаз арезолиуциақәеи аҵакы ду ранаршьоит.

Аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы имҩаҧгаз аиҧылара рхы аладырхәит Европа Ахеилак амониторингтә комитет аделегациа ажәахәҟаҵаҩцәа: Титус Корлатеани - Румынтәыла, Асоциалистцәа ргәыҧ; Клод Керн - Франциа, Алибералцәеи адемократцәеи ралианс Европазы; Қырҭтәыла иҟоу Европа Ахеилак аофис анапхгаҩы Наталиа Вутовеи аиҳабыра русмҩаҧгарҭа аиҳабы Илиа Дарчиашвиилии.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура