Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2021 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Аҧыза-министр Каспи, анаплакы „Метехтәи акерамика“ ибеит Print Version

2021-09-14

  ..

Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Каспи, анаплакы „Метехтәи акерамика" аҿы дыҟан.

Анаплакы иазкны аҧыза-министр изеиҭеиҳәеит аилахәыра адиректор Давиҭ Какабаӡе.

Аҳәынҭқарратә программа „Иҟаҵа Қырҭтәылаҿ" ацхыраарала 2015 шықәсазы аилахәыра аиҭашьақәыргылара абзоурала, зформат ҭбаау акерамикатә блокқәа рыҟаҵара иалагеит, аалыҵ ахаҭабзиара еиҕьхеит, аалыҵ иаҳа ирацәахеит.

2019 шықәсазы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ианрылга ашьҭахь, аилахәыраҿы аалыҵ 25 хкқәа ҟарҵоит, 2015 шықәса инаркны аалыҵ ахыҧхьаӡара 50-60 наӡынала иазҳаит, уаҟа шықәсыкала 10 миллион цыра акьырмыт ҟарҵоит. Убри адагьы, аҭахрақәа иазҧхьагәаҭаны, 2022 шықәса инаркны уаҟа шықәсыкала 15 миллион цыра акьырмыт аҟаҵара иалагараны иҟоуп.

Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирзоушьҭын 3 миллион лари. Аилахәыра иазоушьҭын абанктә кредит анаӡынатә хәҭа, инақәыршәаны, 403,000 лари.

Зынӡа аилахәыраҿы аус руеит 150ҩык ауааҧсыра.

Аенергохарџьқәа реиҵатәра амзызла, аилахәыраҿы амратә афымцастанциа аргылара ргәы иҭоуп.

Апроект 2,5 миллион лари иаҧсоуп, абри ҧара аҟынтәи 2,1 миллион лари апрограмма "Иҟаҵа Қырҭтәылаҿ" аҳәаақәа ирҭагӡаны ироуеит. Амратә панельқәа рыргылара иалагоит 2021 шықәса жьҭааразы.

Аҧыза-министр ицны аилахәыра "Метехтәи акерамика" аҿы иҟан аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр Наҭиа Турнавеи, , авице-аҧыза, аҧсабара ахьчареи ақыҭанхамҩеи рзы аминистр Леван Давиҭашвилии, арегионалтә аҿиареи аинфраструктуреи рзы аминистр Иракли Қарселаӡеи, аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы иҟоу Арегионқәа рҟны аизыҟазаашьақәа рзы адепартамент аиҳабы Лери Барнабишвилии.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзурa