Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2020 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Гьаргь Гахариа апарламенттә фракциа «Ақырҭуа гәахәтәы» алахәылацәа данырҧылоз, 2021–2024 шықәсқәа рзтәи аиҳабыратә программа априоритетқәа дрылацәажәеит Print Version

2020-12-23

  ..

Ишыжәдыруа ала, сынтәатәи ашықәс ҳазынтәгьы ҳзы даараӡа иуадаҩын, ҳәарада, раҧхьа иргыланы, ҳтәылауаа рзы иуадаҩын, аглобалтә пандемиа аҳәынҭқарратә институтқәеи ҳтәылауааи аҧышәа рзымҩаҧнагеит. Ҳара ҳазынтәгьы ибзианы еилаҳкаауеит 2021 шықәсагьы ишыуадаҩхо, аҳасабтәқәа шырацәахо, - иҳәеит Қырҭтәыла Аҧыза-министр иҭыҧ азы акандидат Гьаргь Гахариа апарламент аҿы афракциа „Ақырҭуа гәахәтә" ахаҭарнакцәа данырҧылоз.

Гьаргь Гахариа ишиҳәаз ала, абри ҭагылазаашьа иазҧхьагәаҭаны, аиҳабыра ҩынтә еиҳаны аҭакҧхықәра рыдуп.

„Абри аҭагылазаашьа амшала, аиҳабырагьы апарламентгьы ҩынтә еиҳаны аҭакҧхықәра рыдуп, аха, рыцҳарас иҟалаз, апарламент аҿы изҩыдоу аоппозициа макьана иҟам. Шәызынтгьәы ибзиаҵәҟьаны ижәдыруеит, аглобалтә пандемиа, аекономикатә кризис, аполитикатә процесс уҳәа, иахьазы атәылаҿы иҟоу апроблемақәа иазҧхьагәаҭаны иаҳҳәозар, аоппозициа рыда аусура шыуадаҩхо. Алхыҩцәа, инақәыршәаны 2 миллионҩык ауааҧсыра алхрақәа рҿы алхра аныҟарҵа, ҳазынтәгьы еиҟараны аҭакҧхықәреи аҧхықәрақәеи ҳадырҵеит, убри аҟынтә, анеҩстәи ашықәсқәа рзы аҳасабтәқәеи апроблемақәеи шырацәахоугьы, ҳара ҳазынтәгьы қәҿиарала аусура ҳазҿлымҳазароуп. Аиҳабыра ирылшо зегьы ҟарҵоит апарламент аҿы ицәыргоу апрограмма „Европатәи аҳәынҭқарра аргыларазы" инаӡаны имҩаҧгарцаз, избанзар 4 шықәса рышьҭахь ҳара Евроеидгыла алаларазы азыҳәамҭа аҟаҵара ҳалшароуп, насгьы, абри азыҳәамҭа иҵаҵгәыркызароуп. Аҵаҵгәыркызароуп ҳәа анаҳҳәо уи иаанаго акоуп - хырхарҭақәак рыла атәыла крызҵазкәа аҿиара, ҳәарада, раҧхьа иргыланы, адемократизациеи аекономикатә шәарҭадареи аганахьала. Абри зегьы ҳара ҳазлацәажәо апрограммала иазҧхьагәаҭоуп", - иҳәеит Гьаргь Гахариа.

Гьаргь Гахариа иажәақәа рыла, аиҳабыратә программа атәыла аекономика ирласӡаны аиҭашьақәыргылареи 2019-2020 шықәсқәа рзы иҟаз алагамҭатә позициақәа рахь ахынҳәреи иазкуп, аиҳабыра ари ахырхарҭала аконкреттә план рымоуп. Гьаргь Гахариа ишиҳәаз ала, аглобалтә пандемиа амшала атәыла аҳәынҭқарратә институтқәа зегьы крызҵазкәа апроблемақәа рызцәырҵит, зегьы еилыркаароуп ари апроцесс ирласны ишалымго.

„Аглобалтә пандемиа амшала есымшатәи ҳаҧсҭазаашьа аҿаҧсахит, ҳәарада, абри зегьы аҳәынҭқарратә институтқәеи аусбарҭақәеи ирныҧшит. Убри аҟынтә, ҳазынтәгьы ибзиаҵәҟьаны еилаҳкаароуп ари апроблема мызкалагьы шықәсык алагьы ишымӡбахо. Анеҩстәи ашықәсқәа рзы апандемиеи, аглобалтә економикатә кризиси ирҿагылоу ақәҧара нагӡахоит. Қырҭтәыла аекономика шьаҭас иамоуп - зхы иақәиҭу аџьармыкьеи, иара убас, хазхаҭалатәи аинициатива, хазхаҭалатәи асектор аҿиара. Ҳара иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит аусуратә ҭыҧқәа раҧҵара апроцесс аҿы аҳәынҭқарра абизнес иацхраарц, хазхаҭалатәи асектор аҭакҧхықәра шьҭыҵырц азыҳәан. Аҭакҧхықәра ду змоу аҕәҕәоу ақырҭуа бизнес аҧҵара - абри ауп ҳара хықәкыс иҳамоу, абри ахықәкы еицынаҳагӡароуп. Ҳәарада, убри азыҳәан атәыла амакроекономикатә ҭышәынтәалара иҟазароуп, уи аҵакы ду амоуп ишиашоу атәым инвестициақәа рыдыҧхьалареи, иара убас, аҭыҧантәи абизнес қәҿиарала аҿиареи азыҳәан. Убри аҟынтә, абиуџьет аиқәыршәара аан аиҳабыратә программаҿы ахадаратә ҵакы амазаауеит амакроекономикатә ҭышәынтәалара аиқәыршәара азҵаара,"- иҳәеит Гьаргь Гахариа.

Иара иажәақәа рыла, аекономикатә кризис аан аиҳабыра рзы аҵакы ду амоуп афискалтә консолидациеи адисциплинеи.

„Иахьанӡагьы алҵшәа зхылымҵыц ашәахтә зинҷыдақәа реиҭахәаҧшра ҳақәшәоит, ҳбизнесгьы ҳтәылауаагьы уи еилыркаароуп. Иахаьазы ҳара ҳзы аҵакы ду амоуп усҟак идуум атәыла аресурсқәа излауа ала хықәкыла, алҵшәа рхылҵратәы рхархәара. Убри аҟынтә, ашәахтә зинҷыдақәа рылҵшәара азҵаара аиҳабыратә программаҿы афискалтә консолидациеи инеизакны ашәахтә дисциплина ахаҭабзиара аиҕьтәреи аҿы ахадаратә ҵакы змоу ахәҭақәа иреиуп. Аҳәынҭқарратә наплакқәа рхылаҧшра ахаҭабзиара аиҕьтәра аҵакы ду амоуп, ари ахырхарҭала ҳара аусура ду амҩаҧгара ҳақәшәоит. Алҵшәара аганахьала азҵаарақәа ахьыҟоу, мамзаргьы аҳәынҭқарратә биуџьет иацәыхьанҭоу аҳәынҭқарратә наплакқәа зегьы ирыдҳәаланы аконкреттә аӡбарақәа ҳадаҳкылароуп, раҧхьа иргыланы, урҭ рылҵшәареи рхылаҧшреи еиҕьаҳтәроуп, аха, аамҭакала, урҭ рприватизациагьы азхәыцра ҳалагароуп. Ҳазынтәгьы еилаҳкаароуп астратегиатә ҵакы змоу аобиектқәа ари апринцип шрыдкьымсло, ари азҵаара ала аспекулиациа ҟалом, аха, излауа ала аекономика арлахҿыхреи аҳәынҭқарра иатәу аресурсқәа ишахәҭоу еиҧш рхархәареи азыҳәан ари ашьаҿа хымҧада иҟаҵатәуп," - иҳәеит Гьаргь Гахариа.

Гьаргь Гахариа иажәақәа рыла, аекономикатә кризис шыҟалоугьы, аиҳабыра ркапиталтә харџьқәа аганахьала, анеҩстәи 4 шықәса рыҩнуҵҟа атәыла асистематә инфраструктура аиҿкааразы иаҭаху аҩаӡара ихьчазаауеит.

Аҧыза-министр иҭыҧ азы акандидат ишиҳәаз ала, аҵыхәтәантәи 8 шықәса рыла Қырҭтәыла аиҳабыра ирымаз акапиталтә харџьқәа 20 миллиард лари иаҟароуп, ауааҧсыра уи ибзиаҵәҟьаны ирбоит.

„Раҧхьа иргыланы, амҩақәеи аӡытә инфраструктуреи, егьырҭ аусхкқәеи роуп сызлацәажәо. Анеҩстәи 4 шықәса рыла Қырҭтәыла аиҳабыра иҵегьы 20 миллиард лари азоушьҭра ргәы иҭоуп. Уи ҳтәыла аалыҵ наӡа аҟынтә 8% ауп, ари аҧара есышықәса атәыла аинфраструктура иалаҵазароуп. 2024 шықәсазы Евроеидгыла алааларазы азыҳәамҭа ҟаҳҵароуп ҳәа анаҳҳәо, ҳазынтәгьы еилаҳкаароуп атәыла аинфраструктура ишахәҭоу ала ишеиҿкаатәу, ҷыдала, асистематә инфраструктура ҳаналацәажәо", - иҳәеит Гьаргь Гахариа.

Гьаргь Гахариа иажәақәа рыла, ишиашоу атәым инвестициақәа Қырҭтәыла аекономика аҿиаразы еснагь ахадаратә ҵакы змаз мчын, иахьагьы, аглобалтә кризис иазҧхьагәаҭаны, атәылақәа зегьы ишиашоу атәым инвестициақәа аганахьала апроблемақәа рымоуп. Қырҭтәыла аиҳабыра иаҭаху зегьы ҟарҵароуп аекономикеи егьырҭ аусхкқәеи рҿы аструктуратә реформақәа нагӡахарцаз, атәыла иалаҳҵо адоллар цыҧхьаӡа излауа ала алҵшәа бзиа ахылҵырц.

„Убри азыҳәан имаҷымкәа азакәанҧҵаратә ҧсахрақәа рымҩаҧгареи аекономика аҿиара еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла аструктуратә реформақәа рымҩаҧгара анагӡареи ҳақәшәоит, уи аҵакы ду амоуп", - иазгәеиҭеит Аҧыза-министр иҭыҧ азы акандидат.

Гьаргь Гахариа иажәақәа рыла, аиҳабыратә программа ианалацәажәо аҵакы ду амоуп атәыла адемократизациа аконсолидациа, ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара аганахьалагьы. Гьаргь Гахариа ишазгәеиҭаз ала, иарбанзаалак ақәҿиара аҵыхәтәантәи алҵшәа ахылҵуам атәыла адемократизациа аконсолидациа апроцесс аҿы ареалтә алҵшәа ҟамлар.

„Ашәарҭадара, ареформақәа, аекономикатә аҿиара уҳәа, иарбан хырхарҭазаалак егьа иқәҿиаразаргьы, аҵыхәтәантәи алҵшәа ҳауам, аҵыхәтәантәи ахықәкы зынаҳагӡом атәыла адемократизациа аконсолидациа апроцесс аҿы ареалтә алҵшәа ҟамлар, атәылаҿы ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара иахәҭоу астандартқәа рааларҵәара ҳалымшар. Ҳара ҳазынтәгьы уи ибзиаҵәҟьаны еилаҳкаауеит, ҳара ҳгәыҧ еснагь ари ахырхарҭала аиашара иазҿлымҳан", - иҳәеит Гьаргь Гахариа.

Гьаргь Гахариа ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла ауааҧсыра рҟынтә 80% иреиҳаны Евроеидгылеи евроатлантикатә структурақәеи рахь Қырҭтәыла аинтеграциа иақәшаҳаҭуп.

„Европатәи евроатлантикатәи интеграциа ҳара имҩаҧааго адәныҟатәи политикаҿы еснагь ахадаратә ҵакы змоу ахықәкқәа иреиун, ҷыдала аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы. Ишыжәдыруа ала, Қырҭтәыла ауааҧсыра рҟынтә 80% иреиҳаны Евроеидгылеи евроатлантикатә структурақәеи рахь Қырҭтәыла аинтеграциа иақәшаҳаҭуп. Аҵыхәтәантәи аамҭазы арегион аҿы имҩаҧысуа апроцессқәа иазҧхьагәаҭаны иуҳәозар, даҽазнык лабҿаба иубарҭахеит арегион аҿы ҳпартниорцәа рхаҭарнакра аизырҳара абзоурала, Қырҭтәыла ашәарҭадара иаҳа ишыҕәҕәахо. Убри аҟынтә, НАТО аҟны аусеицура ахырхарҭала иҟаҳҵоз зегьы ҳаҧхьаҟагьы инаҳагӡароуп. Ишыжәдыруа ала, 2019-2020 шықәса зеиҧшҟамлац ала ибзиан ҳусеицура арҭбаареи ахаҭабзиара аиҕьтәреи аганахьала. Ҳара аҿыц хырхарҭақәа ҳрызхәыцроуп, иаҳҳәап, Амшын Еиқәа ашәарҭадара, ари азҵаараҿы Қырҭтәыла аконкреттә функциеи ароли нанагӡар алшоит", - иҳәеит Гьаргь Гахариа.

Гьаргь Гахариа иажәақәа рыла, рыцҳарас иҟалаз, ампыҵахалара азҵаара атәылазы ахадаратә ҵакы змоу проблемас иаанхоит, уи ашәарҭадара мацара акәӡам изыдҳәалоу.

„Қырҭтәыла ампыҵахалара апроблема аҵыхәанӡа иӡбахаанӡа, атәыла аҿиара апроцесс иахәҭоу ақәҿиара ахылҵуам. Убри аҟынтә, ҳара ҳзы актәи аномер змоу ҳасабтәс иаанхоит аҭынчмҩала, апрогративтә шьаҿақәа рыла атәыла атерриториатә акзаара аиҭашьақәыргылара, ари азҵаара аҿгьы евроатлантикатә ҽазышәарақәеи ҳстратегиатә партниорцәа рылахәызаареи аҵакы ду амоуп, уи ҳазынтәгьы еилаҳкааруоп. Аглобалтә кризис иазҧхьагәаҭаны иаҳҳәозар, аҵыхәтәантәи ашықәс азы ампыҵахалара азҵаара иҳааракӡоу аҩаӡараҟны ааныжьра даараӡа иуадаҩын, аха, ҳдипломатцәа уигьы рылшеит, ҳпартниор тәылақәа раҳҭнықалақьқәа рҿы Қырҭтәыла ампыҵахалара азҵаара иахьагьы актуалра ду амоуп. Ҳтәыла аҿиареи евроатлантикатә интеграциеи апроцесс ҧырхагада аҵыхәанӡа инаҳгарц азыҳәан, ари ахырхарҭалагьы аусура ду мҩаҧаагар акәхоит, - иҳәеит Гьаргь Гахариа.

Аҧыза-министр иҭыҧ азы акандидат иҳәамҭала, абри ахырхарҭала аҵакы ду амоуп ашәарҭадареи, аекономикеи, адемократизациеи аусхкқәа рҿы астратегиатә партниорцәа рҟны аусеицура арҭбаара.
„Абарҭ ахырхарҭақәа рҿы ҳусеицура аҿиара иаҿуп иаҳзеиҧшу апринципқәа рышьаҭа ала, ҳара иҳалшо зегьы ҟаҳҵароуп абри аусеицура, аҳәамҭақәа рыҟаҵара мацарала акәымкәа, иҵегьы излауа ала ирацәаны аконкреттә алҵшәақәа ахылҵырц азыҳәан, раҧхьа иргыланы ҳтәылауаа рекономикатә ҭагылазаашьазы", - иҳәеит Гьаргь Гахариа.

Гьаргь гахариа иажәақәа рыла, аглобалтә пандемиа аан атәыла аҧсҭазаараҿы аҵакы ҷыда зауз аусхкқәа иҟоуп. Аҵыхәтәантәи ашықәс азы уи агәабзиарахьчара асистема акәын. Гьаргь Гахариа ишиҳәаз ала, асистемаҿы ареформа нагӡатәуп аҵыхәтәантәи 8 шықәса рыҩнуҵҟа аҧыжәара змаз асистематә азнеишьа ахархәарала.
„Лабҿаба иубарҭаз ақәҿиарақәа иҟан, ҳазынтәгьы ибзианы иаадыруа ақәҿиаарақәа. Ҳәарада, уи зегьирзеиҧшу агәабзиарахьчара ауп, аха, анеҩс, раҧхьатәи агәабзиарахьчара аганахьаала аҳасабтәқәа ҳазцәырҵит, иахьа аминистрра ари ахырхарҭала аусура иаҿуп. Раҧхьа иргыланы, раҧхьатәи агәабзиарахьчара аелемент иаҳа ирҕәҕәатәуп, ауааҧсыра зегьы зегьирзеиҧшу агәабзиарахьчара ахархәара рылшарц азыҳәан ари ахырхарҭалагьы ареформа мҩаҧгатәуп, ауаа рџьыбантә иршәо аҧара излауа ала ирмаҷтәуп, избанзар уи ҳуааҧсыра рзы апроблема дууп. Уи адагьы, аглобалтә пандемиа амшала, асоциалтә ҭакҧхықәра аганахьала, аҳәынҭқарратә социалтә программақәа ашәарҭара иҭагылеит. Ари аусхкы аҿы крызҵазкәа ареформа амҩаҧгара ҳалагахьан, уи ала иазҧхьагәаҭан ахәарҭазаара ахаҭабзиара аизырҳареи, аҳәынҭқарра аҟынтә ацхыраара зҭаху атәылауаҩ цыҧхьааӡа иаарҧшра апроцесс аҿы ареформа амҩаҧгареи ари апроцесс аиҕьтәреи, ҳара ари ахырхарҭала аусура ҳалагахьан. Иахьазы ари азҵаара иаҳа аҵакы аиуит, избанзар, социалла ихьчам ҳуааҧсыра роума, зықәрахь инеихьоу роума, ахҵәацәа руома, урҭ ирласӡаны иаарҧшны аҳәынҭқарра аҟынтә ацхыраара рыҭатәуп, иахьа абри азҵаара зеиҧшҟамлац ала аҵакы ду амоуп. Ҳаҧхьаҟа ари ацхыраара иаҳа идухоит," - иҳәеит Гьаргь Гахариа.

Гьаргь Гахариа иажәақәа рыла, анеҩстәи 4 шықәса рыла атәылаҿы имҩаҧыргараны иҟоу ареформақәа зегьы изымҩаҧгахом анапхгаараҭаратә системеи аҳәынҭқарратә маҵзуҩцәеи рылахәызаара ада. Гьаргь Гахариа иҳәамҭала, акомпетенциа бзиеи аламыси змоу аҳәынҭқарратә маҵзуҩы иоуп ареформа ақәҿиара зхьыҧшу.

„Убри аҟынтә, анеҩстәи 4 шықәса рыҩнуҵҟа, аҳәынҭқарратә маҵзуҩы Қырҭтәыла аиҳабыра рҟынтә хшыҩзышьҭра ҷыда имазаауеит. Аконституциатә реформа абзоурала атәылаҿы апарламенттә демократиа анышьақәгыла ашьҭахь, „Ақырҭуа гәахәтәы" имҩаҧыргаз ареформақәа рыбзоурала анеҩстәи ашықәсқәа рзы апропорциатә алхратә системашҟа ҳшиасуа иазҧхьагәаҭаны, аполитикатә ганахьала инеитралу аҳәынҭқарратә маҵзуҩы ида атәыла аҿиара ҳзеиқәыршәом, уи зда ҧсыхәа иҟам ҭагылазаашьоуп. Убри аҟынтә, аҳәынҭқарратә маҵзуҩи уи икомпетенциа аиҕьтәреи ахадаратә ҵакы зауа ахықәкқәа иреиуп. Ҳәарада, аҳәынҭқарратә маҵзуҩы иусура иахылҵуа алҵшәақәа ҳанрылацәажәо, араагьы ҳасабтәқәак ҳамоуп. Уи акомпетенциа ахаҭабзиара, ма акоррпупциа апроблемақәа ракәзар ауеит, аха, ҳара ҳазынтәгьы ибзианы еилаҳкароуп абри алабҿабараҿы ҳшынхо, ҳара еснагь абарҭ апроблемақәа ҳаӡбон, ҳаҧхьааҟагьы ишахәҭоу ала рықәҿыҭра наҳагӡароуп", - иҳәеит Гьаргь Гахариа.

Гьаргь Гахариа ажәахә аныҟаиҵа ашьҭахь, афракциа „Ақырҭуа гәахәтәы" алахәылацәа рызҵаарақәа аҭак риҭеит.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзурa