Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2020 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Аҧыза-министр Гьаргь Гахариа агәабзиарахьчара аекспертцәа дырҧылан, аиҳабыра еиқәдыршәаз ҩымзтәи аплан аҳәаақәа ирҭагӡаны ишьақәыргылоу аҧкрақәеи аинтенсивтә тестирра апрограмма қәҿиарала амҩаҧгареи, акоронавирус ахылаҧшра аганахьала адунеи аҿы иҟоу атенденциақәеи дрылацәажәеит Print Version

2020-12-10

  .

Қырҭтәыла аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иазҧхьагәаҭаны, аиҳабыра еиқәдыршәаз ҩымзтәи аплан аҳәаақәа ирҭагӡаны ишьақәыргылоу аҧкрақәеи аинтенсивтә тестирра апрограмма қәҿиарала амҩаҧгареи, акоронавирус ахылаҧшра аганахьала адунеи аҿы иҟоу атенденциақәеи ирылацәажәеит Қырҭтәыла Аҧыза-министр Гьаргь Гахариеи агәабзиарахьчара усхкы аекспертцәеи реиҧылараҿы.

Аҳәаанырцә аус зуа агәабзиарахьчара аепкспертцәа Аҧыза-министр изеиҭарҳәеит дара аус ахьыруа атәылақәа рҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иазкны. Дара ишырҳәаз ала, заанатәи адыррақәа инрықәыршәаны, Қырҭтәыла ишьақәыргылаз аҧкрақәа алҵшәа рхылҵит ҳәа уҳәаратәы иҟоуп. Атәылаҿы аиҭаҵра аиҵатәреи аинтенсивтә тестирра амҩаҧгареи абзоура, аҭагылазаашьа еиҕьхап ҳәа игәыҕуеит. Агәабзиарахьчра аусхкы аекспертцәа ишазгәарҭаз ала, жәларбжьратәи апрактика инақәыршәаны, аҧкрақәа зегьы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иазҧхьагәаҭаны, етапла, гәҽанызаарыла иҧыхтәуп, избанзар аиҭаҵра аизырҳара ашәарҭара ацуп.

Атәылаҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьеи азҧхьагәаҭарақәеи дрылацәажәеит ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр анапхгаҩы Амиран Гамҟрелиӡе. Иара ишазгәеиҭаз ала, аепидемиологиатә ҭагылазаашьеи, аинтенсивтә тестирра апрограмма анагӡашьеи, агоспитальтә сектор аҿы аҭагылазаашьеи есымчыбжь ахәшьара арҭоит, абри анализ ашьаҭа ала анеҩстәи ауснагӡатәқәа ирызкны аӡбара рыдыркылоит. Амиран Гамҟрелиӡе ишиҳәаз ала, иахьазы атәыла зехьынџьара есымша 20 000 аҟара атестқәа ҟарҵоит, атәылаҿы 27 000ҩык раҟара активтә чымазаҩцәа иҟоуп, урҭ рыхәҭак аклиникатә сасааирҭақәа рҿы ишьҭоуп, уаагьы атерапиатә елементқәа ирҕәҕәоуп.

Иара убас, агәабзиарахьчара аусхкы аекспертцәа ишырҳәаз ала, ауааҧсыра аҧкрақәа зегьы ишахәҭоу еиҧш ирықәныҟәалароуп, аиҳабыра ари апроцесс ҕәҕәала иахылаҧшроуп, ари азҵаара аҵакы ду амоуп, ҷыдала, асабрадақәа рныҟәгареи асоциалтә дистанциа ахьчареи аганахьала. Аиммунолог-аллерголог Биӡина Кулумбегов ишиҳәаз ала, атәылаҿы асабрадақәа рныҟәгара арбага иазҳаит 65%-нӡа, аха, уезгьы, уи иазхом. Ауааҧсыра рҟынтә 90-95% иаркугьы иаартугьы ақәыҧшыларақәа рҿы асабрадақәа ныҟәыргалар, атәылаҿы авирус ҿызкаауа ауаа рхыҧхьаӡара амаҷхара иалагоит, етапла аекономика аартра рылшоит. Иара иажәақәа рыла, аепидемиологиатә ҭагылазаашьа аҭышәынтәалара амзызла, европатәи атәылақәа рацәа аҧкрақәа рырџьбара ма рааныжьразы аӡбара рыдыркылеит.

Агәабзиарахьчара аусхкы аекспертцәа ргәаанагарала, аклиникатә сектор иаҳа еиҕьны аусура алшарц, зегьы реиҳа амедицинатә цхыраара зҭаху, ҷыдала зҭагылазаашьа цәгьоу апациентцәа ахәыштәырҭақәа рҿы рхәышәтәра алшара иҟазарц азыҳәан, аҧкратә уснагӡатәқәа хымҧада инагӡатәуп. Дара ражәақәа рыла, ҳаҧхьаҟа аҭагылазаашьа аҭышәынтәаларазы аҵакы ду амоуп ишьақәыргылоу аҧкрақәеи аинтенсивтә тестирреи ирхылҵуа алҵшәақәа рыхьчара.

Аҳабыра рнапхгаҩы ишазгәеиҭаз ала, аҵакы ду амоуп аекономика излауа ала имаҷны азарал азаагареи, егьи аганахьала, ауаа рыҧсҭазаареи ргәабзиареи ахьчара амзызла авирус аларҵәара адинамика қәҿиарала ахылаҧшреи.

Аиҧылара рхы аладырхәит Қырҭтәыла авице-аҧыза, арегионалтә аҿиареи аинфраструктуреи рминистр Маиа Цқьитишвилии, агәабзиарахьчара аминистр Екатерина Тикараӡеи, афинансқәа рминистр Иване Маҷавариании, Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҿкаау Аоперативтә штаб аиҳабы Алеқандр Хоџьеванишвилии. Адискуссиа иалахәын ачымазарақәа рхылаҧшреи ауаажәларратә гәабзиареи амилаҭтә центр адиректор Амиран Гамҟрелиӡеи, ацентр адиректор ихаҭыҧуаҩ Паата Имнаӡеи, агәабзиарахьчара аусхкы аексперт Акаки Зоиӡеи, аиммунолог-аллерголог Биӡина Кулумбегови. Авидеоконференциа арежим аҿы аиҧылара рхы аладырхәит амедицинатә ҵарадыррақәа рдоктор, аҳақьым Гьаргь Гоцаӡеи, Швеицариантә - агәабзиарахьчара азҵаарақәа рзы ЕАР амаӡаныҟәгаҩ хада ибжьагаҩ Гьаргь Ҧхакаӡеи, Естониантә - Норвегиатәи аҳра агәабзиарахьчара аминистрра абжьагаҩ хада Заза Ҵереҭелии, Американтә - Миссисипитәи ауниверситет апрофессор Зураб Гурулии Сиетл аус зуа аҳақьым, ахәыҷтәы реаниматолог Омар Чиқовании.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзурa