Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2021 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Адунеизегьтәи аекономикатә форум анагӡаратә хантәаҩы Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили афорум ашҟа днаиҧхьеит Print Version

2021-12-07

Адунеизегьтәи аекономикатә форум анагӡаратә хантәаҩы Клаус Шваб Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Адунеизегьтәи аекономикатә форум ашҟа днаиҧхьеит, ауснагӡатә мҩаҧысуеит Швеицариа, Давос ақалақь аҿы, 2022 шықәса ажьырныҳәа 17-21 рзы.

Қырҭтәыла аиҳабыра рнапхгаҩы иоуз аофициалтә ааҧхьараҿы, Адунеизегьтәи аекономикатә форум ашьаҭаркҩи анагӡаратә хантәаҩи афорум аҵакы далацәажәан, ишазгәеиҭаз ала, ҳаҧхьаҟа аусеицура иаҳа иҕәҕәахарц азыҳәан, адунеи аполитикатә лидерцәеи, ааглыхҩцәеи, атәылауаҩратә уаажәларра алидерцәеи хымҧада еизгатәуп.

"2022 шықәса ажьырныҳәа 17-21 рзы Швеицариа, Давос ақалақь аҿы имҩаҧысуа Адунеизегьтәи есышықәсатәи аекономикатә форум ашҟа ааҧхьара шәысҭар сҭахуп.

Адунеи иалкаау алидерцәеи, ааглыхҩцәеи, атәылауаҩратә уаажәларра ахаҭарнакцәеи хымҧада еизгатәуп аусеицура ала аҧеиҧш бзиа аргылара шҳалшо азы агәрагара арҕәҕәаразы. Қырҭтәыла иҭышәынтәалоу аекономикатә аиҭашьақәыргылара шымҩаҧысуа ҳзеиҭашәҳәар, афорум алахәылацәа ҭабуп ҳәа шәарҳәоит.

Шәылахәызаара шәтәыла хырҳагара азаанагарц азыҳәан, Адунеизегьтәи аекономикатә форум шәаппарат рҟны активла аусеицура иалагоит. Хаҭала, шәара Давос шәыдкылара ҳахыццакуеит",- иануп аҧыза-министр иоуз аофициалтә ааҧхьараҿы.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура