Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2020 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Аҧыза-министр Гьаргь Гахариа аковидвакцинациа апроцесс ҧырхагада амҩаҧгара аиқәыршәара амзызла еиҿкаау акомиссиа ҷыда алахәылацәа дырҧылеит Print Version

2020-12-19

  ..

Қырҭтәыла Аҧыза-министр Гьаргь Гахариа аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы, аковидвакцинациа апроцесс ҧырхагада амҩаҧгара аиқәыршәара амзызла еиҿкаау акомиссиа ҷыда алахәылацәа дырҧылеит.

Иашьашәалоу аминистррақәеи, аепидемиологцәеи, жәларбжьаратәи аиҿкаарқәеи, Жәлар рыхьчаҩи рылахәызаара ала имҩаҧгаз аиҧылараҿы аковидвакцинациа апроцесс ҧырхагада амҩаҧгара амзызла имҩаҧысуа аусуреи ари атема иадҳәаланы Аҧыза-министр идҵала еиҿкаау акомиссиа ҷыда ала имҩаҧгоу ауснагӡатәқәеи ирылацәажәеит. Ари азҵаара иадҳәаланы ҷыдала иалкаан иаамҭаны авакцина аагареи, иара убас, аинфраструктуратәи алогистикатәи аҭагылазаашьақәа реиқәыршәареи.

Хшыҩзышьра рызун иахьазы адунеи аҿы иҟоу, иара убас, зырмазеира иаҿу авакцинақәа. Аиҧылара алахәылацәа ишазгәарҭаз ала, жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рҟны активла аусеицура иаҿуп раҧхьа иргыланы авакцина ззыҟаҵатәу агәыҧқәа рҳәаақәҵаразы. Иара убас, аиҧылара алахәылацәа ишазгәарҭаз ала, атәылашҟа иааргароуп адунеи зехьынџьара иазхаҵоу, жәларбжьаратәи астандартқәа зегьы ирышьашәалоу авакцина.

Уи адагьы, аиҧылара алахәылацәа адаҷ хьшәашәа асистемагьы иазааҭгылеит, лымкаала, авакцинақәа рзы иаҭаху адаҷ хьшәашәа аҳәарақәеи аҟазшьарбагақәеи.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, атәылаҿы Америкеи европатәи атәылақәеи рҧышәа ашьаҭа ала, ишәарҭам зхааҭабзиара ҳараку авакциана ала излауа ала ирласны авакцинациа иалагароуп.

Даҽазнык иаҵшьны иазгәаҭан COVAX аплатформа инаваргыланы, жәларбжьаратәи апартниорцәеи авакцина ҟазҵо аилахәырақәеи рҟны активла аиҿцәажәарақәа шымҩаҧысуа. Ари апроцесс иалахәып қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрреи аҳәаанырцә иҟоу Қырҭтәыла адипломатиатә миссиақәеи. Ари аганахьала иҟаҵоу аконкреттә шьаҿақәа дрылацәажәеит адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ.

Агәабзиарахьчара аминистрра адыррақәа рыла, атәыла зегьы реиҳа иазыманшәалоу еиуеиҧшым авакцинақәа рҳәаақәҵареи, атәылашҟа урҭ раагареи, раҧхьа иргыланы авакцина ззыҟарҵо агәыҧқәа рҳәаақәҵареи ахырхарҭала аусура мҩаҧысуеит.

Авакцинациа аан ауаҩы изинқәа иреиҳаӡоу астандартқәа рыхьчара аиқәыршәаразы, акомиссиа аусура далахәып Жәлар рыхьчаҩ. Нино Ломџьариа уажәазы ирыдыркылаз аӡбарақәа аргама рцәыргареи ажәлар аинформациа наӡа рыҭареи аҵакы далацәажәан, ишылҳәаз ала, раҧхьа иргыланы, авакцина рзыҟаҵатәуп зегьы реиҳа ашәарҭа иҭагылоу агәыҧ аиҵанакәа ауааҧсыра.

Аковидвакцинациа апроцесс ҧырхагада амҩаҧгара аиқәыршәара амзызла Аҧыза-министр идҵала еиҿкаау акомиссиа алахәылацәа еиҧҟьарада аусуратә аиҧыларақәа мҩаҧыргоит.


Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзурa