Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2020 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак алахәылацәа аҧкратә уснагӡатәқәа раҧхьатәи рылҵшәақәеи ишьақәыргылоу аҧкрақәа рынагӡашьеи иалацәажәеит Print Version

2020-12-14

  .

Аиҳабыра ишьақәдыргылаз аҧкрақәа ҩымзтәи аплан анагӡара алагара инаркны иахьанӡа аепидемиологиатә ганахьала иҟоу алҵшәақәеи, аинтенсивтә тестирра апрограмма амҩаҧгашьеи, авакцинациа аетап азы аҽазыҟаҵаратә процесси ирылацәажәеит Аҧыза-министр Гьаргь Гахариа инапхгарала иахьа аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы имҩаҧгаз Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аилатәараҿы.


Аилатәраҿы ишазәгаҭаз ала, аинтенсивтә тестирра аҳәаақәа ирҭагӡаны, есымша 20 нызқь раҟара атестқәа ҟарҵоит, иҳаҩсыз амчыбжь азы иҟаз алҵшәақәа бзиан, атәылаҿы афактқәа рпозитивра арбага 22-23% иаҟарахеит. Аепидемиологцәа ишазгәарҭаз ала, уажәазы ишьақәыргылоу аҧкрақәа аепидемиологиатә ҭагылазаашьа аҭышәынтәалара иацхраауеит, дара ишырҳәаз ала, уажәтәи алҵшәақәа рыхьчаразы агәҽанызаара ду аарҧшуп, иаразнак аиҭаҵра аизырҳара ҟалом. Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак алахәылацәа атәылаҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьеи, ишьақәыргылоу аҧкрақәа ирхылҵуа алҵшәақәеи, урҭ рынагӡашьеи, атәыла аекономикатә интересқәеи шьаҭанкыла иҭҵааны, абаланс зызу аӡбарақәа рыдыркылоит.


Даҽазнык иаҵшьны иазгәаҭан аиҳабыра ишьақәдыргылаз аҧкрақәеи абжьагарақәеи зегьы хымҧада ишынагӡатәу, урҭ рыбжьара, асоциалтә дистанциа ахьчареи асабрадақәа рныҟәгареи. Аспециалистцәа рҳәамҭала, аҧкрақәа шышьақәыргылоугьы, аҭагылазаашьа аҭышәынтәалареи ачымазаҩцәа рхыҧхьаӡара аиҵатәреи азыҳәан аҵакы ҷыда амоуп асабрадақәа рныҟәгара аҧҟара, иахьазы атәылаҿы асабрадақәа рныҟәгара арбага 65% иаҟароуп, ари арбага, хымҧада 90-95%-нӡа ишьҭыхтәуп, уи аепидемиологиатә ҭагылазаашьа аиҕьтәра иацхраауеит.


Ҩымзтәи аплан аҳәаақәа ирҭагӡаны ишьақәыргылоу аҧкрақәа рынагӡара аганахьала имҩаҧгоу ауснагӡатәқәа ирылацәажәеит аҩныҵҟатәи аусқәа рминистри Аџьаус аҭагылазаашьақәа ргәаҭара адепартамент аиҳаби. Лымкаала: азинхьчаҩцәа имҩаҧырго амониторинг иалҵшәаны, аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла аарҧшуп атәыла зехьынџьара ишьақәыргылоу аҧкрақәа реилагара 878 фактқәа.
Аполициа аусзуҩцәа, административтә зинеилагарақәа ркодекс иашьашәаланы, 85ҩык ахараҧса рықәырҵеит.


Ахараҧса зқәырҵаз иреиуп асааҭ 21:00 инаркны шьыжьымҭан асааҭ 05:00-нӡа аиҭаҵразы ишьақәыргылоу аҧкра еилазгаз ауааҧсырагьы. Иара убас, аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла асабрада аныҟәгара аҧҟара еилазгаз 793-ҩык ахараҧса рықәырҵеит.


Қырҭтәыла аџьаус аинспекциеи, ахашәалахәтә маҵзуреи, афатәаалыҵ амилаҭтә агентреи аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла 382 обиектқәа гәарҭеит. Раҧхьаӡа акәны игәаҭаз 340 обиектқәа рҟынтә 268 ҿырҳәала ма аҩырала агәҽанҵара роуит; еиҭагәаҭоуп 42 обиектқәа, урҭ рҟынтә 32 обиектқәа аус руан аҧҟарақәа зегьы рыхьчара ала; 7 обиектк аус руам, аҽыҧхьакра ма акарантин аҧҟара аилагаразы 3 обиектк ахараҧса рықәырҵеит.


Ахеилак аилатәараҿы хшыҩзышьҭра рызун аковидвакцинациа апроцесс ҧырхагада амҩаҧгара амзызла имҩаҧысуа аусурақәеи ари атема иадҳәаланы Аҧыза-министр идҵала иаҧҵаз аусуратә гәыҧ имҩаҧыргаз ауснагӡатәқәеи. Ишдыру ала, COVAX аплатформа инаваргыланы, жәларбжьаратәи апартниорцәеи авакцина ҟазҵо аилахәырақәеи рҟны активла аиҿцәажәаарақәа мҩаҧысуеит. Ари апроцесс активла иалахәып Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрреи аҳәаанырцә иҟоу Қырҭтәыла адипломатиатә миссиақәеи.


Ахеилак алахәылацәа инарҭбаау аинформациа роуит агоспитальтә сектор аҿы аиарҭаҭыҧқәа рыҟазаара аганахьала аҭагылазаашьеи иацҵаны ареанимациатә ҭыҧқәеи амедицинатә аибыҭареи ала аиқәыршәаразы имҩаҧысуа аусуреи иазкны. Ҷыдала иазгәаҭан аклиникатә сасааирҭақәа рроль, Аҧыза-министр идҵала, уаҟа атерапиатә елементқәа ирҕәҕәоуп, аҵәыҵәри ала апациентцәа реиқәыршәара аганахьала изакәызаалак проблемак иҟам.


Аилатәараҿы ишазгәаҭаз ала, аклиникатә сасааирҭа дуқәа русура иахылаҧшуеит аконкреттә клиникақәа, убри абзоурала, уахь инагоу апациентцәа зегьы еиҧҟьарада амедицинатә хылаҧшра аҵаҟа иҟоуп, ахақьымцәа дара ргәабзиара аҭагылазаашьа иахылаҧшуеит.

Ахеилак алахәылацәа адунеи аҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьагьы иалацәажәеит. Ишазгәаҭаз ала, адунеи аҿы акоронавирус ҿыркааит 73 миллионҩык иреиҳаны, урҭ рҟынтә аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп 700 000ҩык ауааҧсыра, 1.6миллионҩык апациентцәа иҧсит.


Атәылаҿы акоронавирус аларҵәара ианалага инаркны иахьанӡа авирус ҿыркааит 191 063-ҩык ауааҧсыра, урҭ рҟынтә 161 681-ҩык ачымазара иалҵхьеит, 1839-ҩык апациентцәа иҧсит.


Уажәазы акарантин аҿы иҟоуп 986-ҩык, аклиникатә сасааирҭақәа рҿы - 2886-ҩык, астационар аҿы - 6912-ҩык апациентцәа.


Аҧыза-министр инапхгарала аус зуа Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аусура активла иалахәып Қырҭтәыла апарламенти атәыла ахада лусмҩаҧгарҭеи.



Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзурa