Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2021 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Аҧыза-министр, Бриуссель, Европарламент ахада диҧылеит Print Version

2021-03-17

.  ..

Қырҭтәыла евроинтеграциеи адемократиатә аҿиареи апроцесс аҿы Евроеидгыла ароль дуи импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы аҭагылазаашьеи иалацәажәеит Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии Европарламент ахада Девид Сасолии реиҧылараҿы.

Ишазгәаҭаз ала, арегион аҿы Қырҭтәыла Евроеидгылазы ахадаратә партниоруп. Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, атәыла аиҳабыра, ассоциациа иазку аиқәшаҳаҭра анагӡара апроцесс аҿы Европарламенти Евроеидгылеи рылахәызаара ахә ршьоит.

Аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәыла имҩаҧысуа аполиткиатә процессқәа ирылацәажәеит. Аиҳабыра рнапхгаҩы Евроеидгыла ахаҭарнакцәа даҽазнык ҭабуп ҳәа реиҳәеит атәылаҿы аполитикатә процессқәа конструктивла рымҩаҧгареи адеескалациеи аҿы атәыла иахьацхраауа азыҳәан. Ишазгәаҭаз ала, Аусеицуреи Ашәарҭадареи азы Европатәи Аиҿкаара - ОДИР анаҧшратә миссиа аҵыхәтәантәи аҳасабырба инақәыршәаны, Қырҭтәыла имҩаҧгаз апарламенттә алхрақәа рҿы аконкуренциа еиқәыршәан, ахадаратә хақәиҭрақәа ихьчан.

Аганқәа рхаҭарнакцәа евроинтеграциа апроцесс аҿы Қырҭтәыла апрогресс иазааҭгылеит. Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, атәыла европатәи аинтеграциа ақырҭуа жәлар ргәазыҳәароуп, 2024 шықәсазы атәыла, Евроеидгыла алаларазы аофициалла азыҳәамҭа ҟанаҵоит.

Хшыҩзышьҭра азун „Мрагыларатә партниорра" анеҩстәи асаммитгьы. Аиҧылараҿы иалацәажәеит абри аформат аҳәаақәа ирҭагӡаны аусеицура арҭбааразы иҟоу алшарақәеи аперспективақәеи, урҭ апрактикатә алҵшәақәа раиуреи, Евроеидгылеи апартниор тәылақәеи рыбжьара аизыҟазаашьақәа иаҳа рырҕәҕәареи иазкызароуп.

Аиҧылара аан, аганқәа рхаҭарнакцәа, Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы агуманитартә ҭагылазаашьа цәгьеи ашәарҭадара аганахьала иҟоу апроблемақәеи ирылацәажәеит. Аҧыза-министр ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла аиҳабыра рзы ҳаҧхьаҟагьы аҧыжәара амазаауеит атәыла адеокупациеи аҭынчмҩала аимак аҭыҧқәҵареи, абри ахықәкы анагӡаразы апартниорцәа рыдгылара аҵакы ҷыда анашьоуп.

Девид Сасоли Иракли Ҕарибашвили даниҧылоз, даҽазнык ишьақәирҕәҕәеит Европарламент Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи, иара убас, атәыла европатәии евроатлантикатәи интеграциеи, адемократиатә аҿиареи ишадгыло.

Европарламент ахада диҧылаанӡа, Қырҭтәыла аиҳабыра рнапхгаҩы Европарламент асас дахьқәа рышәҟәы аҟны агәаларшәагатә нҵамҭа ҟаиҵеит.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзурa