Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2021 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Аҧыза-министр Болгариа ацҳаражәҳәаҩ дылҧылеит Print Version

2021-01-20

Қырҭтәыла Аҧыза-министр Гьаргь Гахариа Қырҭтәыла иҟоу Болгариа ацҳаражәҳәаҩ Десислава Иванова дылҧылеит.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ацҳаражәҳәаҩ ҭабуп ҳәа леиҳәеит аглобалтә пандамиа аан Болгариа Қырҭтәыла иазоунашьҭыз агуманитартә цхыраареи адгылареи азыҳәан.

Аганқәа рхаҭарнакцәа авакцинациа азҵаара иалацәажәеит. Аҧыза-министр ишазгәеиҭаз ала, излауа ала ирласны авакцина аиуразы, Қырҭтәыла аиҳабыра, COVAX аплатформа инаваргыланы, апартниор тәылақәа рҟны активла аусеицура иаҿуп, Гьаргь Гахариа ишиҳәаз ала, иара Болариа даҭабууп ари апроцесс аҿы Қырҭтәыла иахьацхраауа азыҳәан.

Аиҧылараҿы иаҵшьны иазгәаҭан Амшын Еиқәа ашәарҭадара аҵакы. Иара убас, хшыҩзышьҭра азун аекономикатә усхкы аҿы ҩ-тәылак русеицура. Ишазгәаҭаз ала, апандемиа иахылҵуа апроблемақәа иазҧхьагәаҭаны, ахәаахәҭра-економикатә усеицуреи, иара убас, атранспорти, арегионалтә ҵакы змоу апроектқәа рхырхарҭала акоммуникациатә аимадарақәеи рырҭбаара иазку азеиҧш ҽазышәарақәа иаҳа ирҕәҕәатәуп.

Аиҳабыра ранапхгаҩы болгариатәи адипломат ҭабуп ҳәа леиҳәеит ҩ-тәылак рпартниорра арҭбаара аус аҿы хаҭала лара иҟалҵаз алагала азыҳәан. Гьаргь Гахариа ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла аиҳабыра Болгариа иаҭабууп атәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи, иара убас, европатәи евроатлантикатәи интеграциеи адгыларазы.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзурa