Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2021 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Аҧыза-министр Мшаҧы ахьӡала Гори зыргылара иаҿу аныхабааи, Гории Атении Руисии Урбнисии рмитрополитцәеи дырҭааит Print Version

2021-09-14

.  ..

Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Мшаҧы ахьӡала Гори зыргылара иаҿу аныхабааҿы дыҟан.

Аныхабаа аргыларатә усурақәа шымҩаҧысуа иазкны аиҳабыра рнапхгаҩы изеиҭеиҳәеит Гории Атении амитрополит, аб Андриа. Аҧыза-министр амитрополит аныхабаа аргылараҿы ацхыраара дақәиргәыҕит.

Мшаҧы ахьӡала Гори аныхабаа аргыларатә усурақәа мҩаҧысуеитжьҭеи шықәсқәак ҵуеит. Аныхабаа аихшьаалатә хәҭа - акуполи ашьаҟа хадеи рыргылара аҧара азоунашьҭит афонд "Қарҭу". Аусурақәа рыхәҭак мҩаҧган аҭыҧантәи амуниципалитет ацхыраареи аныхабааҿы еизгаз аҧареи ала.

Мшаҧы ахьӡала Гори идыргыло аныхабаа Гори аепархиаҿы зегьы раасҭа идуу аныхабаақәа иреиуп.
Иахьа аҧыза-министр Руисии Урбнисии амитрополит Иоб диҭааит. Аб Иоб аҧыза-министр дныҳәаны, иусураҿы ақәҿирақәа изеиҕьеишьеит. Аиҳабыра рнапхгаҩы аб Иоб даҽазнык изышьақәирҕәҕәеит ҳаҭыр шиқәыиҵо, Қырҭтәыла аиҳабыра адоуҳатә аҧхьагылаҩцәеи аиашахаҵаратә уахәамеи ҕәҕәара ишрыдгыло. Иракли Ҕарибашвили ишазгәеиҭаз ала, иахьазы атәыла аиҳабыреи ауахәамеи зеиҧшҟамлац ала еидгылоуп, ракзаара ҕәҕәоуп.

Аб Иоб иҭааиз аҧыза-министр ицын аҧсабра ахьчареи ақыҭанхамҩеи рзы аминистр Леван Давиҭашвилии, арегионалтә аҿиареи аинфраструктуреи рзы аминистр Иракли Қарселаӡеи, аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы иҟоу Арегионқәа рҟны аизыҟазаашьақәа рзы адепартамент аиҳабы Лери Барнабишвилии, Шида Қарҭли арегион аҿы аҳәынҭқарра ахаҭарнак Валериан Мҷедлиӡеи.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзурa