Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2020 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Акоординациатә хеилак аӡбара ала, ҧхынҷкәын 24 инаркны ажьырныҳәа 2 налаҧхьаӡаны, аҧкрақәа рырҧшқара инаӡаны имҩаҧгахом Print Version

2020-12-22

  .

Аҧыза-министр Гьаргь Гахариа инапхгарала аус зуа Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аӡбара ала, ҧхынҷкәын 24 инаркны ажьырныҳәа 2 иналаҧхьӡаны аҧкрақәа рырҧшқара инаӡаны имҩаҧгахом. Авице-аҧыза Маиа Цқьитишвили ари атәы аалыцҳаит ахеилак иахьатәи аилатәара ашьҭахь имҩаҧгаз абрифинг аҿы.

"Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак алахәылацәа аекспертцәеи, аепидемиологцәеи, абизнесхаҭарнакцәеи активла аус рыцыруан ҧхынҷкәын 24 инаркны аҧкрақәа рырҧшқара азҵааразы.

. Ҳара ҳазынтәгьы ибзианы иаабоит абҵара 28 инаркны амч змоу аҧкрақәа рыбзоурала, авирус аларҵәара аласра шеиҵхаз, аепидемиологиатә ҭагылазаашьа аҭышәынтәалара ишалагаз.

- мышкала иаарҧшу афактқәа рхыҧхьаӡара шеиҵхазгьы, авирус аҿкаара арбагақәа уезгьы идууп. Иахьа мацара, аинтенсивтә тестирра ала, 3064 фактқәа аарҧшуп, ахәышәтәырҭақәа рҿы рҽырыхәшәтәуеит 6358ҩык атәылауаа.
Убри аҟынтә, атәыла анапхгарагьы, хазхаҭалатәи асекторгьы, атәылауаагьы, ҳара ҳазынтәгьы ари апроцесс азы аҭак ҳаҧхықәуп, иахьазы иҳамоу алҵшәақәа ҳреиҷаҳароуп.
Убри аҟынтә, Акоординациатә хеилак иаднакылаз аӡбара инақәыршәаны, ҧхынҷкәын 24 инаркны ажьырныҳәа 2 иналаҧхьаӡаны аҧкрақәа рырҧшқара инаӡаны имҩаҧгахом:

1. Қарҭи, Русҭавии, Қәҭешьи, Баҭыми, Гории, Жәыргьыҭи, Ҧуҭи, Ҭелавии амуниципалтә транспорт аусуразы ишьақәыргылаз аҧкра иаанхоит.
2. Иара убас, амч амазаауеит ақалақьбжьаратә транспорт аиҭаҵразы ишьақәыргылаз аҧкра. Лымкаала, ақалақьқәа рыбжьара аиҭаҵра ҟалоит амашьына ласқәа мацарала.

3. Аџьармыкьақәа аусура иалагом. Аусура нарыгӡоит ақыҭанхамҩатә џьармыкьақәа мацара, аҧҟарақәа зегьы рыхьчара ала.

4. Ҧхынҷкәын 24 инаркны ажьырныҳәа 2 иналаҧхьаӡаны, хыхь еиқәыҧхьаӡоу ақалақьқәа рҿы, аковид-шәарҭадара аҧҟарақәа зегьы рыхьчара ала, аусура еиҭалагоит ахәаахәҭратә обиектқәа.

5. Иацҵаны арегулиациақәагьы иаҧхьагәаҭоуп, урҭ ирыдҳәаланы абизнессектор ахаҭарнакцәа рҟны аконсультациақәа мҩаҧаагеит:

 

  •  адәқьанқәа аус руеит шьыжьымҭан асааҭ 07:00 инаркны асааҭ 19:00-нӡа
  •  ахархәаҩцәа ахәаахәҭратә қәыҧшыларашҟа рынашьҭра аан дара реишьҭаргылашьа ҕәҕәала иахылаҧштәуп. Убри азыҳәан:
  •  адәқьан аҿы ес-20 аквадраттә метр аҵакырашҟа днашьҭызароуп ахархәаҩ заҵәык;
  •  адәқьан аҩнуҵҟагьы анҭыҵгьы ахархәаҩцәа реишьҭагылара ахылаҧшра азутәуп;
  •  ахәқәа рыларҟәра иазкны аарыцҳароуп шьыжьымҭантәи асааҭқәа рзы ма/иара убас онлаин аҭира аан. 
  • Ацәҩычатә дәқьанқәа рҿы аҽеилыхырҭақәа аус руам;
  •  иара убас, ахархәаҩцәа ринтересқәа рыхьчаразы, адәқьанқәа ауаа азин рырҭароуп мызкы аҳәаақәа ирҭагӡаны аалыҵ архынҳәра ма аҧсахразы, уи еиҧш алшаара ҟалоит жәабран 1 ашьҭахь;
  • ахәаахәҭратә центрқәа рҿы акрыфаратә обиектқәа аус руам, анагара асервисгьы налаҵаны;
  • ақәыҧшыларақәа зегьы рҿы, иара убас, адәқьанқәа рынҭыҵгьы асоциалтә дистанциеи асабрада ииашаны аныҟәгареи аҧҟарақәа ихьчазароуп;
  •  еиқәыҧхьыӡоу аҳәарақәа рынагӡаразы аҭак рыҧхықәуп адәқьанқәа радминситрациа;
  •  иарбанзаалак еилагарак ахьаадырҧшуа аобиект ахараҧса ақәырҵоит, ма аусура азин амырхуеит.

 

6. Ишыжәдыруа ала, иахьазы, ашәаҩатә курортқәа рыда, атәыла зехьынџьара иҟоу асасааирҭақәеи урҭ рыҩнуҵҟа иҟоу аресторанқәеи аусура азин рымоуп. Аресторанқәа асасааирҭа асасцәа мацара рымаҵ аура рылшоитю Акультуратәи еиуеиҧшым агәырҿыхаратәи уснагӡатәқәа рымҩаҧгара ҟалом.

7. Рыцҳарас иҟалаз, ишаабо ала, асасааирҭақәа реиҳара абарҭ аҳәарақәа ратәамбареи Ашықәс ҿыцтәи ахәылҧазқәа рымҩаҧгареи рҽазыркит.
8. Убри аҟынтә, ишыҳаӡбаз ала, асасааирҭақәа рҿы иҟоу аресторанқәа аус руеит асааҭ 21:00-нӡа, асааҭ 21:00 ашьҭахь аномер ашҟа афатә анагара мацара рылшоит.

9. Атәыла зехьынџьара аресторанқәеи акрыфаратә обиектқәеи аусура нарыгӡоит анагара асервис мацарала.

10. Асааҭ 21:00 инаркны асааҭ 05:00-нӡа шьапылагьы амашьыналагьы аиҭаҵразы ишьақәыргылоу аҧкра амч амазаауеит.

11. Азинҷыда шьақәыргылоуп Ашықәс Ҿыцтәи аухазы, ҧхынҷкәын 31-еи, иара убас, Қьырса аухазы - ажьырныҳәа 6-еи рзы.

12. Азинҷыда шыҟалоугьы, ауааҧсыра ҳрыҳәоит Ашықәс Ҿыцтәи аныҳәа аҩны иаҧыларц ", - илҳәеит Маиа Цқьитишвили.


Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзурa