Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2020 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Гьаргь Гахариеи Ровнаг Абдулаеви реиҧылара ашьҭахь аганқәа рнапы зҵарҩыз аиқәшаҳаҭра ала, Қырҭтәыла аимпорттә социалтә газ ахә аоптимизациа азыруеит Print Version

2020-12-17

  ..

Қырҭтәыла Аҧыза-министр Гьаргь Гахариа Азербаиџьан аҳәынҭқарратә анефҭеилахәыра „Сокар" ахада Ровнаг Абдулаев диҧылеит.


Аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәылеи Азербаиџьани реигәыларатә еизыҟазаашьақәеи рпартниорра еиуеиҧшым ахырхарҭақәеи ирылацәажәеит. Зшыҩзышьҭра ҷыда азун „Сокар" ала Қырҭтәыла имҩаҧгоу аинвестициатә проектқәеи ҳаҧхьаҟа аусеицура арҭбаара аперспективақәеи.


Аиҧылараҿы ишазгәаҭаз ала, Қырҭтәылатәи акорпорациеи „Сокари" аҧсабаратә газ аусхкы аҿы қәҿиарала аус еицыруеит. Абри аусеицура абзоурала, атәылаҿы асоциалтә газ ахә аоптимизациа иазку аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит.


Лымкаала, Қырҭтәыла аиҳабыра рыдҵа ала, аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рминистрреи, Агази анефҭи ркорпорациеи, аилахәыра „Сокари" реиҿцәажәара ала, Қырҭтәыла, Азербаиџьанынтә ирмаҷу атарифла аиуеит 200 миллион акубтә метр асоциалтә газ. Асоциалтә газла атәыла аиқәыршәара иазкны 2016 шықәса инаркны амч змоу аиқәшаҳаҭра иалагалоу аҧсахрақәа рнапы рыҵарҩит Қырҭтәыла аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рминистр Наҭиа Турнавеи, Анефҭи агази ркорпорациа агенералтә директор Гьаргь Бахтаӡеи, „Сокар" ахада Ровнаг Абдулаеви. Анапаҵаҩра ацеремониа мҩаҧган Аҧыза-министр иҟны аиҧылара ашьҭахь.


Аиқәшаҳаҭра абзоурала, Қырҭтәыла аиҳабыра, иҵегьы кыраамҭа ауааҧсыра рзы аҧсабаратә газ ахә аҭышәынтәалара рыхьчар рылшоит.


Аиҧылараҿы ишазгәаҭаз ала, „Шаҳ-Денизтәи" агаз Европаҟа амҩангара иазку «Аладатәи агазтә корридор» аҧшьбатәи аетап ахыркәшара ашьҭахь, Қырҭтәыла иалганы иаҳа ирацәаны азербаиџьантәи агаз мҩаныргоит. Иара убас, атәыла, ахатә ҭахрақәа рынагӡаразы, ахә мариала иаҳа ирацәаны азербаиџьантәи агаз аахәара алшоит.

Аҧыза-министр иҟны аиҧылареи аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра ацеремониеи рхы аладырхәит Қырҭтәыла иҟоу Азербаиџьан ацҳаражәҳәаҩ Фаиг Гулиеви, SOCAR ENERGY GEORGIA агенералтә директор Маҳир Мамедови, аинвестициақәеи амаркетинги ахырхарҭала SOCAR ахада Елшад Насырови, SOCAR аинвестициақәа рыҟәша анапхгаҩы Вагиф Алиеви.


Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзурa