Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2020 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Аҧыза-министр Америка аус зуа, аха, акоронавирус ахылаҧшраҿы атәыла ацхрааразы Қырҭтәылаҟа ихынҳәыз ақырҭуа ҳақьым Давиҭ Мрелашвили диацәажәеит Print Version

2020-12-09

  ..

Қырҭтәыла Аҧыза-министр Гьаргь Гахариа, авидеоконференциа аформат аҿы, Америка аус зуа ақырҭуа ҳақьым Давиҭ Мрелашвили диацажеит. Зыӡбахәы ҳәоу аҳақьым акоронавирус ахылаҧшраҿы атәыла дацхраарц азыҳәан Қырҭтәылаҟа дхынҳәны, Кахеҭи арегион аҿы аҩны зҽызыхәшәтәуа апациентцәа рхылаҧшра далахәып.

Гьаргь Гахариа Давиҭ Мрелашвили абри аҽазышәаразы ҭабуп ҳәа иаҳәаны, ишазгәеиҭаз ала, иара имоу аҧышәа арегионқәа зегьы рҿы ахархәара амазароуп, избанзар апациентцәа рхылаҧшра апроцесс аҿы раҧхьатәи агәабзирахьчара акомпонент аҵакы ду амоуп.

Уажәтәи аетап азы Давиҭ Брелашвили Кахеҭи арегион аҿы ҽнакала 1500-ҩык раҟаара апациентцәа дырхылаҧшуеит, иара инаиваргыланы ари апроцесс иалахәып аҭаацәаратә ҳақьымцәеи, арезидентцәеи, астудентцәеи. Апациент цыҧхьаӡа иҭагылазашьа онлаин платформаҿы иарбоуп, убри абзоурала, аҭаацәаратә ҳақьымцәа еиҧҟьарада апациентцәа рҭагылазаашьа ахылаҧшра рылшоит. Апациентцәа онлаин-режим аҿы аконсультациақәа роуеит.

Аҧыза-министр иҳәамҭала, аиҳабыра рзы аҵакы ду амоуп аҩны зҽызыхәхәшәтәуа апациентцәа рхылаҧшра аиҕьтәреи, убри ала раҧхьатәи агәабзиарахьчара акомпонент арҕәҕәареи. Иара егьырҭ арегионқәа рҿгьы абри апрактика аларҵәара дазыхиоуп. Иахьатәи аиҧылараҿы абри ахықәкы анагӡара иазку аконкреттә шьаҿақәа ирылацәажәеит.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзурa