Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2020 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак алахәылацәа аҧкрақәа рырҧшқара аан арегулиациақәа зегьы рынагӡара ахылаҧшреи авакцинациа аетап азы аҽазыҟаҵареи иалацәажәеит Print Version

2020-12-25

.

Аиҳабыра ишьақәдыргылаз аҧкрақәа рырҧшқара аан арегулиациақәа рынагӡара ахылаҧшреи, аепидемиологиатә ҭагылазаашьа аҭышәынтәалареи, авакцинациа аетап азы аҽазыҟаҵара апроцесси иалацәажәеит Аҧыза-министр инапхгарала иахьа аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы имҩаҧгаз Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аилатәараҿы.

Аилатәараҿы ишазгәаҭаз ала, аинтенсивтә тестирра аҳәаақәа ирҭагӡаны есымша 20 нызқь раҟара атестқәа рыҟаҵара нарыгӡоит, аха, ирыдҵаало атәылауаа рхыҧхьаӡара еиҵхеит, убри аҟынтә, Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак алахәылацәа даҽазнык атәылауаа рахь ааҧхьара ҟарҵеит аҳәынҭқарра ирнаҭо алшара рхы иархәаны, иарбанзаалак ареспиратортә симптомк рызцәырҵыр, атест аҟаҵаразы иашьашәалоу амедицинатә усбарҭа иадҵааларц. Қырҭтәыла зехьынџьара ас еиҧш 200 иреиҳаны амедицинатә усбарҭақәа иҟоуп.

Ахеилак алахәылацәа ишазгәарҭаз ала, аҧкратә уснагӡатәқәа алҵшәа рхылҵит, атәылаҿы апидемиологиатә ҭагылазаашьа аҭышәынтәалара иаҿуп, аха, уажәтәи арбагақәа ҳрықәгәыҕны, ҳҽырҭынчыр ҟалом, избанзар Қырҭтәылагьы адунеи аҿгьы макьана аҭагылазаашьа цәгьоуп. Аусбарҭабжьаратә хеилаки аепидемиологцәеи ауааҧсыра ирыбжьаргеит Ашықәс Ҿыцтәи аныҳәақәа рзы еиуеиҧшым ауснагӡатәқәа реиҿкаареи рылахәызаареи рҽазырымкырц, аныҳәамшқәа аҩны имҩаҧыргарц.

Иара убас, Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак иахьатәи аилатәараҿы ишырыӡбаз ала, Қарҭ ахадара 400 000 лари азоурышьҭуеит ателевизорла ауаа иддырбо ауснагӡатәқәа рҿы излауа ала ирацәаны акультуратә усзуҩцәа иалахәызарц азыҳәан.

Авирус аларҵәара апревенциазы ахадаратә уснагӡатәс иаанхоит асабрақәа рныҟәгареи, асоциалтә дистанциа ахьчареи.

Ахеилак алахәылацәа инарҭбаау аинформациа роуит ахәышәтәырҭақәа рҿы аиарҭаҭыҧқәа реиқәырәшаразы имҩаҧгаз ауснагӡатәқәа ирхылҵыз алҵшәақәеи ари аганахьала иахьазы иҟоу аҭагылазаашьеи иазкны. Ишазгәаҭаз алда, уажәазы аҭагылазаашьа еиҕьхеит. Агәабзиарахьчара аминистрра аинформациа ала, иахьазы атәыла амасштабла иҭацәны ирымоуп 1664 аҭыҧқәа, уи ала лабҿаба иубарҭоуп атәылаҿы зҭагылазаашьа цәгьоу, ахәышәтәырҭашҟа ииагатәу апациентцәа усҟаҟ ишырацәам. Иаҵшьны иазгәаҭан аклиникатә сасааирҭақәа русушьа бзиа, уаҟа атерапиатә елемент ирҕәҕәоуп, апациентцәа аҵәыҵәри ала реиқәыршәара аганахьала апроблемақәа иҟам. Уи адагьы, аклиникатә сасааирҭақәа ирхылаҧшуеит аконкреттә хәышәтәырҭақәа, убри абзоурала, апациентцәа зегьы ргәабзиара аҭагылазаашьа еиҧҟьарада амониторинг азуп.

Ахеилак аилатәараҿы ишазгәаҭаз ала, аҧкратә уснагӡатәқәа рыбзоурала аҭагылазаашьа еиҕьхеит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ауаажәларратә шәарҭадара ахылаҧшра ацентр «112» аҿгьы. Ацентр адиректор Гьаргь Арсошвили ишиҳәаз ала, ацентр иадҵаало ауаа рхыҧхьаӡара 38%-ла еиҵхеит, амедицинатә цхыраара лас ааҧхьареи, иара убас, аковид консультациақәеи рзы. Аха, уажәгьы мзызда 112 амаҵзурашҟа аҭел иасуа ауааҧсыра рацәоуп, ари аганахьала иахьагьы апроблемақәа иҟоуп. Убри аҟынтә, Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак ауааҧсыра рахь ааҧхьара ҟанаҵеит 112 амаҵзура рхы иадырхәарц аконкреттә цхыраара анырхаҭу мацара.

Ахеилак аилатәараҿы хшыҩзышьҭра ҷыда рызун авакцианациа апроцесс ҧырхагада амҩаҧгаразы имҩаҧысуа аусурақәеи, абри атема иадҳәаланы Аҧыза-министр идҵала еиҿкаау акомиссиа ҷыда ала имҩаҧгоу ауснагӡатәқәеи. Ари азҵаара иадҳәаланы ҷыдала иалкаан иаамҭаны авакцина аагареи, иара убас, аинфраструктуратәи алогистикатәи аҭагылазаашьақәа реиқәыршәареи.

Даҽазнык иаҵшьны иазгәаҭан COVAX аплатформа инаваргыланы, жәларбжьаратәи апартниорцәеи авакцина ҟазҵо аилахәырақәеи рҟны активла аиҿцәажәарақәа шымҩаҧысуа. Ари апроцесс иалахәып Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрреи аҳәаанырцә иҟоу Қырҭтәыла адипломатиатә миссиақәеи.

Ҧхынҷкәын 24 инаркны аҧкрақәа рыхәҭак рырҟәымшәышәра инаваргыланы, аџьаус аинспекциеи иашьашәалоу ахылаҧшратә маҵзурақәеи активла амониторинг мҩаҧыргоит еиуеиҧшым ахәаахәҭратә обиектқәеи ахәаахәҭратә центрқәеи рҿы, абарҭ аобиектқәа ирҭаауа ауааҧсыра ршәарҭадара ихьчазарц азыҳәан.

Қырҭтәыла аџьаус аинспекциеи, ахашәалахәтә маҵзуреи, афатәаалыҵ амилаҭтә агентреи аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла 670 обиектқәа гәарҭеит, урҭ рыгәҭа Қырҭтәыла зехьынџьара игәаҭан 31 ахәаахәҭратә центрқәа, урҭ ҿырҳәала агәҽанҵара роуит. Иара убас ҿырҳәала агәҽанҵара роуит 619 хазхаҭалатәи ахәаахәҭратә обиектқәагьы; шьаҭанкыла игәаҭан 10 обиектк, урҭ русураҿы аилагарақәа аарҧшымызт.

Ҩымзтәи аплан аҳәаақәа ирҭагӡаны ишьақәыргылоу аҧкрақәа рынагӡара аганахьала имҩаҧгоу амониторинг иалҵшәаны, аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла аарҧшуп атәыла зехьынџьара ишьақәыргылоу аҧкрақәа реилагара 554 фактқәа.

Аполициа аусзуҩцәа, административтә зинеилагарақәа ркодекс иашьашәаланы, 101ҩык ахараҧса рықәырҵеит. Ахараҧса зқәырҵаз иреиуп асааҭ 21:00 инаркны шьыжьымҭан асааҭ 05:00-нӡа аиҭаҵразы ишьақәыргылоу аҧкра еилазгаз ауааҧсырагьы. Иара убас, аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла асабрада аныҟәгара аҧҟара еилазгаз 453-ҩык ахараҧса рықәырҵеит. Иара убас, аполициа аусзуҩцәа, аҽыҧхьакреи акарантини аҧҟара аилагаразы Қарҭ ҩыџьа ачымазаҩцәа ахараҧса рықәырҵеит.

Атәылаҿы акоронавирус аларҵәара ианалага инаркны иахьанӡа авирус ҿыркааит 218 724-ҩык ауааҧсыра, урҭ рҟынтә 196 220-ҩык ачымазара иалҵхьеит, 2313-ҩык апациентцәа иҧсит.

Уажәазы акарантин аҿы иҟоуп 396-ҩык, аклиникатә сасааирҭақәа рҿы - 1542-ҩык, астационар аҿы - 5969ҩык апациентцәа.

Аҧыза-министр инапхгарала аус зуа Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аусура активла иалахәып Қырҭтәыла апарламенти атәыла ахада лусмҩаҧгарҭеи.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзурa