Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2020 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак алахәылацәа аепидемиологиатә ҭагылазаашьа аҭышәынтәаларазы аҧкратә уснагӡатәқәа ирымоу анырра иалацәажәеит Print Version

2020-12-16

  ..

Аиҳабыра ишьақәдыргылаз аҧкрақәа ҩымзтәи аплан раҧхьатәи алҵшәақәа атәылаҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа аҭышәынтәаларазы ирымоу анырреи, аинтенсивтә тестирра апрограммаа анагӡареи, уажәазы иҟоу алҵшәақәа рыхьчара апроцесс аҿы аиҭаҵра аизырҳара аҽацәыхьчара аҵаки иалацәажәеит Аҧыза-министр инапхгарала иахьа аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы имҩаҧгаз Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аилатәараҿы.

Аилатәараҿы ишазгәаҭаз ала, аинтенсивтә тестирра апрограммма аҳәаақәа ирҭагӡаны, есымша 20 нызқь раҟара атестқәа рыҟаҵара нарыгӡоит, уи абзоурала, аинфекциа змоу ауааҧсыра ирласӡаны раарҧшреи, рыҧхьакреи, аинфекциа аларҵәара аласра армаҷреи рылшоит. Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак алахәылацәа даҽазнык атәылауаа рахь ааҧхьара ҟарҵеит аҳәынҭқарра ирнаҭо алшара рхы иархәаны, иарбанзаалак ареспиратортә симптомк роур, атест аҟаҵаразы, иашьашәалоу амедицинатә усбарҭа иадҵааларц, атәыла зехьынџьара абри аҩыза 200 иреиҳаны амедицинатә усбарҭақәа иҟоуп.

Аепидемиологцәа ишазгәарҭаз ала, уажәазы иҟоу алҵшәақәа агәыҕра рырҭоит, атәылаҿы афактқәа рпозитивра арбага 19%-нӡа инеихьеит. Аха, аҭагылазаашьа аҭышәынтәалареи афактқәа рмаҷхареи ашьаҭала аҽырҭынчра ҟалом. Убри аҟынтә, Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилаки агәабзиарахьча аспециалистцәеи даҽазнык ауааҧсыра ирыҳәоит Ашықәс Ҿыцтәи аныҳәамшқәа рзы ауаа рацәа рылахәызаара ала аныҳәатә уснагӡатәқәа реиҿкаареи рылахәызареи рҽазырымкырц. Иааиуа Ашықәс ҿыц рҭаацәараҿы иаҧыларц, избанзар аепидемиа аганахьала уажәгьы ашәарҭара ду иҟоуп.

Ахеилак аилатәараҿы даҽазнык иаҵшьны иазгәаҭан уажәазы иҟоу ақәҿиарақәа рыхьчаразы, аҧкрақәа етапла раҧыхра апроцесс гәҽанызаарыла ишымҩаҧгатәу, макьана аиҭаҵра аизырҳара шыҟамло.

Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак алахәылацәа атәылаҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьеи, ишьақәыргылоу аҧкрақәа ирхылҵуа алҵшәақәеи, урҭ рынагӡашьеи, атәыла аекономикатә интересқәеи шьаҭанкыла иҭҵааны, абаланс зызу аӡбарақәа рыдыркылоит.

Иара убас, аиҳабыра рнапхгаҩы идҵала, аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рминистр ахәаахәҭратә обиектқәа рнапхгаҩцәа рҟны аиҧылара мҩаҧылгоит аҧкрақәа рырҧсыҽра апроцесс аан ахархәаҩцәа ахәаахәҭратә обиектқәа рахь ианынарышьҭуа, зда ҧсыхәа иҟам ашәарҭадаратә ҭагылазаашьақәа зегьы рыхьчара еиқәыршәазарц азыҳәан.

Ахеилак аилатәараҿы хшыҩзышьҭра рызун аковидвакцинациа апроцесс ҧырхагада амҩаҧгара амзызла имҩаҧысуа аусурақәеи ари атема иадҳәаланы Аҧыза-министр идҵала иаҧҵаз аусуратә гәыҧ имҩаҧыргаз ауснагӡатәқәеи. Абарҭ ауснагӡатәқәа ирыҵанакәеит иаамҭаны авакцианақәа раагареи, аинфраструктуратәи алогистикатә ганахьала ари апроцесс аиҿкаареи. Иара убас, акомиссиа интенсивла аусура иаҿуп зегьы раҧхьа авакцина ззыҟарҵаша агәыҧқәа рҳәаақәҵаразы акритериқәа рышьақәыргылара ахырхарҭалагьы. Иара убас, ахеилак алахәылацәа атәылаҿы иҟоу адаҷ хьшәашәа асистемагьы иалацәажәеит. Лымкаала, Ачымазарақәа рхылаҧшреи ауаажәларратә гәабзиареи амилаҭтә центр аинформациа инақәыршәаны, -20 градус ала аус зуа архьшәашәагатә системақәа амуниципалитетқәа рҿы иҟоуп, атәылаҿы -70-80 градус ала аус зуа 40 раҟара архьшәашәагақәа иҟоуп, иҵегьы иакымкәа архьшәашәагақәа аархәараны иҟоуп, убри ашьҭахь ақалақь дуқәа рҿы абри асистемагьы еиҿказаауеит. Ахеилак алахәылацәа атәылаҿы адаҷ хьшәашәа асистема арҕәҕәара иазкны аӡбара рыдыркылеит. Авакцинациазы аҽазыҟаҵаратә усурақәа ахыркәшаранӡа инеихьеит. Ишдыру ала, COVAX аплатформа инаваргыланы, жәларбжьаратәи апартниорцәеи авакцина ҟазҵо аилахәырақәеи рҟны активла аиҿцәажәаарақәа мҩаҧысуеит. Ари апроцесс активла иалахәып Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрреи аҳәаанырцә иҟоу Қырҭтәыла адипломатиатә миссиақәеи.

Ахеилак алахәылацәа инарҭбаау аинформациа роуит агоспитальтә сектор аҿы аиарҭаҭыҧқәа рыҟазаара аганахьала аҭагылазаашьеи иацҵаны ареанимациатә ҭыҧқәеи амедицинатә аибыҭареи ала аиқәыршәаразы имҩаҧысуа аусуреи иазкны. Ишазгәаҭаз ала, аклиникатә сасааирҭақәа қәҿиарала аус руеит, Аҧыза-министр идҵала, уаҟа атерапиатә елементқәа ирҕәҕәоуп, аҵәыҵәри ала апациентцәа реиқәыршәара аганахьала изакәызаалак проблемак иҟам.

Аилатәараҿы ишазгәаҭаз ала, аклиникатә сасааирҭа дуқәа русура иахылаҧшуеит аконкреттә клиникақәа, убри абзоурала, уахь инагоу апациентцәа зегьы еиҧҟьарада амедицинатә хылаҧшра аҵаҟа иҟоуп, ахақьымцәа дара ргәабзиара аҭагылазаашьа иахылаҧшуеит.

Даҽазнык иаҵшьны иазгәаҭан аиҳабыра ишьақәдыргылаз аҧкрақәеи абжьагарақәеи зегьы хымҧада ишынагӡатәу, урҭ рыбжьара, асоциалтә дистанциа ахьчареи асабрадақәа рныҟәгареи.

Ҩымзтәи аплан аҳәаақәа ирҭагӡаны ишьақәыргылоу аҧкрақәа рынагӡара аганахьала имҩаҧгоу ауснагӡатәқәа ирылацәажәеит аҩныҵҟатәи аусқәа рминистри Аџьаус аҭагылазаашьақәа ргәаҭара адепартамент аиҳаби. Лымкаала: азинхьчаҩцәа имҩаҧырго амониторинг иалҵшәаны, аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла аарҧшуп атәыла зехьынџьара ишьақәыргылоу аҧкрақәа реилагара 712 фактқәа.

Аполициа аусзуҩцәа, аполициа аусзуҩцәа аҽыҧхьакра ма акарантин аҧҟара аилагаразы 88-ҩык ахараҧса рықәырҵеит. Ахараҧса зқәырҵаз иреиуп асааҭ 21:00 инаркны шьыжьымҭан асааҭ 05:00нӡа аиҭаҵразы ишьақәыргылоу аҧкра еилазгаз ауааҧсырагьы. Иара убас, аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла асабрада аныҟәгара аҧҟара еилазгаз 624-ҩык ахараҧса рықәырҵеит.

Қырҭтәыла аџьаус аинспекциеи, ахашәалахәтә маҵзуреи, афатәаалыҵ амилаҭтә агентреи аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла 195обиектқәа гәарҭеит, урҭ рҟынтә, апревенциа амзызла, 119 обиектқәа аҩырала ма ҿырәҳала агәҽанҵара рыҭан. Еиҭагәаҭоуп 45 обиектқәа, урҭ рҟны аилагарақәа аарҧшым. Агәҽанҵара зауз 31 обиектқәа реиҭагәаҭара аан ишышьақәыргылаз ала, арҭ аобиектқәа аҧҟарақәа зегьы нарыгӡоит.

Ахеилак алахәылацәа адунеи аҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьагьы иалацәажәеит. Ишазгәаҭаз ала, адунеи аҿы акоронавирус ҿыркааит 74 миллионҩык раҟара, урҭ рҟынтә аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп 587 000-ҩык ауааҧсыра, 1.641 миллионҩык апациентцәа иҧсит.

Атәылаҿы акоронавирус аларҵәара ианалага инаркны иахьанӡа авирус ҿыркааит 198 387-ҩык ауааҧсыра, урҭ рҟынтә 167 281-ҩык ачымазара иалҵхьеит, 1922-ҩык апациентцәа иҧсит.

Уажәазы акарантин аҿы иҟоуп 622-ҩык, аклиникатә сасааирҭақәа рҿы - 2461-ҩык, астационар аҿы - 6721-ҩык апациентцәа.

Аҧыза-министр инапхгарала аус зуа Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аусура активла иалахәып Қырҭтәыла апарламенти атәыла ахада лусмҩаҧгарҭеи.


Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзурa