Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2020 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Гьаргь Гахариа аҳәаанырцә иҟоу Қырҭтәыла адипломатиатә хаҭарнакрақәа рнапхгаҩцәа 2020 шықәсазы имҩаҧгаз аусуразы ҭабуп ҳәа раҳәаны, 2021 шықәсазы аҧыжәара зауа ахырхарҭақәа ирызкны драцәажәеит Print Version

2020-12-21

..

Аиашаз, хымҧада иазгәаҭатәуп ақырҭуа дипломатиа Қырҭтәыла атәылауаа хырҳагаарас ирзаанагаз, ҳара, атәыла хәыҷы, усҟак идуум ҳекономикатә алшарақәа рыла, ҳтәылауаа атәылашҟа ишҳархынҳәыз, - иҳәеит Қырҭтәыла Аҧыза-министр Гьаргь Гахариа аҳәаанырцә иҟоу Қырҭтәыла адипломатиатә харҭарнакрақәа рнапхгаҩцәа есышықәсатәи реиҧылараҿы - „Ацҳаражәҳәаҩцәа рконференциа 2020 - Аглобалтә пандемиа аан Қырҭтәыла аполитикатә приоритетқәеи, аҿыц аҳасабтәқәеи, алшарақәеи" аҿы данықәгылоз. Аиҧылара мҩаҧысит онлаин аформат аҿы.
Аиҳабыра рнапхгаҩы адипломатцәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит 2020 шықәсазы, апандемиа аан, имҩаҧыргаз аусура ду азыҳәан.
„Раҧхьа иргыланы, ҭабуп ҳәа шәасҳәар сҭахуп. Гәыкала ҭабуп ҳәа шәасҳәоит 2020 шықәсазы, апандемиа аҿагылара апроцесс аҿы, раҧхьа иргыланы ҳтәылауаа рзинқәеи ргәабзиареи ахьчаразы адипломатиатә корпус имҩаҧнагаз аусуразы. Шәара шәахьыҟоу атәылақәа рҿы еиуеиҧшым амзызқәа рыла иаанхаз ҳтәылауаа роуп сызлацәажәо. Урҭ рыхәҭак аус руан, егьырҭ аҽыхәышәтәразы идәықәлеит, џьоукы аҵара рҵон. Аиашаз, уамашәа иубаратәы иҟоуп ақырҭуа дипломатиа Қырҭтәыла атәылауаа ишрыцхрааз, ҳара, атәыла хәыҷы, ҳтәылауаа рыҧсадгьылахь архынҳәра шҳалшаз. Агәра шәсыргар сҭахуп, Қырҭтәыла атәылауаа зегьы ибзиаҵәҟьаны уи рбеит", - иҳәеит Гьаргь Гахариа.
Аиҳабыра рнапхгаҩы атәылазы ахадаратә ҵакы змоу апроблема - ампыҵахалареи атерриториатә акзаареи азҵаара дазааҭгылан, адипломатцәа ари ахырхарҭа алагьы имҩаҧыргаз аусуразы ҭабуп ҳәа реиҳәеит.
«Ҭабуп ҳәа шәасҳәар сҭахуп адипломатиа мацараз акәымкәа, абри иуадаҩӡоу аамҭазы иаашәырҧшуа ауаҩра азгьы, асоциалтәи аполитикатәи ҧсҭазаара ҿыц аҿы Қырҭтәыла ампыҵахалареи атерриториатә акзаареи азҵаара аҳҭнықалақьқәа зегьы рҿы иахьагьы актуалтә ҵакы амазааратәы иҟашәҵеит. Ҳара ҳазынтәгьы еилаҳкаароуп ҳаҧхьаҟа, аҭагылазаашьа зеиҧшразаалакгьы, ҳтәыла ампыҵахалареи атерриториатә акзаареи азҵаара иреиҳаӡоу аҧыжәара шамазаауа. Адунеи аҿы аҭагылазаашьа шыцәгьоугьы, Қырҭтәылазы абри зегьы реиҳа зҵакы дуу апроблема аҳәаанырцә ирхамшҭратәы иҟаҳҵароуп», - иҳәеит Гьаргь Гахариа.
Иара убас, Гьаргь Гахариа аҳәаанырцә аус зуа адипломатцәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит Гаагатәи ашьауҕатә жәларбжьаратәи аӡбара аӡбаҩс Гоча Лордқьиҧаниӡе иалхра апроцесс аан имҩаҧыргаз аусура азгьы.
„Аҵыхәтәантәи алхрақәа рзы ҭабуп ҳәа шәасҳәоит, Қырҭтәыла аҭоурых аҿы раҧхьаӡа акәны, Гаагатәи ашьауҕатә жәларбжьаратәи аӡбара аӡбаҩс далхуп Гоча Лордқьиҧаниӡе. Сара ибзиаҵәҟьаны еилыскаауеит абри ақәҿиараҿы шәара алагала ду шыҟашәҵаз, убри азыҳәангьы ҭабуп ҳәа шәасҳәар сҭахуп", - иҳәеит Гьаргь Гахариа.
Аҧыза-министр иажәақәа рыла, 2021 шықәсазы ахадаратә ҵакы амазароуп алҵшәа зхылҵуа апрогмативтә дипломатиа, избанзар, абри алоуп апандемиа иахылҵыз апроблемақәа атәылазы алшарас иҟаларатәы злаҟарҵаша.
„Абри ауп ҳасабтәс иҳамоу, атәыла хәыҷқәа зегьы рзы уи алшарас иҟалароуп. Ҳара ҳазынтәгьы ибзиаҵәҟьаны еилаҳкаароуп, агәабзиарахьчара, аепидемиологиатә ҭагылазаашьа, аекономикатәи аполитикатәи асоциалтәи ҧсҭазаара уҳәа, ҳара имҩаҧаагаз алхрақәагьы иазгәасымҭар сылышом, абри зегьы налаҵаны ҳара апандемиа аан аҭагылазаашьа ҳшахылаҧшуа иахьыҧшны, анапдемиа ашьҭахь аглобалтә конкуренциаҿы Қырҭтәыла, аконкуренциа аганахьала аҧыжәара хәыҷык аиур алшоит. Хара имгакәа, ҳара уи лабҿаба иаабоит. Ишыжәдыруа ала, авакцина ҳауеит, аглобалтә конкуренциа зынӡаскгьы даҽа сахьак аиуеит. Адунеигьы апандемианӡа ишыҟаз еиҧш акәымкәа, шьаҭанкыла аҽаҧсахуеит. Ари аганахьала ҳара хықәкык ауп иҳамоу - апандемиа ашьҭахь иҟало аглобалтә конкуренциаҿы аҧыжәара хәыҷык ҳауратәы иҟаҳҵароуп", - иҳәеит Гьаргь Гахариа.
Аиҳабыра рнапхгаҩы Қырҭтәыла аҭоурыхтә хықәкы - Евроеидгыла ашҟа аинтеграциагьы дазааҭгылан, ишазгәеиҭаз ала, сынтәагьы, иара убас, инеизакны ҧшьышықәсатәи алхратә цикл азгьы ахадаратә ҵакы амазаауеит аҭоурыхтә хықәкы, аҭоурыхтә гәазыҳәара анагӡара - алахәызааразы азыҳәамҭа аҟаҵаразы атәыла армазеира.
„Абри аплан амбициатә ҟазшьа амоуп, аха, ҳазынтәгьы еилаҳкаароуп аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы атәыла иамаз ақәҿиарақәа рыбзоурала, ҳтәылауаа зегьы абри ашьаҿа ишазыҧшу, абри ахықәкы анагӡаразы есымша аус ҳуроуп. Убри аҟынтә, 2021 шықәсатәи шәусуратә план аҿы атәыла европатәи евроатлантикатәи интеграциа арҭбаара актәи аномер зауа приоритетхоит. Ҳара ахырхарҭақәа зегьы рыла, афизикатә хырхарҭалагьы, Европа ҳазааигәахароуп, абри ауп раҧхьа иргыланы хықәкыс иҳамоу. Ахырхарҭақәа зегьы рыла - аекономика, абизнес, акультура, аҵара, уҳәа аусхкқәа зегьы рҿы астандартқәа зегьы европатәи астандартқәа иреиҧшхароуп, ҳара иҳалшо зегьы ҟаҳҵароуп анеҩстәи ҧшьышықәса рыла ҳтәыла азыҳәамҭа аҟаҵаразы ихиазарц, абри ауп хықәкыс иҳамазааша", - иҳәеит Аҧыза-министр.
Аиҳабыра рнапхгаҩы иаҵшьны иазгәеиҭеит аҩада-атлантикатә алианс аҟны аусеицура арҭбаареи атәылахьчара аусхкы аҿы иҟоу ақәҿиарақәеи.
„Ҳәарада, НАТО ахырхарҭа зеиҧшҟамлац ала аҵакы ду амоуп. Инеизакны иуҳәозар, атәылахьчара аганахьала аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы апрогресс ду ҳамоуп, уи иазхарҵеит жәларбжьаратәи ҳпартниорцәеи, насгьы, зегьы реиҳа ихадоу, ақырҭуа арбџьармчқәагьы. Дара ибзиаҵәҟьаны ирбоит аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ақырҭуа арбџьармчқәа рҿы изакәытә прогрессу иҟоу, ари ахырхарҭагьы ҳара ҳзы аҵакы ду амоуп", - иҳәеит Гьаргь Гахариа.
Аҧыза-министр данықәгылоз, ҷыдала иазгәеиҭеит аекономикатә дипломатиа аҵакы, иара ишиҳәаз ала, уи атәыла зда ҧсыхәа амам цхыраароуп, апандемиа ашьҭахь ақырҭуа дипломатиатә корпус ари ахырхарҭа хшыҩзышьҭра ҷыда арҭароуп.
„Ари азҵаара аҵакы ду амазаауеит. Уи атуризм ма атәылашҟа ишиашоу атәым инвестициақәа рыдыҧхьалара мацара акәӡам. Аглобалтә конкуренциа даҽа сахьак аиуеит, аглобалтә економика аҽаҧсахуеит, убри аҟынтә, ҳаззыҧшым аҳҭнықалақьқәа рҿы, ҳаззыҧшым аусхкқәа рҿы ҳтәыла алшарақәа азцәырҵратәы иҟаҳҵароуп, ари азҵаарагьы аҵакы ду амоуп", - иҳәеит Гьаргь Гахариа.
Аиҳабыра рнапхгаҩы иҳәамҭала, ҳаҧхьаҟа аҵакы ду рымазаауеит уажәазы арегион аҿы имҩаҧысуа аиҭакрақәеи арегионалтә аҿиареи. Абарҭ иуадаҩӡоу апроцессқәа раан Қырҭтәыла ахатә неитралтә позициа ахьчара алшеит.
Аҧыза-министр адипломатцәа ари ахырхарҭала имҩаҧыргаз аусуразы ҭабуп ҳәа реиҳәеит.
„Ҳәарада, араагьы ҳдипломатиа саҭабууп. Абарҭ иуадаҩӡоу апроцессқәа раан Қырҭтәыла ахатә неитралтә позициа ахьчара алшеит. Ишыжәдыруа ала, Аахыҵ Кавказ аҿы аигәыларатә еизыҟазаашьақәа ҳтәылақәа рзы зеиҧшҟамлац аҵакы рымоуп, ақырҭуа ҳәынҭқарра ашәарҭадара мацараз акәымкәа, атәылақәа рекономикатә аҿиаразгьы. Ҳара ҳазынтәгьы еилаҳкаароуп абри анеитралитет ҳтәылазы ҵакыс иамоу", - иҳәеит Гьаргь Гахариа.
Ацҳаражәҳәаҩцәа рконференциаҿы данықәгылоз, Аҧыза-министр атәылаҿы имҩаҧысуа аполитикатә процессқәагьы дрылацәажәеит.
Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, аҵыхәтәантәи ашықәс азы анапхгаратә мчы, атәыла анапхгара ирылшоз зегьы ҟарҵеит атәыла аполитикатә процесс аҿы иаҳа аплиурализм иҟазарцаз, излауа ала ирацәаны Қырҭтәыла атәылауаа Қырҭтәыла апарламент аҿы рхаҭарнакцәа рымазарцаз, иаҳа ирацәаны ихырҳагоу аполитикатә мчқәа иҟазарцаз.
„Абри акәын алхратә реформа изызкыз. Апарламенттә демократиа аан апропорциатә система - аполитикатә культуреи аполитикатә қәыҧшылара ахырҳагареи ауп иаанаго. Ҳәарада, иаҳа иқәыҧшу аполитикатә мчқәа аполитикатә қәыҧшылараҿы ацәырҵра алшара роуеит. Аха, рыцҳарас иҟалаз, иахьа зынӡаскгьы даҽа лҵшәак ҳауит. Ҳара еилаҳкаароуп адемократизациа апроцесс шымариам. Ахықәки аплан хадеи ииашан, аха, ишубарҭоу ала, ари ахырхарҭала иаҳа ирацәаны аус ҳур акәхоит. Абри азоуп аҵыхәтәантәи 30 шықәса рыҩнуҵҟала иарбанзаалак аполитикатә мчы ирзыҟамҵаз абарҭ ашьаҿақәа ҳара изыҟаҳҵаз. „Ақырҭуа гәахәтәы" ахаҭарнакцәа уи рылшеит, ҳара апропорциатә алхратә система ҳақәшаҳаҭхеит. Абарҭ алхратә ҧсахрақәеи ҳара имҩаҧаагаз алхрақәеи акыраамҭатәи аперспективаҿы ақырҭуа демократиазы апрогресс дууп. Иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп, апандемиа аан, инақәыршәаны, 2 миллионҩык атәылауаа, аҭакҧхықәра наӡа рхы иадҵаны, алхырҭақәа рахь инеины, рыбжьы арҭеит, абри абзоурала, атәыла аҭоурых аҿы раҧхьӡа акәны, ҳара апарламент аҿы аполитикатә мчқәа жәба ҳамоуп, урҭ реиҳара апропорциатә системала иалхуп", - иҳәеит Аҧыза-министр.
Гьаргь Гахариа иҳәамҭала, уи адемократиатә процесс аҿы иҟоу прогрессуп, аха уажәазы иҟоу аполиаризациа ари апроцесс иаҧырхагахар ауеит.
„Ҳәарада, ҳара иҳалшо зегьы ҟаҳҵароуп абри ақәҿиара ҳахьчарцаз, избанзар, иахьа иаабо аполиаризациа абри ақәҿиаара иаҧырхагоуп. Ҳара, хымҧада, абри аҳасабтә ҳаӡбароуп", - иҳәеит Гьаргь Гахариа.
Аҧыза-министр адиалог апроцесс иалахәы жәларбжьаратәи апартниорцәа - афасилитатор ацҳаражәҳәаҩцәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит ари ахырхарҭала имҩаҧыргаз аусура ду азыҳәан.
„Афасилитаторцәа рҳасабала аполиаризациа апроблема аҭыҧқәҵара иалахәы жәларбжьаратәи ҳпартниорцәа ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп. Абри апроцесс иалахәып ҳстартегиатә партниорцәа - Америкеи Евроеидгылеи рыцҳаражәҳәаҩцәа, ҳтәылауаа убри алагьы лабҿаба ирбоит Қырҭтәыла адемократизациа апроцесс ҳстратегиатә партниорцәа рзы ҵакыс иамоу, иахьазы атәыла астратегиатә партниорцәа рҟынтә адгылара ҕәҕәа шҳамоу. Убри алагьы иубарҭоуп аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ҳтәыла ақәҿиара дуқәа шамаз. Ҳәарада, иахьазы Америкагьы Евроеидгылагьы зеиҧшҟамлац ала иҳадгылоуп, ҳара иҳалшо зегьы ҟаҳҵароуп абри адгылара ҳахьчарцаз", - иҳәеит аиҳабыра рнапхгаҩы.
Аҳәаанырцә иҟоу Қырҭтәыла адиломатиатә хаҭарнакрақәа рнапхгаҩцәа есышықәсатәи реиҧылара онлаин арежим аҿы имҩаҧысуеит ҧхынҷкәын 21 - 23 рзы. Аиҧылара иалахәып аҳәаанырцә аус зуа Қырҭтәыла адипломатиатә миссиақәа рнапхгаҩцәеи адәныҟатәи аусқәа рминистрра аструктуратә аҟәшақәа рнапхгаҩцәеи. Аконференциа ааиртит Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Давиҭ Залкалиани. Ауснагӡатә алахәылацәа рҿаҧхьа иқәгылеит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвилии апарламент ахантәаҩы Арчил Ҭалакваӡеи.
Хымштәи аконференциа аҳәаақәа ирҭагӡаны, ауснагӡатә алахәылацәа, адәныҟатәи аполитика ахырхарҭала 2020 шықәсазы имҩаҧгоу аусура аихшьаала азуны, 2021 шықәсатәи аусуратә план иалацәажәоит.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзурa