Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2021 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Аҧыза-министр афармацевттә бизнес ахаҭарнакцәа данырҧылоз, афармацевттә џьармыкьа абжьаратә аҳасабырба дахәаҧшит Print Version

2021-12-08

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили афармацевттә бизнес ахаҭарнакцәа дырҧылеит.

Аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы имҩаҧгаз аиҧылараан иахәаҧшит Аконкуренциа азҵаарақәа рзы агентра ала ихиаалаз афармацевттә џьармыкьа абжьаратә аҳасабырбеи уи иану абжьагарақәеи. Аиҧылара алахәылацәа афармацевттә џьармыкьаҿы уажәазы иҟоу аҭагылазаашьа аҭышәынтәаларазы иҟаҵатәу аконкреттә шьаҿақәа ирылацәажәеит. Ишазгәаҭаз ала, ахәшәқәа рыхәқәа шьҭыҵит, абри афакт иаамҭаны ақәҿыҭреи аконкреттә шьаҿақәа рыҟаҵареи аҭахуп.

Иракли Ҕарибашвили ишазгәеиҭаз ала, абри азҵаараҿы ауааҧсыра ринтересқәа ихьчазароуп, егьи аганахьала, абизнес ахаҭарнакцәа ргәаанагарагьы иазҧхьагәаҭатәуп.

„Ҳара абжьаратә аҳасабырба еиқәҳаршәеит, ауааҧсыра зегьы абри адокумент рбар рылшоит. Шәгәаанагара еилыскаар сҭахуп, саргьы сгәаанагара шәасҳәоит, абас ала абри атема ҳахәаҧшроуп, аӡбара иаша ҳадаҳкылар сҭахуп, ҳуааҧсыра ринтересқәа ихьчазароуп, егьи аганахьала, афармацевттә бизнес ахаҭарнакцәагьы ргәаанагара иазҧхьагәаҭазароуп. Ҳара абри абаланс ҳзыҧшаар, ҳтәылеи ҳуааҧсыреи ирыхәаша аус бзиа ҟаҳҵоит", - иазгәеиҭеит аҧыза-министр.

Аиҧылараҿы Қырҭтәыла Абизнесассоциациа ахада Софо Ҧхакаӡе аиҳабыра рнапхгаҩы ҭабуп ҳәа иалҳәеит абизнес адгылареи, зҵакы дуу, аинтерес зҵоу, атәыла хырҳагара ду азаазго аӡбарақәа рыдкылареи азыҳәан.

Аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы имҩаҧгаз аиҧылара рхы аладырхәит Қырҭтәыла Аконкуренциа азҵаарақәа рзы амилаҭтә агентра ахантәаҩы Иракли Леқвинаӡеи афармацевтикатә џьармыкьа амониторингтә гәыҧ анапхагаҩы Гьаргь Қеделиӡеи.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура