Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2020 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Аҧыза-министр аклиникатә хылаҧшра агәыҧ алахәылацәа драцәажәеит акоронавирус ачымазара змоу апациентцәа рхылаҧшра апроцесс аиҕьтәреи уи азыҳәан имҩаҧгатәу ауснагӡатәқәеи ирызкны Print Version

2020-11-18

Акоронавирус ачымазара змоу апациентцәа рхылаҧшра апроцесс аиҕьтәреи уи азыҳәан имҩаҧгатәу ауснагӡатәқәеи ирылацәажәеит Қырҭтәыла Аҧыза-министр Гьаргь Гахариеи аклиникатә хылаҧшра агәыҧ алахәылацәеи реиҧылараҿы. Аиҧылара лхы алалырхәит Қырҭтәыла агәабзиарахьчара аминистр Екатерина Тикараӡе.

Аиҧылараҿы ирылацәажәеит аклиникақәа имцхәны рырҭәра амшала аклиникатә хылаҧшра апроцесс аҿы ицәырҵыз апроблемақәеи урҭ рыӡбаразы иҟоу алшарақәеи. 

Аиҧылараҿы ишазгәаҭаз ала, иаҭаху зегьы ҟаҵатәуп агоспитальтә сектор зҭагылазаашьа цәгьоу апациентцәа рыдкылара алшарц азыҳәан. Абри ахықәкы анагӡаразы ахадаратә ҵакы амоуп усҟак зҭагылазаашьа цәгьам апациентцәа аҳақьым ихылаҧшра ала аҩны ма аковид-сасааирҭақәа рҿы рхәыштәра. Аковид-сасааирҭақәа рҿгьы атерапиатә елемент ирҕәҕәоуп, апациентцәа зегьы аҳақьымцәа рхылаҧшра аҵаҟа иҟоуп. Аклиницистцәа ишазгәарҭаз ала, аресурсқәа зегьы излауа ала рационалла рхархәареи аклиникатә хылаҧшра апроцесс аиҕьтәреи азыҳәан, ахәышәтәырҭақәа рышҟа инагатәуп зегьы реиҳа астационар аҿы ахәышәтәра зҭаху, зҭагылазаашьа цәгьоу апациентцәа мацара, дара зда ҧсыхәа рымам амедицинатә цхыраара ҷыда роурц азыҳәан.

Иара убас, авирус аларҵәара уажәтәи аетап азы, апревенциатә уснагӡатәқәас иаанхоит асабрадақәа рныҟәгареи асоциалтә дистанциа ахьчареи.

Аиҧылараҿы даҽазнык иаҵшьны иазгәаҭан Қырҭтәыла аиҳабыра икылкаау аҧкрақәа рышьақәыргылара астратегиа шынарыгӡо, асистематә „локдаунқәа" рышьақәыргылара ргәы ишҭам.

Гьаргь Гахариа аклиникатә хылаҧшра агәыҧ ахаҭарнакцәа, аҳақьымцәеи амедицинатә персонали акоронавирус ала ичмазаҩу апациентцәа рхылаҧшра апроцесс аҿы иҟарҵо алагала ду азыҳәан ҭабуп ҳәа реиҳәеит.

Аҧыза-министр ишазгәеиҭаз ала, аиҳабыра, рнапаҿы иҟоу алшрақәа зегьы рхы иадырхәоит аклиникатә гәыҧ иаҳа еиҕьны ари апроцесс ахылаҧшра рылшарц азыҳәан.

Аиҧылара рхы аладырхәит авице-аҧыза Маиа Цқьитишвилии афинансқәа рминистр Иване Маҷавариании.

Иара убас, аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы онлаин арежим ала имҩаҧгаз аиҧылара ихы алаирхәит аклиникатә гәыҧ анапхгаҩы, Аинфекциатә патологиеи АСПИди, аклиникатә иммунологиеи ацентр агенералтә директор Ҭенгиз Церцваӡе. Уи адагьы, авидеоконференциа аформат аҿы имҩаҧгаз адискуссиа далахәын Америка аус зуа ақырҭуа ҳақьым Зураб Гурули.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзурa