Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2021 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Себастиан Молинеус – Қырҭтәыла зҵакы дуу шаҟа реформақәа мҩаҧгоу анызба сгәы иаахәеит Print Version

2021-11-22

Қырҭтәыла зҵакы дуу шаҟа реформақәа мҩаҧгоу анызба сгәы иаахәеит, - иҳәеит Адунеи абанк (WB) арегионалтә директор Себастиан Молинеус Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили даниҧыла ашьҭахь.

Молинеус ишиҳәаз ала, арегион аҿгьы адунеи аҿгьы Қырҭтәыла аглобалтә лидер ироль нанагӡоит.

Иракли Ҕарибашвилии Себастиан Молинеуси Қырҭтәылеи Адунеи абанки еицынарыгӡо, иара убас, аплан иарбоу апроектқәеи апандемиа аан Адунеи абанк Қырҭтәыла иазоунашьҭыз ацхыраареи иалацәажәеит.

Ҷыдала иазгәаҭан апандемиа аҿагыларазы Адунеи абанк Қырҭтәыла иазаанарҧшыз адгылара.

Аҧыза-министр Себастиан Молинеус ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Қырҭтәыла аиҳабыра рҟны қәҿиарала аусеицуразы, иара ишазгәеиҭаз ала, Адунеи абанк Қырҭтәыла еиуеиҧшым аекономикатә секторқәа рҿиара активла иалахәып. Иара иажақәа рыла, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Адунеи абанк иакымкәа апроетқәа аҧара рзоунашьҭит, инеизакны 2,7 миллиард адоллар еиҳаны,уажәазы Адунеи абанк афинанстә цхыраарала атәылаҿы имҩаҧысуеит 12 аинвестициатә проектқәеи аҿиара аполитика аоперациақәеи, инеизакны урҭ ирылаҵоуп 928 миллион адоллар.

Аиҿцәажәара аан ишазгәаҭаз ала, амикро наплакқәеи абжьаратә наплакқәеи рырҕәҕәара иазкыз апроектқәа Қырҭтәыла аекономикеи ақырҭуа бизнеси аиҭашьақәыргылара иацхрааит. Аҧыза-министр иажәақәа рыла, Қырҭтәыла Европеи Азиеи рыбжьара атранспорттәи алогистикатә центрс иҟалар аҭахуп, убри аҟынтә, арегионалтә аҿиара иазку апроектқәа аиҳабыра рзы аҵакы ҷыда рымоуп, ари аганахьала Адунеи абанк аҟынтә атәыла иаиуа ацхыраара аҵакы ду амоуп.

„Қырҭтәыла аҧыза-министри сареи ҳаиҧылара агәахәара снаҭеит. Аиҿцәажәараан ахадаратә ҵакы анашьан аекономикатә реформақәа рпрограмма. Қырҭтәыла ареформақәа рацәа шымҩаҧысуа збеит, уи даараӡа сгәы иаахәеит. Урҭ рҟынтә аҵакы ҷыда амоуп ауаҩытәыҩсатә капитал аусхәаҧштә, Қырҭтәыла аиҳабыреи Адунеи абанки абри ахырхарҭала ареформатә программа ду аус адырулоит, уи агәабзиарахьчара асистемаҿы аҭагылазаашьа еиҕьнатәуеит, абри азҵаараҿы иазҧхьагәаҭатәуп аҽыхәышәтәреи ахәшәқәа раахәареи азы ауааҧсыра ирымоу ахарџьқәа, атәыла ауааҧсыра реиҳара рзы абри амаҵзура ахә цәгьоуп. Иара убас, иазгәасҭар сҭахуп аҵара аусхкы аҿы аҭагылазаашьагьы. Пиза (PISA) жәларбжьаратәи ареитинг аҿы атәыла апозициеи, иара убас, ашколнтәи аҟынтә ауниверситеттәи аҟынӡа аҵара ахаҭабзиареи еиҕьхап ҳәа ҳгәыҕуеит. Ахҧатәи ахырхарҭа - асоциалтә аиқәыршәара ареформа амҩаҧгароуп. Зегьы раасҭа ацхыраара зҭаху, ахылҵ рацәа змоу аҭаацәарақәа хықәкылатәи ацхыраара роуратәы иҟаҵатәуп. Уи ауаҩытәыҩсатә капитал иадҳәалоу аусхәаҧштә ауп. Ари атема ауп, раҧхьа иргыланы, ҳаиҿцәажәараан ҳаззааҭгылаз. Аҩбатәи зҵааран акоронавирус ахкы ҿыц ақәҿыҭра иазку ауснагӡатәқәа. Аиҳабыра излагаз аинициатива бзиақәа - апаспорт иаҵәақәеи, зықәрахь инеихьоу афинанстә цхыраара рыҭареи уҳәа, абри зегьы нагӡатәуп, иара убас, хымҧада инагӡатәуп аимадаратәи аинформациатәи кампаниақәа рымҩаҧгарагьы. Абарҭ ауснагӡатәқәа атәыла ауааҧсыра зегьы рвакцинациа ауп хықәкыс ирымоу. Ахҧатәи азҵаара аекономикатәи аструктуратәи реформақәа ирызкын. Атәыла аекономика амарара аизырҳареи иаҳа ирацәаны аусуратә ҭыҧқәа раҧҵареи азы иарбан реформақәоу имҩаҧгатәу? Иҭышәынтәалоу аекономикатә азҳара ахьчаразы иҵегьы иарбан реформақәоу иаҭаху? Абраҟа аклимат ауп сызлацәажәо. Насгьы, аҵыхәтәаны, Қырҭтәыла аконкуренциа зылшо, арыцхәтә економика ҕәҕәа аиқәыршәаразы иҟаҵатәуи?

Аҵыхәтәаны ҳазлацәажәаз азҵаарагьы аҵакы ду амоуп, уи алогистика ауп. Арегионалтә аимадареи аинтеграциеи ҳаналацәажәо, хымҧада иазгәаҭатәуп Қырҭтәыла алидер ҕәҕәа ироль шынанагӡо арегион мацараҿ акәымкәа, аглобалтә қәыҧшылараҿгьы, избанзар, абра, абри арегион аҿы, абри аҩыза агеополитикатә ҭыҧ амоуп",- иҳәеит Себастиан Молинеус.


Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзурa